Гогәуа: амал сашьҭам, аибашьраан иҳамаз акзаара ауп исҭаху

© Sputnik / Томас ТхайцукАуаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа.
Ауаажәларратә еиҿкаара Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахада Сонер Гогәуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан инхоз Гогәуаа рабиԥара 1870-тәи ашықәсқәа рзы амҳаџьырра ахҵәара иақәшәеит, урҭ рхылҵшьҭрақәа дреиуоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага зхатә гәаԥхарала Ҭырқәтәылантәи иааны еибашьыз, ашьҭахь Аԥсны анхара иалагаз Сонер Гогәуа.
Гогәуаа ажәла Ҭырқәтәыла ишнанагази, раԥхьа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дшаази, иахьа игәы иҵхо азҵаарақәа ртәи Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа илзеиҭеиҳәеит Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа.

Ҭырқәтәылатәи ақыҭа "Ҷлоу"

1870-тәи ашықәсқәа рзы Сонер Гогәуа иабду иаб – Иакуыб Гогәуа ҩыџьа иашьцәеи иареи ахҵәара иақәшәеит, дара амҳаџьырра ацәгәырԥа Ҭырқәтәыла Сақариа ақалақь ахь инанагеит, ашьҭахь Сҭамԥыл ақалақь азааигәара анхара иалагеит. Сонер Гогәуа иабшьҭра аҭоурых иабду Ҭафықь Гогәуа иҟынтә ауп ишиаҳаз, усҟан иара 15 шықәса ихыҵуан.
"Зегь раԥхьаӡа амҳаџьырра аӡбахә саҳаит 15 шықәса анысхыҵуаз сабду Ҭафықь Гогәуа иҟынтә. Дара Гәыԥ ақыҭан инхон. Сабду аԥсышәала дцәажәон, ҳшаԥсыуааз ҳаиҳәон, ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны ауп ҳәа иҳәон еснагь. Ҳара Ҭырқәтәыла иҟаҳҵои, ара ҳаазгеи ҳәа азҵаарақәа ҳазцәырҵон иара аҭоурых аиҭаҳәара даналагалак. Ижәдыруеит 1870-тәи ашықәса раԥхьа иҟан акымкәа-ҩбамкәа ахҵәара ацәқәырԥақәа, усҟан иагаз аԥсуаа рҽеидыркылан Ҷлоу ақыҭа ҳәа иахьӡҵаны Ҭырқәтәыла қыҭак аҿы анхара иалагеит.
Иазгәасҭоит, аԥсуаа адгьылқәа рыԥшаауан Аԥсны еиҳа иахьеиԥшыз. Еилкаауп ҳара Гогәуаа Гәыԥынтә ицаз ҳауп, аха Ҷлоунтәи Гогәуаа рацәан аҟынтә, уахь аицынхара иалагеит ҳаиҳабацәа",- ҳәа иабшьҭра аҭоурых еиҭеиҳәеит Сонер Гогәуа.

Гаграҟа уцоушәа, уабацо?

Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, иаб Неџьым даараӡа аԥсшәа бзианы иҳәон, еиуеиԥшым ажәаԥҟақәеи ажәарццакқәеит ихы иаиырхәон, аха Сонер иашьеи иареи аԥсшәа хьысҳаны ирдыруан.
"Саб даараӡа аԥсшәа бзианы иҳәон. Аԥсышәала данцәажәоз ус иҳәалон "уара Гаграҟа уцоушәа, уабацо" хәа. Уабацои ажәа закәыз еилыскаауан, аха абри Гагра закәыз сзеилкаауамызт. Саб ус ишысҭахыз еиԥш сынидххаланы сцәажәо азин сымаӡамыз, ус ҽнак акы сузҵаар ҟалоума ҳәа сиазҵааит, азин ансыиҭа акыр аамҭа сгәы иҵхоз азҵаара исҭеит "саб уцәажәараҿы лассы-лассы иуҳәоит Гагра, иара закузеи" ҳәа. Иара дааԥышәырччан, ус иҳәеит Гагра ҳәа Аԥсны ақалақь ыҟоуп, даараӡа иԥшӡоуп иара. Ҳара Гогәуаа Гәыԥ ҳанхон, аӡәы ихараны џьара дцозар Гаграҟа уцоума ҳәа ҳҳәон, избан акәзар Гәыԥи Гагреи еицәыхаран. Нас хәыҷы-хәыҷла идыруаз аҭоурых еиҭеиҳәон", -ҳәа азгәеиҭеит Сонер Гогәуа.
Саб еиҭеиҳәоз ажәабжьқәа рышьҭахь, иҳәоит Сонер, есааира Аԥсны аҭоурых ахь аинтерес изцәырҵуан. Сонер Гогәуа гха дуны иԥхьаӡоит 18 шықәса ихыҵаанӡа аԥсуа бызшәа ахьыизымдыруаз. Раԥхьа инапаҿы иааныикалаз аԥсуа шәҟәқәа иреиуоуп аԥсуа нбан.
"Аԥсны Аџьыньџтәылатәи еибашьра алагаанӡа, Аԥснытәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Алықьса Гогәуеи Нелли Ҭарԥҳаи Ҭырқәтәылаҟа инеит. Саб аԥсуаа ааит ҳәа ианиаҳа даангылозма, дцеит рԥыларахь. Алықьса Ноча-иԥеи саби реицәажәараҿы саб иҳәеит сыҷкәын Аԥсныҟа днеирц иҭахуп, аҭоурых аинтерес имоуп ҳәа. Алықьса Гогәуа аԥсуа анбан ҳамҭас исызиҭ ҳәа саб ианеишьеит. Уи анбан ала ауп аԥсшәа аҵара сшалагаз, уаанӡагьы исҳәон, аха ирацәамкәа", ҳәа ԥхарра дула игәалаиршәоит уи ахҭыс Гогәуа.
Анбан снапаҿы ианнеи, иҳәоит Сонер Гогәуа, еиҳа игәы еибафеит, амца ацралеит, исҭаххеит Аԥсны дықәыԥшыр, аҳауа лбааидарц. Сонер Гогәуа Аԥсныҟа даарц алшара иоуит Аԥсны жәлар рарстист Кандит Ҭарба иашьа Арвелоди Ҭырқәтәылаҟа ианнеи, аҿар еидкыланы акәашаратә ансамбль анеиҿыркаауаз аамҭазы.
"Аԥсныҟа сшаара ҳәа сышхәыцуаз, ааигәа здунеи зыԥсахыз, Аԥсны жәлар рартист Кандит Ҭарба, иашьа Арвелоди Ҭырқәтәылаҟа ианнеи алшара соуит Аԥсныҟа аара. Дара аҿар рыҩнуҵҟа акәашаратә ансамбль аԥҵаны Аԥсныҟа иааргарц аусурақәа рнапы адыркит, уи сара исаҳаит. Акәашара сара сшацәыхаразгьы, уахь снеит, аконцерт рыманы Аԥсныҟа ицоит ҳәа ансаҳа зынӡаск сеилагеит. Сгәы иҭысҳәааит ма скәашап, ма рымаҭәа еилысхп, аха акала ари ансамбль аҟны сыҟазароуп ҳәа. Адаԥазартәи аԥсуа культуратә центр ахь аныҟәара салагеит. Аиашаз, ансамбль бзиа аԥырҵеит, аҿаргьы адырԥхьалеит, 60-ҩык рҟынӡа Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуа ҿар рхаҭарнакцәа ансамбль иалан",- иҳәеит Сонер Гогәуа.
Сонер Гогәуа. - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Сонер Гогəуа: иҟаҵоу маҷым, аха иҟаҳҵаша еиҳагьы ирацəоуп
Ҿыц еиҿк ааз ансамбль Ҭырқәтәыла ҩба-хԥа концерт анымҩаԥнага ашьҭахь, иӡбан Аԥсныҟа иаарц.
"Аиаша шәасҳәап, ухгьы ҽангьы сгәы сарцәомызт, сартәомызт, аҿар ҳара-ҳара еибаҳхәон раԥхьа Аԥсны ҳшьапы шԥақәҳаргыло, ҳашԥацо, ҳашьцәа ишԥаҳԥыло ҳәа. Ашәҟәқәа реиқәарышәара напы анадыркы зынӡа сгәы хыҭхыҭуа иалагеит, шаҟа шықәса сазыԥшыз Аԥсныҟа саарц, уажәы ари аҩыза алшара соуит, исызхаҵомызт. Ашьыжь инаркны аахәлаанӡа ҳазлацәажәоз Аԥсны аӡбахә акәын, зегьы ҳагәҭакы акакәын Аԥсныҟа нхара ҳәа ҳаарц",- ҳәа игәалашәарақәа дырзааҭгылеит Гогәуа Ансамбль Аԥсныҟа раара маҷк шагыз Сонер Гогәуа иан ӷәӷәала дычмазыҩхеит.
"Ансамбль мышқәак рышьҭахь Аԥсныҟа амҩа иқәлон, арахь сан дычмазаҩуп, дааныжьны сызцаӡомызт, арахь шықәсы рацәала сгәы иҭаз Аԥсны сзааӡомыз, ажәакала ансамбль сара сыда иааит Аԥсныҟа, мышқәак рышьҭахь сангьы дыԥсит. Зегь рыла гәырҩан сара сзы. Ансамбль гьежьны Ҭырқәтәыла ианнеи, ҩ-автобус дуқәа рыла аҩныҟа ицаанӡа сара сгәараҭахь инеит. Аӡәы Аԥснытәи анышә сызнеигеит, даҽаӡәы абираҟ, аҽаӡәы ашәҵатәы, зегьы инеимда ааимдо ирҳәон ирбаз ираҳаз, сылаӷырӡқәа аангылашьа рымамызт. Абри амш иахьеиԥш исгәалашәоит, ахааназгьы исхашҭуам",- ҳәа ицәаныррақәа изымҵәахуа еиҭеиҳәон иара.
Иҩызцәа еиҭырҳәоз анаҩс, Аԥсныҟа дмаар иуазма.

Астудент иҟынтә аибашьҩы иахь

1990-тәи ашықәсқәа рзы Адаԥазар акультуратә центр еиҿнакааит Ҭырқәтәылантәи аҿар Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ауниверситет иҭаларц зҭаху рзы апроект.
"Абри сара сзы аҵыхәтәантәи алшара ауп сҳәеит ари ажәабжь ансаҳа, аха сҭаацәаратә ҭагылазаашьа уадаҩын, сан дыҟамызт, саб иқәра неихьан, сашьеиҳабы арра дыҟан, сара заҵәык сакәын аҩнаҭа ныҟәызгоз. Ус ҽнак, саб ара уааи сыҷкәын ҳаицәажәоит иҳәан, снаиԥхьеит ашәшьырахь, сыззыԥшӡамыз ажәақәа сеиҳәеит, уара уҭагылазаашьа збоит, акыр шықәса ҵуеит Аԥсныҟа уцар уҭахуп, исаҳаит аҿар аҵарахь ишырышьҭуа, убарҭ урхыԥхьаӡаланы уцароуп иҳәеит, насгьы иацыиҵеит, уара хышықәса рыҩнуҵҟа иуҭаху сара сыԥсҭазаара зегьы исҭахын, убри аҟынтә Аԥсныҟа изымцаз зегьы рыхәҭа уара иуылшароуп, ҳәа сеиҳәеит. Амҩа усҭоит уцароуп иҳәеит, иџьыба иааҭыганы 30 доллар сыиҭеит",- иҳәеит иара.
Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, Ҭырқәтәылантәи иааз астудентцәа ргәыԥ иалан Окҭаи Чқоҭуа, Ерқан Қәҭарба, Ачеҭын Қәҭарба уҳәа ирацәаҩны ҳааит.
"Ҭырқәтәылантәи иааз астудентцәа ҳәа иахьабалак азҿлымҳара ҳарҭон. Аԥсшәа аҵара ҳалагеит, усҟантәи ауниверситет аректор Гьаргь Амҷба иџьабаа рацәоуп, аԥсшәа ҳзырҵоз ҳарҵаҩы Нелли Ашәԥҳа. Сара исгәалашәаӡом усҟантәи аамҭаз, аџьармыкьаҿы, адәқьанқәа рыҟны аԥсуаа рыҟны ҳнеины акгьы ааҳхәо, ҳахьнеилак ҳцәажәо анырбалак, ҳашәҵатәы ала ҳардыруан, арҭ Ҭырқәтәылантәи иааз роуп ҳәа иҳацхраауан, ус иҳарҭон"- иҳәеит иара.
Астудентцәа рҵара шықәса анхдырқәша Ҭырқәтәылаҟа ицеит, уа ишыҟаз ауп аибашьра алагеит ҳәа ишраҳаз.
"Ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла ҳара Ҭырқәтәыла ҳаанхар ҟалозма, амҩақәа рыԥшаара ҳалагеит Аԥсныҟа ҳазлааша. Ҳҭаацәа уеизгьы ираҳамҳәаӡеит. Агәыҳалалратә цхыраара ҳашьҭоит уаҳа акагьы ҳәа ҳҳәон. Аибашьра аналага ашьҭахь, мчыбжьык ҵхьан, 25-ҩык ҳҽеизганы, иахьа уаҵәы ҳдәықәлоит ҳәа аҽазыҟаҵарақәа ҳаҿын. Аԥсныҟа ҳааит Шәачантәи, Гәдоуҭа аԥсшьарҭатә ҩны "Черноморец" ҳааит, уа зхатә гәаԥхарала еибашьуаз рҽеизганы иҟан. Гәдоуҭа раԥхьаӡа дызбеит Иура Аргәын, Гиви Допуа. