Ахәыҷ чымазаҩцәа рыцхрааразы Аҟәа имҩаԥыргеит агәыҳалалратә аукцион

© Sputnik Томас ТхайцукАукцион
Аукцион - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рыцхрааразы Аҟәа имҩаԥган агәыҳалалратә аукцион.

АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рыдгыларазы Аҟәа имҩаԥган агәыҳалалратә аукцион, амоделиер Русудан Кобиакова лмодақәа рцәыргақәҵа "Принцесса странствий" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аҭиразы иқәыргылан Аԥсны еицырдыруа ауаа, хаҭала Фазиль Искандер, Ахрик Цәеиба, Денис Царгәыш рхатәы маҭәарқәа, рымаҭәа-рҩыҭәа, ркымҭақәа.

Афонд "Ашана" агәыҳалалратә аукцион ари ахәыҷ чымазцәа рыцхрааразы ибзиоу лшамҭоуп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит адизаинер Аида Гыцԥҳа. Лара афонд иалҭеит лотк аҳасабала аексклиузивтә аксессуар — "Букет невесты".

"Сара даара сгәы иахәоит агәыҳалалра аҽалархәразы алшамҭкәа ахьырӡбуа, избанзар зегьы ирылшом ахәыҷқәа афинанстә цхыраара рыҭара. Аха иҳалшо џьара акала лагалак ҳзыҟаҵозар, уигьы акы иаԥсоуп", — лҳәеит лара.

Аукцион алот хада "Золотой Остап", 1995 шықәса рзы Петербургтәи алитература-иумористтә премиа "Игры Доброй воли2 аҟны ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер ианаршьаз, ааихәеит амультимедиатә хаб Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазба.

Иара иажәақәа рыла, Фазиль Искандер ианаршьаз аҳамҭа – ари алитератураҟны аԥсуаа риааира иасимволны иҟоуп.

"Сара исоуз алот аҵак ду сзамоуп. Сара сзы, сыҩны, ауаџьаҟ ахаҟны ари аҩыза асимволтә ҵакы змоу амаҭәар ақәыргылара хьӡы-ԥшак исзаҩызоуп, игәадуроуп. Уи адагьы, Остап сара бзиа избо иумарист хаҿсахьоуп" — иҳәеит Лазба.

Иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит аукцион аҟны еизго аԥара ахәыҷқәа рыхәышәтәра ишазырхахо.

"Сара схаҭа саныхәыҷыз ачымазаара бааԥс аҿагылара сықәшәеит. Агәра згоит иааишьа змам чмазара шыҟам. Зны-зынла ааха зауыз ахәыҷы агәабзиара иоурц азы иазымхо аԥара заҵәык ауп. Абри аус аҟны, ҳәарада, иаҭахуп ацхыраара, адгылара. Еизгахо аԥарақәа нашьҭхоит ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рыцхырааразы. Иахьа аӡәы ицхраазар, уаҵәы даҽаӡәы — агәра игоит инагӡаны, гәырҭәыла аԥсҭазаара дшалахәхо", — иҳәеит Лазба.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рыдгыларазы Аҟәа имҩаԥган агәыҳалалратә аукцион. Аукцион аҟны еизгаз аԥарақәа рыздырхоит ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра.

© Sputnik Томас ТхайцукАукцион
Аукцион - Sputnik Аҧсны
Аукцион

 

Ажәабжьқәа зегьы
0