Леонти Гәымба: ашәаҳәара - ауадаҩрақәа зегьы сыриааиратә еиԥш сарӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны зҽаԥсазтәыз артист, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Леонти Гәымба.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Леонти Гәымба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акыр шықәса инеиԥынкыланы Гәдоуҭатәи акультуратә хан еиҳабыс иҟаз, ашәаҳәаратә ансамбль "Риҵа" инаныгӡо арепертуар аҟынтә ашәақәа жәпакы рыхкы назыгӡоз, иара асахьаркыратә напхгаҩыс иҟаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Леонти Гәымба иахьа иихыҵит 75 шықәса.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Леонти Гәымба ирҿиаратә мҩа шалагаз далацәажәо иҳәоит дшыхәыҷыз инаркны ашәаҳәара дшаҿу, уи ада ԥсҭазаарак ыҟоуп ҳәа дыҟам. Иашәаҳәаратә мҩа ахы хацнаркит иқыҭа гәакьа Дәрыԥшь аҟны, усҟан иара ихыҵуан 15 шықәса.

"Сара убас еиԥш иҟаз аамҭа салиааит ашәаҳәареи акәашареи акырӡа пату анрықәыз. 15 шықәса анысхыҵуаз Дәрыԥшь ақыҭаҿтәи аклуб аҟны раԥхьаӡа асценахь сцәырҵит, усҟан уа еиҿкааны иҳаман ақыҭатә ансамбль, напхгара азиуан Купта Гьерзмаа. Ҳқыҭаҿ ныҳәак, чарак ахьыҟазаалак ааԥхьара ҳарҭон, убысҟак ҳаракыла уи ҳадаҳкылон. Ачараҿ ашәа ҳҳәон, амҩа ҳахьықәызгьы ашәа ҳҳәон, еснагь ашәаҳәаран ҳазҿыз", — ҳәа иҳәоит дахыхәмарны ашәаҳәаҩ.

50-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны қыҭацыԥхьаӡа еиҿкааны ирыман ашәаҳәаратә ансамбльқәа. Дара рылахәын аныҳәақәа зегьы.

"50-тәи ашықәсқәа рзы қыҭацыԥхьаӡа еиҿкааны ирыман ашәаҳәаратә ансамбльқәа. Дара рылахәын аныҳәақәа зегьы. Акультуратә хан аҟны ансамбльқәа рҟазара аҩаӡара ахәаԥшра анымҩаԥыргоз ахшыҩзышьҭра ду арҭон, иалырԥшаауан аҟыбаҩ злаз ашәаҳәаҩцәа. Сгәалашәараҿы иаанхеит 16 шықәса анысхыҵуаз сызлахәыз Қарҭ имҩаԥыргоз "Аԥсны акультура амшқәа" захьӡыз аныҳәа, усҟан уахь иргоз ансамбль анеиҿыркаауаз ашәаҳәаҩцәа ақытақәа зегьы рансамбльқәа рҿынтә иалырԥшаауан, уахь саргьы салашәеит", — ҳәа иҳәеит дазгәадуны артист.

© Фото : Рада АжьиԥҳаЛеонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа.
Леонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа. - Sputnik Аҧсны
Леонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа.

Леонти Гәымба иажәақәа рыла, ашәаҳәара занааҭс алхра ҳәа дазхәыцуан, аха амузыкатә ҵараиурҭа усҟантәи аамҭа аҭалара иацыз ауадаҩрақәа аҳасаб рзуны ақыҭаҿтәи ансамбль аҟны ашәа иҳәон. Иара игәалашәараҿы ибзиаӡаны иаанхеит, иахьа еицырдыруа Аԥсуа драматә театр актиорцәа Шьалуа Гыцбеи Амиран Ҭаниеи Қарҭ аҵара иалганы ианааи раԥхьатәи рыспектакль апремиера аҟны дара анышәаҳәоз, насгьы уи аамҭаз ауп иара аиҳабацәа ианиабжьарга, ацхыраарагьы уаҳҭоит амузыкатә ҵараиурҭа аҭалараз ҳәа аниарҳәа.

© Фото : Рада АжьиԥҳаЛеонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа.
Леонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа. - Sputnik Аҧсны
Леонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа.

"Шьалуа Гыцбеи, Амиран Ҭаниеи Қарҭ актиортә институт иалганы ианааи, ҳархаҵгылап ҳәа ачеиџьыка рызҳархиеит, Ҭаркьылаа ргәараҭаҿы. Усҟан дара ирыцын ҳактиорцәа дуқәа, абаҩхатәра ҳаракы змаз Шәарах Ԥачалиеи Азиз Агрбеи. Инаҳагӡоз ашәақәа жәпакы рыҟны ахкы назыгӡон, сымч ахьақәхоз. Дара убысҟак иргәаԥхеит иагьсабжьаргеит амузыкатә ҵараиурҭа сҭаларц. Исымаз аԥышәа гәаҭаны аԥышәарақәа рыда срыдыркылеит, уи Ражьден Гәынба ибзоуроуп. Адиректорс дыҟан Алықьса Чычба, иара акырӡа ашәаҳәаҩцәа аҿарацәа дрыцхраауан, дрывагылан. Рҵаҩцәас исыман Кәасҭа Ченгьелиеи Константин Бганбеи. Ажәакала, сзымгәыӷӡоз сырҿиаратә мҩа аатит, аҽарҭбааит",  - ҳәа иҳәеит урҭ аамҭақәа игәаларшәо иара.

