https://sputnik-abkhazia.info/20261117/1067009739.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны агуманитартә форум аиҿкаара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи аҭҵаарадырратәи, аҵаратәи, ауаажәларратәи усхк ахаҭарнакцәеи.Аԥсны ахада... 17.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-17T18:01+0300
2026-11-17T18:01+0300
2026-11-17T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/11/1067009573_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_119765e29133e4cd10702274063fa3ad.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны агуманитартә форум аиҿкаара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи аҭҵаарадырратәи, аҵаратәи, ауаажәларратәи усхк ахаҭарнакцәеи.Аԥсны ахада иазгәеиҭеит атәыла аҿиараҿы асоциалтәи агуманитартәи усхк аҵак ду шамоу.Иара анапынҵа ҟаиҵеит Урыстәыла аҵакыраҿы апрофильтә усбарҭақәеи аструктурақәеи инарыгӡо апрограммақәеи урҭ рԥышәеи Аԥсны ралагалара алыршара ҭырҵаарц.Аҳәынҭқарра ахада иациҵеит, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла асоциалтә цхыраагӡақәа зауа анацәеи, уаанӡа Урыстәылатәи Афедерациаҿы ашәарақәа зауаз азинхьчаратә система уаанӡатәи аусзуҩцәа — атәанчаҩцәеи ртемақәа рылацәажәара актуалра шаиуа.Афорум амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭазы.
Апроект "Аԥсуа бызшәа аԥеиԥш" алахәылацәа адипломқәа ранаршьеит. Аԥшьгамҭа азырхоуп иԥсабаратәым аинтеллект аԥсуа бызшәа аус адулашьа арҵара. Иара Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд адгылара аиуит. 2025 шықәсазы апроект хацлыркит аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналистка Анна Гәниаԥҳа. Лара еиҭалҳәеит апроект 9 мзы рыҩнуҵҟа ишынарыгӡаз. Акоманда зегьы аԥсуа специалистцәа рыла ишьақәгылан, аԥсуа ажәақәа реиҭагара рнапы аларкыр рылшон иаԥҵаз ацҵаҿы зыҽҭазҩыз, изҭахыз зегьы.Апроект иара убасгьы адгылара аиуит Аԥсны ахада Иусбарҭеи, Аҵара аминистрреи, Арепатриациа афонди рҟынтә.
Урыстәыла аомбудсмен лыцхыраара иабзоураны иалыршахеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны Аԥснынтәи Арратә операциа ҷыда алахәыла илахьынҵа аилкаара лҳәеит ареспублика аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа.Лара Москва имҩаԥысуа аомбудсменцәа Жәларбжьаратәи рфорум далахәуп.Омбудсмен лажәақәа рыла, хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭаацәа дахьыҟаз азы ииашоу аинформациа рымамызт. Еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҟынтәи еиҿагылоз адыррақәа аауан: ахаҵа хабарда дыбжьаӡит, ма дхәуп ҳәа дыԥхьаӡан. Лара иазгәалҭеит арратә операциа ҷыда иалахәу рҭаацәарақәа рыцхыраара Урыстәылеиԥш Аԥсынгьы азинхьчаратә институтқәа еиҳа актуалра злоу руснагӡатәқәа ишреиуоу.
Апартиа "Аԥсны акзаара" ахаҭарнакцәа аиҿкаара "Амилаҭқәа рхақәиҭразы!" Ассамблеиа хада рҽаладырхәит.Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Москва, абҵара 14-17 рзы. Иара еиднакылеит Африка, Евразиа, Латынтәи Америка, Карибтәи аӡҭарчы атәылақәа рполитикатә партиа хадақәеи руаажәларратә хеидкылақәеи 60. Апартиа "Урыстәыла акзаара" анаԥхьарала ареспублика иахаҭарнакцәахеит "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы Алхас Барзаниеи аполитхеилак алахәыла Ирина Дочиаԥҳаи. "Аԥсны акзаара" ари аусмҩаԥгатә алахәхара апартиабжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи, жәларбжьаратәи аинырра аҿиареи, аԥышәа аимдареи рзы илшараны иҟалеит.
