Акларнет ааныжьны акомпозиторрахь…
15 шықәса зхыҵуаз Дәрыԥшьтәи арԥыс, амузыка ада сыԥҭазаара зышьақәгылом, ҳәа иазыԥхьаӡаны, дҭалоит аԥсыԥтә ҟәша акларнет арҳәаразы Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа. Аҵара хыркәшара уамак шагмыз ихы ԥишәоит акомпозитор иаҳасабла, иагьиқәҿиоит.
"Сара 15 шықәса анысхыҵуаз сҭалеит амузыкатә ҵараиурҭа, аԥсыԥтә инструмент акларнет аҟны сыхәмаруан. Нас акомпозиторра сҽазысшәо салагеит, исықәманшәалахазшәа анызба хәыҷы-хәыҷла уахь сиасит, акомпозиторра аҟәша сҭалеит, сагьалгеит", — ҳәа игәалаиршәоит ирҿиаратә мҩа дшанылаз, акомпозитор Руслан Агәмаа.
Амузыкатә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь ҩ-уск еилазыгӡап ҳәа зыӡбыз акомпозитор қәыԥш, ирҽиаратә гәазыҳәара дамҽханакит, усҟан иара ихаҿгьы иизагомызт ас гәахәарыла ирыдыркыларап ҳәа иаԥҵамҭақәа.
Амузыкатә баҩхатәра злаз Руслан Агәмаа иаразнак ашәа аԥҵара дамҽханакит, иара раԥхьа иҩыз ашәақәа иреиуоуп "Иарҳәа иарҳәа сылашара", "Исхароузеи".
"Раԥхьаӡатәи сашәа "Иарҳәа иарҳәа сылашара, бчамгәыр арҳәа" ауп, иара наигӡеит Ардашьын Аҩӡба, уи инақәырццакны афилормониа аҟны Виолетта Маан дызлахәыз агәыԥ "Раида" захьӡыз еиҿкаан, ус иҟалеит лара илҳәоз ашәа лымаӡамызт, усҟан сара иҩны исыман "Исхароузеи" ашәа, лара илгәаԥхан иналыгӡеит, иахьа уажәраанӡагьы илҳәоит, ажәлар ибзианы ирыдыркылеит", — ҳәа иҳәоит Агәмаа.
Иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы ишьақәгыло иалагеит аҧсуа естрада. Аха анагӡаҩцәа ррепертуар аҿы иҟамызт аҧсуа шәақәа, ишьақәгылаз аколлективқәа аӡәырҩы инарыгӡон Руслан Агәмаа иашәақәа.
"Аестрада усҟан зынӡа иҟаӡамызт уҳәар ауеит, ашәақәа маҷын уажәеиԥш иуҭаху ашәа алыухуа иҟамызт аамҭа. Агәыԥ "Раидеи", ансамбль "Аԥсны-67" рышьақәгылареи, сара сцәырҵреи аамҭақәа еиқәшәит, убри аҟынтә ррепертуар аҟны ирацәан сашәақәа", — ҳәа ациҵеит акомпозитор.
Руслан Агәмаа иажәақәа рыла иаԥҵамҭақәа реиҳарак ажәлар ирыдыркыларатә еиԥш насыԥ роуит, анагӡаҩцәагьы ирыбзоураны.
Аестрада агра
Дарбанызаалак арҿиара знапы алаку, иаԥҵамҭақәа зегьы ахьӡ-аԥша роуртә изыҟалом, иҟоуп егьа шықәса рацәа царгьы ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз, ҽыц ииз ашәа еиԥш инарыгӡалоит.
