Аԥсны иҭырҵаауеит ачымазара бааԥсқәа ирҿагыло ахәшәқәа

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны иҭырҵаауеит ачымазара бааԥсқәа ирҿагыло ахәшәқәа
Аԥсны иҭырҵаауеит ачымазара бааԥсқәа ирҿагыло ахәшәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
НИИЕПиТ аҵарауааи урыстәылатәи афармацевтикатә фирмеи имҩаԥыргоит ахәтәы С, акьыбачымазара, аԥшачымазара реиԥш иҟоу ачымазарақәа ирҿагыло ахәшәқәа рыҭҵаара.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аексперементалтә патологиеи атерапиеи рнаукаҭҵааратә институт аусзуҩцәа имҩаԥыргоит ахархәара ҭбаа змоу ахәшә аԥышәара ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аинститут адиректор Зураб Амқәаб.

Хәышықәса ирықәуп аинститути ахәшә ҿыцқәа ҭызҵаауа урыстәылатәи афармацевтикатә фирмеи аус еицыруеижьҭеи иҳәеит аҵарауаҩ.

"Ахәшә аклиникаҟны инанагаанӡа амҩа ду ианысуеит. Аԥхьа агәаҭарақәа мҩаԥыргоит аҳәынаԥқәа рҟны, нас – амаамынқәа рҟны, уи ашьҭахь ауп ауаа рҟны ианнарго. Ааигәа ҳара иаагеит 50 маамын – иавантәи амакакақәа. Ажьырныҳәамзанӡа дара рҟны имҩаԥыргалоит аклиникаԥхьатәи аҭҵаарақәа", — иҳәеит Амқәаб.

Апрепарат рзынархоуп  еиуеиԥшым, ахәтәы С, акьыбачымазара, аԥшачымазара реиԥш иҟоу ачымазарақәа.

Аинститут аҟны имҩаԥырго аклиникаԥхьатәи аҭҵаарақәа иаадырԥшуеит апрепарат ахымҩаԥгашьа, ахархәараан ицәырҵыр зылшо аԥырхагарақәа, азгәеиҭеит Амқәаб.

Иаагаз амаамынқәа мызкы иазынаԥшуа иҭакны иҳаман. Убри ашьҭахь аинститут аусзуҩцәа дара ргәабзиара иныҭкааны агәаҭара иалагеит.

"Уажәазы, аексперимент ҳалагаанӡа, апрепарат рылаҳҵаанӡа ҳара игәаҳҭароуп ргәабзиара аҭагылазаашьа. Уи аҭахны иҟоуп ушьҭантәи рҭагылазаашьа агәаҭаразы, аиҿырԥшразы. Абиохимиа, аиммунологиатә анализқәа, ашьа азеиԥш анализ, аелектрокардиаграмма реиԥш иҟоу аметодқәа ҳхы иаҳархәоит. Есыҽны аветеренартә ҳақьым аԥстәқәа ргәаҭара мҩаԥигоит", — еиҭалҳәеит аексперимент анапхгаҩы, алаборант еиҳабы Аԥсуана Џьелиа.

Лара лажәақәа рыла амаамынқәа ирласны ауаа ирышьцылоит, имҩаԥырго апроцедурақәагьы иара убас. Аексперимент анхыркәшахалакгьы аԥстәқәа апитомник аҟны иааанхоит, аветеренартә ҳақьым дырхылаԥшлоит.

Аҟәатәи амаамынқәа рпитомник адунеи аҟны еиҳа зхыҵуа, анаукаҭҵааратә приматологиатә центруп – иаԥҵоуп  1924 шықәса рзы.

Иара ашьаҭала 1957 шықәса рзы иаартын Аексперементалтә паталогиеи атерапиеи рнаука-ҭҵааратә институт. Асовет аамҭақәа рзы уи жәларбжьаратәии аидгылазегьтәии аҵакы аиуит. Аинститут амаҵзуҩцәа иазыҟарҵон амаамынқәа акосмас ахь рыԥырра абиоспутникқәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0