Лили Ҳагԥҳа: Ҭамара Шьаҟрыл лзы Аԥсны аинтересқәа иреиҳаз егь ыҟамызт

© Foto / предоставила семья Шакрыл Тамара Платоновна Шакрыл.
Тамара Платоновна Шакрыл. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы, аҵарауаҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳаи лареи реибадырреи реиҩызареи аҭоурых атәы. Ҭамара лыԥсы ҭаны дыҟазар цәыббра 2, 2015 шықәса рзы илхыҵуан 89 шықәса.

АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Алингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы, аҵарауаҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лнаукатә усура ганрацәала ишеибаркыз, аԥсуа бызшәа аморфалогиеи асинтаксиси рыҭҵаараҟны лызнеишьа иахьагьы аҽаӡәы ишиламҩашьо.

Лара лажәақәа рыла, аҟазацәа рзы иҷыдоу аинтерес амоуп аԥсуа бызшәаҟны аркьынаа акатегориа иазку лусумҭа.

"Ҭамара Платон-иԥҳа дреиуоуп раԥхьатәи аԥсуа бызшәадырыҩцәа, абызшәатә цәырҵра аҭҵаараан хымԥада ажәа аҩныҵҟатәи аҵаки асемантикеи азыԥхьагәаҭалатәуп ҳәа изыԥхьаӡоз. Лара лаамҭа акыр иаԥылгон", — азгәалҭеит Ҳагԥҳа.

Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лусумҭақәа ҳәарада, аҵыхәтәантәи аамҭаз зметодқәа иншьаҭаркны изыԥсахыз ҳаамҭазтәи алингвистика аконтекст иацәхьаҵымкәа иалоуп ҳәа азгәалҭоит Ҳагԥҳа. Уаанӡа абызшәа аусдҵақәа рахь иаҵанакуазар иара асистема аҭҵаара амацара, уажәы – абызшәазы адыррақәа ахархәара рымазароуп ауаҩытәыҩса ихдырреи, иинтеллекти, ихымҩаԥгашьеи реиԥш иҟоу еиҳа инарҭбаау апроблемақәа раарԥшраҿгьы.

Ҭамара Платон-иҧҳа Шьаҟрыл - Sputnik Аҧсны
Ҭамара Шьаҟрыл лыхьӡ наунагӡатәхоит

"Ҭамареи сареи ҳаибалырдырит лара лаҳәшьа, сара рҵаҩыс исымаз Екатерина Шьаҟрылԥҳа. Сара аҩбатәи акурс аҟны аҵара сҵон. Аҵарашықәс аанҵәаанӡа, ес-хаша, алекциақәа рышьҭахь сара Ҭамара Платон-иԥҳа лахь сныҟәон ҽазыҟаҵара ҳәа. Урҭ ашықәсқәа рзы лара ақырҭуа мчрақәа аԥсуаа рганахь иҟарҵоз ақәыӷәӷәара инадҳәаланы ҿагыларатә акциак аҳасабала аус луамызт", — ҳәа лгәалалыршәоит Ҳагԥҳа.

Рҵаҩык иҳасабала Ҭамара аџьбарара аалырԥшуан аха иара убри аамҭазы дыгәцаракҩын, духӡыӡаауан ҳәа еиҭалҳәоит абызшәадырҩы.

"Лара лассы-лассы ус салҳәалон: "Бара б-Аҷандаратәуп. Асабшаҽны аҩныҟа банцо цқьа бырзыӡыҩрлеи уа ишцәажәо, закә бызшәоу ирҿоу аиҳабацәа" ҳәа. Абас ахырхарҭақәа сылҭон. Зны-зынла сара сеиԥш егьырҭ абызшәа аҭҵааҩцәагьы оумашәа иаабон игәоумҭартә еиԥш иҟаз ниуанск ҳаназхьалырԥшуаз, нас аамҭа анцалак ашьҭахь ҳара ҳхалагь еилаҳкаауа ҳалагон уи ҳзызхьалырԥшыз аҵакы дуны ишамаз. Лара ҳазлырхон абызшәеи ажәлар ркультуреи, рменталитети, рхымҩаԥгашьеи шеизааигәаз, ишеидҳәалаз. Иахьа аҵарауаа иҭырҵаауа лара усҟантәи аамҭазгьы ишыҭҵаатәыз еилылкаахьан", — ҳәа еиҭалҳәоит Ҳагԥҳа.

1977 шықәса инаркны Ҭамара Шьаҟрылԥҳаи Лили Ҳагԥҳаи аус еицыруан Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәшаҟны.

"Ҭамара Платон-иԥҳа лыԥсҭазаараҟны Аԥсны аинтересқәа иреиҳаны акгьы лыргыломызт. Ҳара даҳцәыӡит аҵарауаҩ ду, аҿар рымҩақәҵаҩ, арккаҩы. Ҳара иахьанӡагьы уи лгәыхь ҳзацәымцац. Аилкаара уадаҩуп лҭахара зхароу ауаа ирыхәҭоу иахьақәыршәам, уи аганахьала ҳаргьы акгьы ахьаҳзымдыруа", — азгәалҭеит Ҳагԥҳа.

Ҭамара Шьаҟрылԥҳа еицырдыруа аԥсуа бызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа ркандидат, апрофессор, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы, акыр наукатә статиеи шәҟәи дравторуп. 1955шықәса инаркны Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны рҵаҩы еиҳабыс дыҟан, нас аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра раԥхьатәи анапхгаҩыс. Агуманитартәҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут аҟны наукатә усзуҩ еиҳабыс аус луан. Ҭамара Шьаҟрылԥҳа аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла далахәын. 1952 шықәса рзы лара Сталин изылышьҭит иаарту ашәҟәы Аԥсны имҩаԥигоз аполитика даҿагыло.

2004 шықәса абҵара 12 рзы, Аԥсны имҩаԥысуаз атәыла Ахада иалхра иахҟьаз аилаҩеиеиласрақәа раан дыршьит. Владислав Арӡынба Иқәҵарала «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.

Есышықәса, цәыббра ҩба рзы, Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лымшира аҽны, Аԥсны имҩаԥыргоит агәалашәаратә уснагӡатәқәа. Аус лыцызуаз, лҵаҩцәа, дыздыруаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа дахьынхоз аҩны аҟны икыду амемориалтә ӷәы амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0