"Уи аиуа акомпозитор дыҟаӡам сара сакәым, акомпозитор дуӡӡақәагьы ирыҩуа зегьы иуаманы иҟалаӡом, ус аԥсабара ыҟоу. Ашәа аҭыԥҳа илҩызоуп, иҟоуп насыԥ змоу ашәа, иҟоуп насыԥ змам. Сашәа "Исхароузеи" зегьы иалыркаауеит, уи еицәамкәа ашәақәа сымоуп, аха ирымҳәаӡеит, ус иаанхеит, урҭ сара срышьтоуп ирымгаз аӡӷаб илҩызоуп ҳәа. Убас иҟалар ҟалоит насыԥ змоу ашәа анаԥуҵалак инақәырццакны иара зҳәо данаацәырҵлак, лара лоума иара иоума ианрыдугалалак, иара ашәа аҟазшьеи дареи еинааланы ианыҟало, иааманшәаланы ашәа ԥруеит. Иҟоуп ашәақәа иааҩны апианино иахьынықәысҵаз ус иаанхоит, нас иара аҿара актуалра иамоу ацәыӡуеит, грас иамоу аестрада убри ак ауп. Иахьа ашәа ахьычԥаԥыр еиԥш иаацәырҵуеит, нас иниааӡа ицоит, аклассика уи ԥсра зқәым ауп, есымша аԥсы ҭоуп, ажәлар рашәа еснагь бзиа ибаны ирҳәоит", — ҳәа дахцәажәоит аестрада амаӡақәа иара.
Ашәа "Исхароузеи" раԥхьа ианырҳәаз инаркны иахьанӡа 45 шықәса ҵуеит, аха аԥсы ҭоуп, ирҳәоит, уи аҩыза ашәа шәкынтә акы ауп ус иалҵуа.
"Саԥҵамҭақәа акы алкааны исымаӡам, зегьы сџьабаа рыдуп, зегьы бзиа избоит", — иҳәоит акомпозитор.
Иманшәалахо ашәа
Акомпозитор иажәақәа рыла, џьоукы ирзымариоуп ашәа аҩра, аха ашәа иааинырсланы иуаҩуа акы акәӡам.
"Ашәа иахьа иуцәагхаз уаҵәы иубоит, ашьҭахь иҵегь аус адуулоит, ирыцқьатәуп ашәаҳәаҩ иҟынӡа инаугартә еиԥш, уи аамҭа ԥыҭк аҭахыуп. Сара мызкы еиҳаны санадхало ыҟоуп, ашәа иаразнак иуқәманшәало ыҟоуп, аӡӷаб зҟазшьа бзиоу илҩызоуп, иҟоуп даҽа шәакгьы, иуадаҩу ахәыҷы идукылартә еиԥш ианыҟало, зҽызмырҽеиуа ыҟоуп аџьа ӷәӷәа унарбоит", — ҳәа азгәеиҭеит Агәмаа.
Даара иҭбаауп асиа Руслан Агәмаа ашәа злыихуа ажәеинраалақәа равторцәа: Кьыршьал Чачхалиа, Таиф Аџьба, Владимир Ахьиба, Мушьни Лашәриа, Иура Ԥкьын, Рушьбеи Смыр, Гәында Сақаниаԥҳа, Заира Ҭҳаиҵыҟәԥҳа уҳәа.
"Исгәаԥхаз ажәеинраала саԥхьоит, ҩажәантә раҟара сеиҭаԥхьоит, нас аҟазшьа сацклаԥшуеит, автор ииҳәарц ииҭахыз сазхәыцуеит, ианаалауа амузыка ҳәа сацклыԥшуеит, нас напы асыркуеит", — иҳәоит Агәмаа.
Руслан Агәмаа игәаанагарала,аԥсуа естрада, иахьа угәы иаахәыртә иҟоуп, ашәаҳәаҩцәа рацәаҩуп, аха ессааира аԥсуа ашәақәа ацәаҩа иацәыӡуа иалагеит.
"Ҳмилаҭ хаҿра иацәыхароуп зынӡа иахьатәи ашәақәа реиҳарак, убри сгәы иалоуп. Раԥхьатәи амелодиа инаркны, ашәаҳәаҩ дубаанӡа ишыԥсыуа ашәоу удырартә еиԥш иҟазар ауп ҳашәақәа. Ус сҳәоит сара есымша аха, макьана акгьы алҵны избом, уи дара дацклаԥшуан Оҭар Хәнҵариа иԥсы ахьынӡаҭаз"-ҳәа ацыиҵеит иара.