Аԥсны агуманитартә форум аиҿкаара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи аҭҵаарадырратәи, аҵаратәи, ауаажәларратәи усхк ахаҭарнакцәеи.Аԥсны ахада иазгәеиҭеит атәыла аҿиараҿы асоциалтәи агуманитартәи усхк аҵак ду шамоу.Иара анапынҵа ҟаиҵеит Урыстәыла аҵакыраҿы апрофильтә усбарҭақәеи аструктурақәеи инарыгӡо апрограммақәеи урҭ рԥышәеи Аԥсны ралагалара алыршара ҭырҵаарц.Аҳәынҭқарра ахада иациҵеит, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла асоциалтә цхыраагӡақәа зауа анацәеи, уаанӡа Урыстәылатәи Афедерациаҿы ашәарақәа зауаз азинхьчаратә система уаанӡатәи аусзуҩцәа — атәанчаҩцәеи ртемақәа рылацәажәара актуалра шаиуа.Афорум амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭазы. Апроект "Аԥсуа бызшәа аԥеиԥш" алахәылацәа адипломқәа ранаршьеит. Аԥшьгамҭа азырхоуп иԥсабаратәым аинтеллект аԥсуа бызшәа аус адулашьа арҵара. Иара Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд адгылара аиуит. 2025 шықәсазы апроект хацлыркит аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналистка Анна Гәниаԥҳа. Лара еиҭалҳәеит апроект 9 мзы рыҩнуҵҟа ишынарыгӡаз. Акоманда зегьы аԥсуа специалистцәа рыла ишьақәгылан, аԥсуа ажәақәа реиҭагара рнапы аларкыр рылшон иаԥҵаз ацҵаҿы зыҽҭазҩыз, изҭахыз зегьы.Апроект иара убасгьы адгылара аиуит Аԥсны ахада Иусбарҭеи, Аҵара аминистрреи, Арепатриациа афонди рҟынтә. Урыстәыла аомбудсмен лыцхыраара иабзоураны иалыршахеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны Аԥснынтәи Арратә операциа ҷыда алахәыла илахьынҵа аилкаара лҳәеит ареспублика аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа.Лара Москва имҩаԥысуа аомбудсменцәа Жәларбжьаратәи рфорум далахәуп.Омбудсмен лажәақәа рыла, хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭаацәа дахьыҟаз азы ииашоу аинформациа рымамызт. Еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҟынтәи еиҿагылоз адыррақәа аауан: ахаҵа хабарда дыбжьаӡит, ма дхәуп ҳәа дыԥхьаӡан. Лара иазгәалҭеит арратә операциа ҷыда иалахәу рҭаацәарақәа рыцхыраара Урыстәылеиԥш Аԥсынгьы азинхьчаратә институтқәа еиҳа актуалра злоу руснагӡатәқәа ишреиуоу. Апартиа "Аԥсны акзаара" ахаҭарнакцәа аиҿкаара "Амилаҭқәа рхақәиҭразы!" Ассамблеиа хада рҽаладырхәит.Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Москва, абҵара 14-17 рзы. Иара еиднакылеит Африка, Евразиа, Латынтәи Америка, Карибтәи аӡҭарчы атәылақәа рполитикатә партиа хадақәеи руаажәларратә хеидкылақәеи 60. Апартиа "Урыстәыла акзаара" анаԥхьарала ареспублика иахаҭарнакцәахеит "Аԥсны акзаара" ахантәаҩы Алхас Барзаниеи аполитхеилак алахәыла Ирина Дочиаԥҳаи. "Аԥсны акзаара" ари аусмҩаԥгатә алахәхара апартиабжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи, жәларбжьаратәи аинырра аҿиареи, аԥышәа аимдареи рзы илшараны иҟалеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/11/1067009573_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_da9d32528df32e3f0f8084e5beccb713.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио