ААУ астудентцәа рзы иҿыцу аинтерактивтә лекциақәа рыдгалан

© Sputnik / Илона ХварцкияААУ астудентцәа рзы иҿыцу аинтерактивтә лекциақәа рыдгалан
ААУ астудентцәа рзы иҿыцу аинтерактивтә лекциақәа рыдгалан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны ихацыркхеит ПРООН аҵаратә проект ҿыц, TED talks астиль иақәшәо аԥсуа аналог.

АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҩаша, хәажәкыра 29 рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны ихацыркхеит ПРООН аҵаратә проект ҿыц, TED talks астиль иақәшәо аԥсуа аналог.

2016 шықәса иахьынӡаҵанакуа имҩаԥгахоит еиуеиԥшым атемақәа ирызку жәаба рҟынӡа ӡыргара ҳәа ҳалҳәеит ПРООН ахаҭарнак. Астудентцәа ироуеит алшара ҳаамҭазтәи аинформациа аҭашьа аметодқәа рдырра, ҳаамҭазтәи акоммуникациатә методқәа ахрархәашьа адырра ҳәа азгәарҭеит аиҿкааҩцәа.

Апрограмма раԥхьатәи асас апроект "Горнаиа Абхазиа" автор Ҭенгьиз Ҭарба иакәхеит. Иара ихатәы ԥышәа аҿырԥшала еиҭеиҳәеит ареспублика ашьхараҟны имҩаԥгаз аекспедициа атәы, Аԥсны иуникалтәу аԥсабара шыхьчалатәу атәы.

"Сара сзы аинтерес аҵалеит астудентцәа азҵаара рацәа ахьықәдыргылоз. Даара агәахәара снаҭеит стема ахьыргәаԥхаз. Иара уи акәын иусхаданы исымазгьы. Сгәы иаанагоит ҳаицәажәара хра аиуит ҳәа", — иҳәоит Ҭарба.

ПРООН апрограмматә менеџьер Гаспар Бергман иажәақәа рыла аҵаратә проект ҿыц, TED talks астиль иақәшәо аԥсуа аналогуп. Иара иазыԥхьагәанаҭоит ажәахәҟаҵаҩ ҳаамҭазтәи атехнологиақәа их рархәара, аудиториеи иареи аинтерактивтә еиҿцәажәара рыбжьаҵара. Аԥсны иара хьыӡны иаиуит ААУ talks иҳәеит иара.

"Ишьхатәылоу Аԥсны" аскитуртә маршрут

ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиа лажәақәа рыла ари апроект раԥхьатәим ПРООНи ААУи рыбжьара.

"2013-2015 шықәсқәа рыҩныҵҟа ПРООН имҩаԥнагеит иакымкәа апроектқәа, ААУ аҵаратә процесс адгылара азҭоз. Дара азырхан аҵаратә процесс аиӷьтәра", — лҳәеит Ченгьелиа.

Лара иазгәалҭеит ПРООН аӡыргареи, алацәажәареи, аконференциақәеи рымҩаԥгаразы аудиториа техникала еиқәнаршәеит. Уи адагьы астудентцәа рзы иаԥнаҵеит аелектронтә библиотека. Иара аус адулаҩцәа руаӡәк Давид Коиава ишиҳәо ала аелектронтә библиотека иахьазы иамоуп 201 шәҟәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0