Аԥсуа естрада ишахәҭоу иҿиарцаз, аҩаӡара ҳаракхарцаз иҟаҵтәу рацәоуп, иамоу ауадаҩрақәа ԥырҟәҟәатәуп.
"Ауадаҩра ахьҳамоу афонограмма бзиеи, ашәа ҭаҳаҩратә еиԥш астудиа ахьҳамам ауп, аҳәынҭқарратә студиа ыҟазар ауп, иара иахьа аҳауа шаҳҭаху еиԥш иаҳҭахыуп", — игәазыҳәара дазааҭгылоит акомпозитор.
Арҿиара ааҭгылан ианыҟаз аамҭа…
Руслан Агәмаа арҿиараҿы еиԥш ихатәы ԥсҭазаараҿгьы насыԥ змаз уаҩын ҳәа уҳәар ауан аибашьра ҟалаанӡа, иара бжь-ҩык ахшара драбуп, ҩыџьа ҭахеит 1992-1993 ашықәсқәа рзы аџьынџьтәылатәи аибашьраан. Аҭаацәара ирхыргаз агәаҟра ашьҭахь акыраамҭа иҩуамызт амузыка.
"Аибашьра ҟалаанӡа сашәақәа зегьы илахҿыхын, аибашьраан ҳгәараҭаҟнытә ҩыџьа сԥацәеи сашьа иԥеи ҭахеит, аибашьра иаҳзаанагаз ахәра ахьаа иара атәы ҟанаҵеит, ашьҭахь сара исылшомызт аҩра. Акыршықәса сырҿиара ааҭгылан иҟан. Аа-шықәса снапы сзаркомызт арҿиара, аԥсҭазаара хәыҷы-хәыҷы сазхьаԥшуа салагеит, амузыка схьаа сханыршҭуашәа збеит, ус сазыхынҳәит. Сашәақәа рацәаны агәаҟра, ахьаа иазкыуп, амузыка зылахь еиқәу ауп. Иуҭахымзаргьы аԥсҭазаара иузаанаго иуыдукылароуп", — ҳәа иҳәоит акомпозитор аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа игәаларшәо.
Аибашьра ашьҭахь егьа иуадаҩзаргьы, арҿиарахьы иашәа ҿыцқәа иманы дхынҳәит, иара иахьа уажәраанӡагьы ашәа арҿиара ихьаа рхашҭгаз имоуп.
Аҟазара иахьа ишәҭуеит
Руслан Агәмаа диит 1946 шықәса хәажәкыра 12 рзы, Гәдоуҭа араион Дәрыҧшь ақыҭан. Иара иаб Хьынтрыгә аҧхьарца бзианы иаирҳәон. Руслан данхәыҷыз иаҳауаз амузыка иахыҵхырҭахеит арҿиарахь изцәырҵыз абзиабара, уи иахьагьы дамҽхнакны дамоуп. Иахьа, Руслан Агәмаа ансамбль "Риҵа" сахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп, иара убас, ахәыҷқәа ашәаҳәара иазыҟаиҵоит, арҿиараҿы игәҭакқәа рацәоуп. Сынтәа иара ихыҵит 70 шықәса, иара иҟазара ашәҭра иаҿуп.
"70 шықәса рзгьы арҿиаратә гәҭакқәа рацәоуп, ихадароу, урҭ зегьы аҧсҭазаараҿы рынагӡароуп", — ҳәа азгәеиҭоит Руслан Агәмаа.
Руслан Агәмаа иашәақәа иахьа инарыгӡоит Виолетта Маан, Лиудмила Гәынба, Мадина Кәарцхьелиаԥҳа, ашәаҳәаҩцәа аҽарацәа аӡәырҩы. Иара иаадкыланы 40 шәа дравторуп.