Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит

© Foto / Ибрагим ЧкадуаФазиль Искандер.
Фазиль Искандер. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит амҽыша, ԥхынгәы 31 рзы, ҳәа аарыцҳауеит Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟынтәи.

АҞӘА, нанҳәамза 1 – Sputnik. Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит амҽыша, ԥхынгәы 31 рзы, ҳәа аарыцҳауеит Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟынтәи.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт.

Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс.

1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа).

Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса".

Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Апланета маҷқәа руак ихьӡ ахуп Фазиль Искандер.

2009 шықәса рзы Аԥсны абанк иҭнажьит 10 апсарк иҟоу, Фазиль Искандер изку агәалашәаратә раӡнытә аԥсар "Выдающиеся личности Абхазии" асериа аҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0