Аԥсны аԥшаара иалагоит ажәытә уаҩ ишьҭамҭа

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа амҩаԥгара иалагоит Хәаԥ ақыҭан иҟоу Мачагәа иҳаԥи аҟни, Иашҭхәа ақыҭа апалеолитикатә гыларҭа аҭыԥ аҟни ажрақәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥснытәии урыстәылатәии аҵарауаа рархеологиатә експедициа аусура иалагеит Аԥсны ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор, археолог Аркади Џьапуа.

Аекспедициа иахықәкы хаданы иҟоуп Хәаԥ ақыҭан иҟоу Мачагәа иҳаԥи Иашҭхәа ақыҭантәи апалеолиткатә гыларҭа аҭыԥи рыҭҵаара.

Урыстәылатәи аекспедициа алахәыла, апалеолит аусхк аҟны азанааҭуаҩ Сергеи Кулаков Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала аусурақәа амҩаԥысра иалагахьеит Мачагәа иҳаԥы аҟны. Уаанӡа ари аҳаԥы ҭиҵаахьан иеицырдыруа археолог, Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа.

"Ҳара имҩаԥаагоит аҳаԥы анаукатә ҭҵаара, Хәаԥ иахьаҵанакуа ашьхараҿы иеизаагоит аҿырԥшқәа. Аекспедициа амҩаԥгара аидеиа цәырҵижьҭеи акырҵуеит. Мушьни Хәарцкьиа  90–тәи ашықәсқәа рзы арахь сааиԥхьахьан, аха ҳара усҟан ҳагәҭакы ҳахьымӡеит. Уажәы, лшарак шааҟалаз еиԥш аусурақәа хацҳаркит" — иҳәеит иара.

Мачагәа иҳаԥы аҭҵаара аихшьаалак аҳасабала Мушьни Хәарцкьиеи иҩызцәеи иркьыԥхьхьан амонографиа.

Иахьазы археологцәа планны ирымоуп хәҭаҷқәак, ҳаамҭазтәи атехникатә хархәагақәа ахрархәарала, рышьақәырӷәӷәара.

Иашҭхәа ақыҭан аҵарауаа иргәиҭоуп ашурфқәа рыҵаҵара, хықәкынгьы ирымоуп ажәытәтәи ауаҩы игыларҭа аԥшаара – иҳәеит А. Џьапуа.

"Аматериал рацәаны еизгоуп, уажәы иҭаҩтәуп досу дара ахьаарԥшхаз. Аҭыԥ бзианы иҭҵаатәуп, аҿысҭы аарԥштәуп. Уи иаҳнарбар алшоит аамҭа. Ҳара еилаҳкаароуп иарбан ҭыԥҵәҟьоу иахьыҟоу ауаҩы игыларҭа. Аус рацәаны иутәуп, аҿысҭаҿы археологиатә материалқәа аарԥштәуп, ашурфқәа рацәаны иҵаҵатәуп", иазгәеиҭеит иара.

Аҵарауаа иргәиҭоуп еиҳа изламкьысыц аҭыԥқәа рыԥшаара, урҭ рҟноуп еиҳа иахьубарҭахо ауаа рыԥсҭазаара ашьҭақәа рацәаны, иҳәеит Сергеи Кулаков.

Археологцәа рыдагьы аекспедициа иалахәуп агеохимиеи апалеоботаникеи русхкқәа рҟны аҟазацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0