Константин Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Ченгьелиа: иаԥысҵарц исҭаху рацәаӡоуп, уи сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит

Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа иреиӷьыз астудентцәа ашәаҳәаратәи акәашаратәи аҳәынҭқарратә ансамбль ахь ааԥхьара рырҭон, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Леонти Гәымбагьы.

"Аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны сызлахәыз аконцертқәа жәпакы рнаҩс, 1968 шықәсазы ааԥхьара сырҭеит Гәдоуҭатәи акультуратә парк ахь. Уа аус шызуаз 1970 шықәсазы иаадыртит Гәдоуҭатәи Аԥхынтәи атеатр. Ҷанҭуриа ҳәа дыҟан акультуратә парк аҟны аус зуаз, иара атетар ашҟа администраторс сиеигоит. Абасала, ихацыркхоит Гәдоуҭа сырҿиаратә мҩа", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит артист.

1972 шықәсазы Кәасҭа Ченгьелиа Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны еиҿикаауеит жәлар рашәаҳәаратә ансамбль "Риҵа". Ари ансамбль ашҟа дыиасуеит Леонти Гәымба. Акыр шықәса ашьҭахь иара ансамбль асахьаркыратә напхгаҩыс дҟарҵоит, уи ашьҭахь 20 шықәса инреиҳаны Гәдоуҭатәи акультуратә хан адиректорс.

© Фото : Рада АжьиԥҳаЛеонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа.
Леонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа. - Sputnik Аҧсны
Леонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа.

"Жәлар рашәаҳәаратә ансамбль "Риҵа" ашҟа сиасуеит, дара раԥхьатәи агострольқәа рҟынтә ианааи ашьҭахь. Акыр шықәсқәа рнаҩс асахьаркыратә напхгаҩыс сҟалоит, еиҿыскааит акырӡа аныҟәарақәа", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Агәмаа: Насыԥ имоуп арҿиаҩы, насыԥ змоу ашәа анаԥиҵа

Жәлар рашәаҳәаратә ансамбль "Риҵа" ажәытә рафишақәа урыхәаԥшыр иубоит шаҟа тәыла аҟны иӡыргахьаз аԥсуа культура, шаҟа гастроль мҩаԥыргахьоу. Ансамбль "Риҵа" аконцертқәа мҩаԥыргахьеит Нхыҵ Кавказ ареспублкақәа жәпакы рыҟны, Москва ВДНХ, Германиа, Венгриа, Болгариа, Бельгиа, Канада, Америка.

"Асахьаркыратә напхгаҩык, аиҿкааҩык иаҳасабала исылшоз ҟасҵон еиуеиԥшым атәылақәа рахь ҳцарцы. Ҳаԥсуа культура аӡыргараз еснагь сгәы еибафон, исылшоз ала сымч сылша сеигӡомыз" – ациҵеит ашәаҳәаҩ.

Аибашьра ашықәсқәа рнаҩс, аамҭа уадаҩ ириааины, акультура ааха ӷәӷәа шаиузгьы Леонти Гәымба иҩызцәеи иареи ирылдыршеит ансамбль ашьапы ақәыргылара. Леонти Гәымба иҳәоит, ашәаҳәаҩцәа хазынақәа шыҟаз, уи Анатоли Ҳагба, Владимир Санаиа, Донсик Гьерзмаа, Зоиа Аншԥҳа уҳәа убас ирацәҩны.

"Иахьагьы иҳамоуп аҿар бзиа, жәлар рашәақәа бзиа избо, ҳаракыла иназыгӡо. Исылымшо саналага, сазхәыцит, анаџьалбеит, уаҵәы ҳзыԥсахуада ҳәа. Шықәсы рацәала асахьаркыратә напхгаҩыс сыҟан, акультуратә хан директорс, урҭқәа зегьы аҿар ирзынсыжьырц, еиҵасааӡарц азысыӡбеит. Шықәсқәак раԥхьа иаԥаҳҵеит жәлар рашәақәа назыгӡо аҿар рансамбль "Ахьышьҭра", напхгара арҭоит Саида Џьниаԥҳаи Есма Гәынԥҳаи. Сгәыӷрақәа зегьы дара ирыдысҳәалоит, сааԥсара шбашымхо збоит. Ессааира ррепертуар дырҭбаауеит, рус азнеишьа ҳаракыла иҟоуп", — ҳәа гәыӷрала иҭәу артист, иҳәоит игәаанагара.

© Фото : Рада АжьиԥҳаЛеонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа.
Леонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа. - Sputnik Аҧсны
Леонти Гәымба дызлахәыз ансамбль агастрольқәа.

Акыр шықәса инеиԥынкыланы Гәдоуҭатәи акультуратә хан еиҳабыс иҟаз, ашәаҳәаратә ансамбль "Риҵа" инаныгӡо арепертуар аҿынтә ашәақәа жәпакы рыхкы назыгӡоз, иара асахьаркыратә напхгаҩыс иҟаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Леонти Гәымба насыԥ змоу уаҩуп ҳәа уҳәар ауеит. 

Леонти Гәымба диит 1941 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы. Иҭаацәаратә ԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи егьа уадаҩ ацзаргьы ашәаҳәара зегьы сыриааиратә еиԥш сарӷәӷәеит, иҳәоит ихаҭа. Акыр шықәса аԥсуа культура иазааԥсахьоу, иахьагьы  иџьабаа змырӡуа, ԥхьаҟа изго, аҟазара ахьӡ-аԥша еихазҳауа аҿар рааӡара инапы алакуп.


Ажәабжьқәа зегьы
0