Фазиль анышә данамардо амш Аԥсны лахьеиқәҵаратә мшны ирылаҳәоуп

© Sputnik / Андрей Стенин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳәынҭқарратә бираҟ
Аҳәынҭқарратә бираҟ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша, нанҳәа ҩба Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо Аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба идҵаус инақәыршәаны нанҳәа ҩба ареспубликаҟны лахьеиқәҵаратә мшны ирылаҳәоуп.

"Ԥхынгәы 31 2016 шықәса рзы зыԥсҭазаара иалҵыз ашәҟәыҩҩы, апрозаик, апоет Фазиль Искандер анышә данамардо амш лахьеиқәҵаратә мшны ирылаҳәоуп".

Аҩаша, нанҳәа ҩба Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо Аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп.

Ареспубликаҟны иарбанызаалак аныҳәатә уснагӡатәқәа аанкылоуп.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт.

Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс.

Фазиль Искандер. - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит

1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа).

Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса".

Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Ажәабжьқәа зегьы
0