Sputnik
Ажурнал "Алашара" аҭыҵра иалагарц азы даара аџьабаа рбеит аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиеи уи иааивагылаз аинтеллигенцеи. Ҳажәлар рҿахәы рҳәартә, ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәеи рыбжьы дыргартә еиԥш органс ирзыҟалеит ажурнал, ҳәа иҳәеит ажурнал аредақтор хада Анатоли Лагәлаа.
"Ажурнал "Алашара" иаразнак илитературатәны, иуаажәларратәны, иполитикатәны иҟалеит. Усҟан, Аԥсны имҩаԥысуаз аполитикатә еибархаррақәа агазеҭ "Аԥсны" ишаныԥшуаз еиԥш, ажурнал "Алашара" ианыԥшуан. Еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа ажурнал аредакциа аҟны иаԥырҵеит иҿымцәаауа ахәышҭаара, иара еиднакылеит иреиӷьӡоу ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа, ажурналистцәа рҩымҭақәа. Ҿыӷәӷәала, иуҳәар ауеит ҳлитература зырцәажәо аҩымҭақәа зегьы ажурнал ашәхымс ихыҵна ауп адунеи шырбаз ҳәа", — иҳәеит аредактор хада.
Ажурнал "Алашара" убас еиԥш иҟоу шәҟәуп — ҳаԥсуа доуҳатә культуразы, ахааназ имыӡуа, еиқәнархоит ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа зегьы, ҳәа ациҵеит уи. Аҭыԥ ӷәӷәа аанакылоит ажурнал еиҵагыло аҿар рызгьы, араҟа ауп алитературахь зшьаҿа еихызго рҩымҭақәа акьыԥхь ахьырбо. Дара рзыҳәангьы аредакциа иаԥнаҵеит апремиа.
"Аҿари, ажурнал аредақциеи аимадара рыман есымшагьы. Исгәалашәоит, Иван Папасқьыр аԥхьажәа бзианы иҩҩны ҳанымҩақәиҵауаз. Ажурнал аҿы ибзиаӡаны ианыԥшуеит аҿар рҩымҭақәа. Аредакторцәа уи аԥхьа иаԥырҵаз атрадициа бзиақәа ирыцҵо иааҳгоит иахьагьы. Аҿар ргәацԥыҳәаны алитература иазаапсарц иацәхьамҵарц азы, аредакциа аусзуҩцәа раԥшьгара иаԥҵоуп апремиақәа хԥа: апрозеи, апоезиеи, акритикеи азы", —азгәеиҭеит Лагәлаа.
Аамҭаказ, апремиа рызкын аиҳабыратә беиԥара, уажәшьҭа аҿар ах –жанрак рыҟны рҩымҭақәа рзы апремиа роуеит.
Аҧсуа сахьаркыратә литература аҿиареи апропаганда азуреи аҿы аҭыҧ ду ааннакылоит ажурнал "Алашара", иара шықәсык ахь ф-номерк ҭыҵуеит.
Иахьазы ажурнал "Алашара" араионқәа администрациақәа рҟынӡа инеиртә еиԥш алшара амоуп. Иара убас, аамҭаказ ажурнал аномер ҿыц анҭыҵлагь ашьҭахь аԥсуа телехәаԥшра аҟны ицон адырраҭара "Ажәа абжьы" ҳәа, уи аамҭала иаанкылоуп. Уи инаваргылан, аԥсуа радио аҟны ес-хаша азыӡырҩцәа ирымоуп алшара ажурнал ианыло иреӷьӡоу аҩымҭақәа рзыӡырҩра.
Алитература-сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә ажурнал "Алашара" раԥхьатәи аредакторс даман Мушьни Аҳашба. Анаҩс, Алықьса Џьонуа, Алықьса Џьениа, Гьаргь Гәыблиа, Никуала Кәҵниа.
2004 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа редакторс дамоуп Анатоли Лагәлаа.