Амцаԥшьхәаҷа ишаҿагылац иаҿагылоуп

© Sputnik Роберт ДжопуаАмцаԥшьхәаҷа иаҿагыланы аусурақәа мҩаԥыргоит.
Амцаԥшьхәаҷа иаҿагыланы аусурақәа мҩаԥыргоит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амцаԥшьхәаҷа иаҿагыланы аусурақәа мҩаԥыргоит Аԥсны агәҭахьҟа.

АҞӘА, мшаԥымза 11 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Изаамҭанытәиу ахимиатә усдулара иаҿуп Аԥсны. Абри атәы ҳкорреспондент иеиҳәеит ареспублика абнанхамҩа аҳәынҭқарратә напхгара абнахьчаҩ еиҳабы Камо Мелкумов.

"Иахьа Шәқәырчатәи ахәҭаҟны ауснагӡатәқәа ҳарҿын. Иара иаҵанакит ЗО гектар рҟынӡа", — иҳәеит Мелкумов.

Авиахимиаусдулара мҩаԥыргоит аверталиот ҷыда МИ-2 ала. Урыстәылатәи афирмақәа руак аҟны арендла иргеит.

© Sputnik Роберт ДжопуаБорьба с самшитовой огневкой
Борьба с самшитовой огневкой  - Sputnik Аҧсны
Борьба с самшитовой огневкой

Абнахьчаҩ хада иажәақәа рыла авиациа ахархәара еиҳа хра аманы ирыԥхьаӡеит ахәаҷа аҿагыларазы.

"Аҭыԥантәи аӷацәа амам. Ишаҭаху иҿиоит. Аҵларҟәыдра рацәак лҵшәа амам. Еиҳа еиӷьуп ҳәа иҳаԥхьаӡеит авиациа ахархәара", — иҳәеит иара.

Камо Мелкумов еиҭеиҳәеит ашыц ықәызхуа амцаԥшьхәаҷа иаҿагыло ауснагӡатәқәа мчыбжьык шыҵуа ирҿуижьҭеи. Гагратәии Гәдоуҭатәии араионқәа рҟны аусурақәа мҩаԥгоуп. Уажәазы Аԥсны агәҭатәи араионқәа рҟны аусурақәа мҩаԥысуеит.

Ахархәара арҭоит "Диамилин" ҳәа изышьҭо ахимиатә маҭәашьар.

© Sputnik Роберт ДжопуаБорьба с самшитовой огневкой
Борьба с самшитовой огневкой - Sputnik Аҧсны
Борьба с самшитовой огневкой

"Амаҭәашьар ззеицәо ахәаҷақәа роуп, аҽа ԥстәык ԥсаатәк иаԥырхагам. Иԥырхагам ауаҩгьы", — иҳәоит иара.

Ареспублика абнахьчаҩ еиҳабы иара убасгьы иазгәеиҭеит авиахимиатә усдулара аԥхарра аныҟоу мацара шакәу ианалшо, избанзар ианыхьҭо ахәаҷақәа ацәа рҽарҭоит.

Ашыцтә мцаԥшьхәаҷа Аԥсныҟа иқәнагалеит Шәачантәи 2012 шықәса рзы, аолимпиада амҩаԥгараан.

Ажәабжьқәа зегьы
0