АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амилаҭтә библиотекаҿы аусуҩцәа маҷуп, аштат иацҵатәуп, абри атәы иҳәеит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа ахаша, жәабран 24 рзы.
"Абиблиотека усзуҩык имацара 20 компиутор напхгара рызиҭом, мамзаргьы 100-нызқь рҟынӡа ашәҟәқәа рфонд дзахылаԥшуам. Ҽнак, абиблиотека аусзуҩ 5-10–ҩык рҟынӡа аԥхьаҩцәа рымаҵ иуртә дыҟоуп", — иҳәеит иара.
Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа иахьазы рхыԥхьаӡара наӡоит 59-ҩык рҟынӡа, аха ишахәҭоу еиԥш аус ауразы 127-ҩык рҟынӡа аштат иацҵатәуп, ҳәа агәаанагара имоуп Ҷолариа.
"Ҳара Акультура аминистрреи Аминистрцәа реилазаареи рахь аҳәара ҟаҳҵахьеит, аха уаанӡа Амнмстрцәа реилазаара ирыдыркылаз ақәҵарала атәылаҿы аҳәынҭқарратә аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара еиҵызароуп ҳәа, убри инамаданы абиблиотека аусзуҩцәагьы рхыԥхьаӡара аҽеиҭанамкит. 1995 шықәсазы абиблиотека аштат рмаҷын, усҟан абиблиотека аҭагылазаашьа даара иҽеимызт, убри аҟынтә 91-ҩык аусзуцәа рхыԥхьаӡара 40-ҩык рҟынӡа инаган", — иҳәеит Ҷолариа.
Амилаҭтә библиотека адиректор иазгәеиҭеит, ахыбра аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, ашәҟәқәа рфонд ишацлаз, иҿыцу аиқәыршәара шроуз, аха иҟаз аусзуҩцәа аус рыцура шыцәгьахаз.
"Аколлектив ибзианы аус рызуам, избан акәзар иахьӡаӡом, ахадара иҷыдоу ақәҵара рыдыркылароуп аштат иацаҳҵарц азы. Ҳара ҳхыбра даара ибзиоуп, аиқәыршәарақәа ҳамоуп, аха ауаа ирыхәо иҟаларц азы абиблиотека ишахәҭоу аус аулароуп", — иҳәеит Ҷолариа.
Амилаҭтә библиотекаҿы 2005 шықәсазы аусуҩцәа разырхиарзы алабораториа аартын.
"Абиблиотекатә ҵара змам идҳарҵоит, анаҩс аусура иҳадаҳкылоит", — иҳәеит адиректор.
Аџьынчьтәылатә еибашьра алагаанӡа Аԥсны аус руан 402 библиотека, урҭ рфонд 7,5 миллион шәҟәы ыҟан, иахьа аус руеит 37 библиотека, 1,5 миллион шәҟәы заҵәык роуп иҟоу.
Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит 2012 шықәсазы, ихыркәшан 2015 шықәсазы.
2016 шықәса рзы Аҳәынҭқарратә Милаҭтә библиотека 95 шықәса ахыҵуеит.