Апроект "Сара сашәа" аихшьаалатә концерт мҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпроект "Сара сашәа" аихшьаалатә концерт.
Апроект Сара сашәа аихшьаалатә концерт. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио еиҿнакааз апроект "Сара сашәа" аҟны 2015 шықәсазы аиааира згақәаз ашәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт мҩаԥысит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәаҳәаратә проект "Сара сашәа" аихшьаалатә концерт мҩаԥысит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы ахәаша, ԥхынҷкәын 25 рзы.

Апроект "Сара сашәа" аихшьаалатә концерт иалахәын 2015 шықәса аҩнуҵаҟа аԥсуа радио азыӡырҩцәа иреиӷьу ҳәа иалыркааз ашәақәа.  

Ари ахәылԥаз азы рышәаҳәарала ахәаԥшцәа дыргәырӷьеит ашықәс иалагӡаны апроект аҟны актәи аҭыԥқәа аанызкылаз ашәаҳәаҩцәа: Хатуна Ҭарԥҳа, Ильда Кәыҷбериаԥҳа, Анатоли Алҭеиба, Саида Агырԥҳа, Саида Габниаԥҳа уҳәа аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа.

"Иазгәасҭарц сҭахуп ари апроект раԥхьаӡа акәны ишцәырҵыз 2013 шықәсазы. Убри ашықәс инаркны, ҳара иазаҳаӡбеит ашәақәа аԥсышәала ҳажәлар рызнагара, аԥсуа ашәақәа аизҳара рымазарц азыҳәа", — лҳәеит апроект "Сара сашәа" автор, Аԥсуа радио аиҳабы Сусанна Саӡԥҳа.

Сусанна Саӡԥҳа иазгәалҭеит, апроект аиҿкаара ахықәкы хадақәа ишреиуоу аԥсуа бызшәа ашьҭыхра.

"Апроект аԥҟарақәа рыла, азыӡырҩцәа иргәаԥхаз ашәазы рыбжьы рҭиуеит есымза ател аҟынтәи инарышьҭуа асмс ала. Еиҳа ирацәаны абжьқәа зауа, апроек иаиааиуеит", — ацылҵеит уи.

Аиааира згаз ашәаҳәаҩцәа рзы Аԥсуа радио ирызнархиеит аҳамҭа ҷыдақәа. 

"Ари ашықәс азы апроект ахәаԥшҩык иаҳасаб ала салахәуп. Иахьа аиааира згақәаз ашәаҳәаҩцәа ирызку аконцерт мҩаԥысуеит. Сгәы иаанагоит, ашықәс ҿыц аламҭалаз дара аиҳарак ргәы иаахәап ҳәа. Даараӡа иҭабуп ҳәа ласҳәар сҭахуп апроект "Сара сашәа" аиҿкааҩ Сусана Саӡԥҳа. Ҳаамҭазы, асеиԥш иҟоу апроектқәа реиҿкаара даара имариам", — иҳәеит ашәаҳәаҩ Асҭамыр Кәыҵниа.

Апроект "Сара сашәа" ҩы-шықәсоуп имҩаԥысуеижьҭеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0