00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Аҳҭнықалақь аҿы афымцаҳақәеи ашьаҟақәеи рыԥсахра иаҿуп: ахҳәаа
13:49
10 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:25
5 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:25
5 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылауаҩра аиқәыршәаразы Аԥсны атәылауаа рҟынтәи адокументқәа рыдкылара атемпқәа 5-нтә инарзынаԥшуа реизырҳара ргәы иҭоуп жьҭаарамза анҵәамҭазы. Абри атәы ителеграм-канал аҿы иазгәеиҭеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков."Росатом" атехнологиала аиҷаҳаратә технологиақәа рганахьала "Сенеж" аус зуа аспециалистцәа ҩыџьааконсултә ҟәша аусзуҩцәа рыцхырааразы ари аус иадԥхьалоуп.Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арзаҳал алазҵаз рдокументқәа рхарҭәаараан ирыцхраауа аволонтиорцәа нанашьҭит. Абасала, цәыббрамза анҵәамҭазы 400 рҟынӡа арзаҳалқәа аус рыдулара алыршахоит, жьҭаарамза аихшьаалақәа рыла ирыгәҭакуп 600 рҟынӡа арзаҳалқәа аус рыдыруылартә еиԥш аҟаҵара.
Лиосик Аиба Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ақыҭанхамҩа Аинститут адиректорс деиҭалхуп. Аӡбамҭа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум алахәылацәа еицҿакрыла ирыдыркылеит маӡалатәи абжьыҭира аихшьаалақәа инарықәыршәаны. "Лиосик Аиба ареспубликаҿ мацара акәымкәа,Аԥсны анҭыҵгьы ахьӡ-аԥша имоуп, уи иҭҵаарадырратә ԥышәа дуӡӡа жәларбжьаратәи апроектқәа рахь експертк иаҳасабала днаԥхьо имдара иашьҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ Ианварбеи Екба.
Ҭҳәыбын аҳаблаҿ ашьаҟауаҩ илысыз амашьынарныҟәцаҩ дырбаандаҩуп. Ашьаус хацыркуп. Гәылрыԥшь араион АҩАР аусҭҵааратә гәыԥ аусҭҵаара мҩаԥнагоит. Амҩатә машәыр ҟалеит цәыббра 18 асааҭ 18:30 рзеиԥш. Автомашьына Mercedes-Benz аԥсҟы зкыз, 1961 шықәса рзы ииз Алик Ҵәыџьба, ашьаҟауаҩ длысит. Уи иахҟьаны 1959 шықәсазы ииз аԥҳәыс аҭыԥ аҿы лыԥсҭазаара далҵит илоуз аахақәа ирыхҟьаны.
Апатриоттә форум "Аизарҭа ҭыԥ: Аԥсны" аатит Аҟәа.Ҩымштәи апрограммаҿы иҟоуп астол гьежьқәа, апленартә еилатәарақәа, аҭоурыхтә фильмқәа рыхәаԥшра, иара убас аҿари аветеранцәеи ркомандақәа рыбжьара хы-хкыктәи аспорттә еиндаҭларақәа.Афорум идеиа хадас иамоуп абиԥара ҿа аҭоурых иара иалахәылацәоу рхаҭақәа рҟынтәи ираҳартә алшара рыҭара. Аиҿкааҩцәа — Икоммерциатәым Автономтә еиҿкаара "Импакт", "Аԥсны аибашьра аветеранцәа Рассоциациа" аиҿкаара "Аԥсны Ҿа" ацхыраареи Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд адгылареи рыла.
Аԥсуа драматә театр агастрольқәа рахь амҩа иқәлеит.С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр атруппа Шәачантәи Чебоксарҟа иԥрит апроект «Агастроль дуқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны.Чувашиатәи Ареспубликеи Ареспублика Мари Ели рҭаара апрограммаҿы иҟоуп аспектакльқәа ҩба «Аԥҳәысаагара» (цәыббра 26), «Акрал Лир» (цәыббра 28).Апроект нагӡахоит «Росконцерти» Аԥсны акультура Аминистрреи иҟарҵаз афинанстә цхыраарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0