Аминистрцәа алацәажәеит ашыц ықәызхуа ахәац аиааишьас иамоу атәы

© Sputnik Томас ТхайцукАминистрцәа алацәажәеит ашыц ықәызхуа ахәац аиааишьас иамоу атәы
Аминистрцәа алацәажәеит ашыц ықәызхуа ахәац аиааишьас иамоу атәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашыц ықәызхуа ахәац иаҿагылан ақәԥаразы иеиҿкаау акомиссиа аиԥылараан иалацәажәеит иҟоу аҭагылазаашьеи ԥхьаҟа ашыц ахәышәтәразы мҩақәас иҟоуи ртәы.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥшьашаҽны, Аминистрцәа Реилазаараҟны иалацәажәеит Пицунда ашыц зфо ахәаҷа иаҿагылан ақәԥаразы ауснагӡатәқәа актәи аетапи ԥхьаҟагьы имҩаԥгатәу аусурақәеи ртәы.

"Ҳара имҩаԥаагеит инарҭбаау акциа Пицундатәи аҳәырԥсарраҟны. Ашыц ахәышәтәразы ҳхы иаҳархәеит  атехника, иара убасгьы анеира ахьыцәгьаз аҭыԥқәа рҟны – адельтаплан", — иҳәеит Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ареспублика егьырҭ араионқәа рҟынгьы ахәаҷа ашьҭа-мҭа шырбо.

"Адырра ҳауит Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭахьы ахәаҷа ашьҭамҭа рбо ишалагаз, иара убасгьы – Рицатәи аиҩхааҟны", — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Шамиль Адзинба - Sputnik Аҧсны
Шамиль Аӡынба: ашыц зынӡа иаҳцәыӡыр алшоит

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу, аха иара убри аамҭазы макьанагьы ишалшо ахылаԥшра аҭара. Иара убасгьы иҳәеит ахәаҷа ақәхразы иҟоу атехника шазымхо.

Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар иеизаз иреиҳәеит имҩаԥгоу аусурақәа инарымаданы ахәаҷа ахыԥхьаӡара шеиҵахаз.

"Аҭагылазаашьа иубартә еиԥш еиӷьхеит, угәы ҟазҵаша адинамика ҳамоуп, ахәаҷа ахыԥхьаӡара акыр еиҵахеит", — иҳәеит Дбар.

Дбар иажәақәа рыла иҟоу алҵшәақәа еиҳа уаҩы ибарҭахоит мчыбжьык анаҩс.

Шамиль Аӡынба иазгәеиҭеит араионқәа рҟынгьы акомиссиақәа раԥҵара аҭахны ишыҟоу.

Ашыц ахәышәтәра аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 10 рҟынӡа.

Колхидатәи ашыц ахәшәтәра актәи аетап мҩаԥыргеит Пицунда. - Sputnik Аҧсны
Колхидатәи ашыц ахәшәтәра актәи аетап мҩаԥыргеит Пицунда

Ԥшьымш рыҩныҵҟа Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилаки, Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра анапхгареи, Акарантини аҵиаақәа рыхьчареи рзы аҳәынҭқарратә инспекциеи, Пицунда ақалақь Ахадареи имҩаԥыргон ашыц ахәышәтәра.

Аҵлақәа ирықәырҭәон ахимиатә маҭәашьар "Димилин". Иара аԥсаатәи ауаатәыҩсеи рзы шәарҭара амам. Ахәшәқәҭәара мҩаԥыргон адельтапланқәеи атракторқәеи рхархәарала.

Ашыцтә огниовка Аԥсны иаанагеит 2012 шықәсазы Шәачатәи аолимпиада аан. Усҟан Урыстәыла Италиа иаанахәеит апаркқәа рыриаҵәаразы Китаитәи ашыц шьаҭақәа, урҭ ирылан ари аҟанҷгьы.

Колхидатәи мамзаргьы Кавказтәи ашыц реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Азҳара ашьшьы-шьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак ацлоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0