ГАГРА, мшаԥымза 28 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи алицеи-интернат аҟны еиҿкааз аԥсуа бызшәа амчыбжь ахырқәшара аҽны, Асовет жәлар иргаз Аиааира Ду инадҳәаланы, имҩаԥган Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду зыԥсы ахҭнызҵаз, Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа 100 шықәса ихыҵра инамаданы агәалашәаратә усмҩаԥгатә.
"Угыл атәыла дуӡӡа! Угыл аԥсра уаҿагыл", — еицырдыруа ашәаҟнытә иаагоу абарҭ ажәақәа рыла иаартын Владимир Ҳаразиа 100 шықәса ихыҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы.
Алицеи-интернат ааӡамҭацәа ирыԥхьеит Владимир Ҳаразиа изкыу ажәеинраалақәа, инарыгӡеит амузыкатә композициақәа, апатриоттә ашәақәа.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаан амузыкатә-театралтә цәаҩа аманы. Иқәыргылан Асовет жәлар аибашьра хлымӡаах шалагаз атәы анраҳа, уи ажәабжь еиқәаҵәа шрыдыркылаз узырбоз асценақәа.
Анаҩс еизаз идырбан аибашьра афото архиви, Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа иԥсҭазаареи иеибашьратә мҩеи атәы зҳәоз авидеонҵамҭеи.
Аабатәи акласс аҵаҩы Барас Ҟәыџба аскрипкаҟны инаигӡеит Аԥсны агимн, уи алагьы иршанхеит ахәылԥаз иаҭааз асасцәа.
Иара убас, гәахәара дула иудумкыларц залшомызт агәалашәаратә хәылԥазы иаҭааз асас қәыԥш, Цандрыԥшьтәи актәи абжьаратә аерман школ аҵаҩы Кристина Сериан аԥсышәала иналыгӡаз ашәа "Сызкәахшоу Аԥсынра".
Владимир Ҳаразиа диит ажьырныҳәа 18, 1916 шықәсазы Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан. Владимир Камсагә-иԥа 1941 шықәса аахыс Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду далахәын.
307-тәи абзарбзантә полк, 169-тәи ахысратә дивизиа, а-28-тәи ар Аладатәи-Мрагыларатәи афронт адивизион акомандаҟаҵаҩс дыҟан, алеитенант еиҳабы ичын ихын.
Владимир Ҳаразиа командаҟаҵаҩс дызмаз адивизион, Украина Харковтәи араион ақыҭа Веселое аҟны анемец фашистцәа аҿагылара ӷәӷәа рырҭеит.
Усҟан дара иҭадырхеит аӷа игәылӡтәы техника 30. Владимир Камсагә-иԥа хаҭала иблит аа-танкк.
Абраҟа, лаҵара 16, 1942 шықәсазы дҭахоит Аԥсны аҵеи лаша Владимир Ҳаразиа. Аибашьҩы данҭаха ашьҭахь, ихҵахоит Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы, ианашьахоит "Ахьтәы еҵәа" амедал, иара убас "Аеҵәа ҟаԥшьи" "Ленини" рорденқәа.
Владимир Ҳаразиа анышә дамадоуп Украина, Веселое ақыҭан, аешьаратә ҳаҭгәын аҿы. Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа ихьӡ рыхҵоуп ақыҭа Веселое амҩа хадеи ашколи.
Ихьӡала абаҟа шьақәыргылоуп, дахьиз дахьааӡаз Џьырхәа ақыҭан. Алицеи-интернат ааӡамҭацәа иқәдыргылеит угәы аҵанӡа инеиуаз Владимир Ҳаразиа дышҭахаз атәы иаб иарҳәарц ашәаџьҳәаҩцәа анааиуаз аҟнытә ацыԥҵәахагьы.
Усҟан Владимир иаб Камсагә ииҳәаз ажәақәа ажәлар ирылаҵәеит.
"Оума ҟалама ҷкәынак дҭахеит ҳәа, хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа". Арҭ ацәаҳәақәа иахьа уажәраанӡагьы ҳмилаҭ аҟны ахархәара амоуп. Ус рҳәон, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраангьы, ахьаа иаиааины згәы ҿазҳәаз аҭаацәарақәа.
Агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥган Гагратәи алицеи-интернат аҟны еиҿкаау аԥсуа бызшәеи алитературеи рыкружок "Аҳәынҵәраԥшь" анапхгаҩы, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Марина Папба лаԥшьгарала, уи аҿы ацхыраареи авагылареи лырҭеит арҵаҩцәа Рита Цыгәбеи Мадина Дочиеи алицеи-интернат аиҳабыратәи акласс аҵаҩцәеи.
"71 шықәса ҵуеит аибашьра Дуӡӡа еилгеижьҭеи, аха уи ашьҭа макьана имыӡӡацт. Иахьа ҳара иаҳуалуп, еиҵагыло аҿар рабдуцәеи рабацәеи аџьынџьдгьыл аиқәырхаразы иаадырԥшхьо афырхаҵара атәы араҳәара. Есышықәса Аиааира Ду ҳзаазгаз аибашьра аветеранцәа рхыԥхьаӡара маҷхоит. Сара сыхәҭакахьала, зыԥсы ҭаны иҳавагылоу, ирыдысныҳәалоит иааиуа аныҳәа — Аиааира амш. Ирзеиӷьасшьоит агәабзиареи ашықәс рацәеи. Рмоҭацәа рхаан еибашьра ҟамлааит", — лҳәеит аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Марина Папба.
Гагратәи алицеи-интернат аҟны лассы-лассы абас еиԥш апатриоттә ааӡара иадҳәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥсыуеит.
"Ҳара хықәкыс иҳамоуп милаҭла иаҳааӡо аҿар рыԥсадгьыл ахь абзиабара рыларҵәара. Дарбанызаалак идырроуп иҭоурых. Раҳаҭыр ишьароуп шьала аҭынч ԥсҭазаара аазгаз аибашьцәа рыхьӡ", — ҳәа азгәалҭеит алицеи-интернат аиҳабы Лиана Ԥлиа.
Ҳ-Аԥсны шыхәыҷызгьы, Аџьынџьтәылатә еибашьраан арантәи афронт ахь идәықәлеит 55 нызқьҩык, урҭ рахьтә 900 аҭыԥҳацәа ракәын.
17 430-ҩык азеиԥш џьынџь рхы ақәырҵеит. Наӡаӡа хашҭра рықәым Аиааира Ду ҳзаазгаз аҵеицәа.