Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция по итогам фестиваля "Стоянка человека"
Пресс-конференция по итогам фестиваля Стоянка человека - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамза 13 инаркны 15 рҟынӡа Аҟәа имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи акультура афестиваль Фазиль Искандер "Ауаҩы игыларҭа". Афестиваль алҵшәақәа рыла аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс центр аҟны имҩаԥган апресс конференциа.

АҞӘА, лаҵарамза 15 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Рашәарамза 13 инаркны 15 рҟынӡа Аҟәа имҩаԥысуан Жәларбжьаратәи акультура афестиваль Фазиль Искандер "Ауаҩы игыларҭа". Афестиваль алҵшәақәа рыла аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс центр аҟны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиаԥҳаи? афестиваль аиҿкааҩцәа Шьазина Агрԥҳаи, Алықьса Шервашиӡе-Чачба алархәны имҩаԥган апресс конференциа.

"Афестиваль раԥхьатәи ашықәс атема Фазиль Искандери акинои, сынтәатәи атема Фазиль Искандер – атеатр ақәыргыламҭақәа, ҳаԥхьаҟа атема алаҳхьеит — уи алитература ауп, аха макьаназ апрограмма еихышәшәо алацәажәара уадаҩуп. Атеатр азы Фазиль Искандер аинтерес зҵоу авторуп, уи аҟнытә сынтәатәи атема машәыршақә иалхымызт. Фазиль Абдул-иԥа ибзоураны ҳаҳҭнықалақь атеатрқәа ҿыц рыԥсы ахалеит, иара ибжьы ала ицәажәон арҭ аҩ-мшык. Афестиваль мҩаԥысуан ҩымш, аҳәаақәа ҭбаан ҳәа сҳәарц сылшоит", — ҳәа лҳәеит акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиаԥҳаи.

Аминистр  иазгәалҭеит аиҿкааҩцәа  рзы афестиваль асҟатәи ахәаԥшцәа  азҿлымҳара ахьарҭаз гәахәара дууп ҳәа.

"Фазиль Искандер иԥсы ҭоуп, иахьа дҳалагылоуп, иара иԥсадгьыл аҟны, илитературатә ҩныҟны ари афестиваль ахьымҩаԥысуа Аԥсны акультуратә ԥсҭазааразы акыр аҵанакуеит. Ҳаԥхьаҟагьы аҳәаақәа арҭбаауеит ҳәа агәыӷра ҳамоуп", — ацылҵеит уи.

Жәларбжьаратәи акультура афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ҭагалан имҩаԥысраны иҟоуп иҩымҭа "Софичка" ала иҭыхыз афильм апремиера. 

Ажәабжьқәа зегьы
0