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба, ус иҳәеит Ҭырқәтәылантәи иааз абџьар рышәымҭан, аӡәы дҭахар дара рҟынтә уи ҳара ҳзы ихьанҭарахоит ҳәа, аха уи ииҳәоз ламысуп, иԥсыуароуп, аха ҳара ҳсасцәоушәа, ҳҩызцәа, ҳауа-ҳҭынха анҭахоз ус баша ҳтәозма. Усҟан Шамиль Басаев игәыԥ ҳалалеит. Нас аибашьраҿы аӡәы дтахоит, егьы дырхәоит, ус аԥсҭазаара ыҟоуп, ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рыҟнытә раԥхьаӡа Шрома дҭахеит Ефқан Цыба, Кәачара анаҳгоз Видаҭ Кәаӡба, Баҳадыр Абаӷба, Зафер Аргәын, Ҳанифа Гож. Аԥсҭбарақәа ҟалазаргьы анцәа имчала аиааира ҳгеит, ҳапсадгьыл ахы иақәиҳарҭит. Аиааира амш уи даҽа даҟьоуп сара сыԥсҭазаараҿы, усҟантәи ацәаныррақәа акы иалаҩашьом. Агәырӷьареи алаӷырӡи еицын",- иҳәоит Гогәуа.
Кадыр Абагба - Sputnik Аҧсны
"Ԥсыуак мап ицәимкыцт": Ҭырқәтәылатәи ачынуаҩ Кадыр Абаӷба иҭоурых
Сонер Гогәуа иҳәоит иара изыҳәан иааира дуӡӡан аибашьра ашьҭахь, иабдуцәа гәыкала бзиа ирбоз, ирҭахыз рыԥсадгьыл аҟны анхара-анҵыра ахьилшаз.
"Аибашьра ашьҭахь аҭаацәара салалеит, даҽа еибашьрак уи анхара. Усҟантәи аҭагылазаашьа ала, аекономика ыҟамызт, Аԥсны аблокада иҭакын, аԥсҭазаара уадаҩын цәгьала, аха изакәызаалакгьы проблемак ыҟазаргьы, исфоз изжәоз сымамзаргьы, сыԥсадгьыл аҿы сынхон, уи еиҳаз акгьы ыҟамызт сара сзы. Иҟан аамҭақәа иаҳфоз анҳамамызгьы, аха урҭқәа зегьы ҳариааироуп ҳәа иахьсылшоз аусқәа рыҟны аус зуан. Абизнес аиҿкаара снапы аласкит, уи сықәҿиеит, хәыҷы ҳәыҷла сшьапы сықәгылеит. Аԥсҭазаара шьоукы рзыҳәан иҟоуп амал, амашьына бзиақәа, сара акымзаракгьы сҭахым, исҭаху акоуп аибашьра аамҭаз ҳажәлар иаадырԥшыз акзаара, уаҳа акагьы. Ҳаидгылар зегьы ҳариааиуеит",- иԥхьаӡоит иара.
Аибашьра ашьҭахь аамҭақәа инаркны, Гагра араион аиҳабы Руслан Иазычба ихаҭыԥуаҩыс даныҟаз аума, Жәлар рдепутатс даналхыз аума, иахьагьы Сонер Гогәуа дызҿызаалакгьы, инапы злакызаалакгьы аџьабаа ибоит адиаспора рызҵаарақәа рус аӡбара аҟны.
"Саб исиҭаз 30 доллари, аибашьра ашықәсқәа рышьҭахь исхызгази анысгәалашәалак, иахьа акыр сылшоны сыҟазар сыуаажәлар сышԥармыцхараауа ҳәа сыҟоуп. Сара сзыҳәан адиаспора дахаҭарнакуп рҳәозаргьы, схәыҷқәа мап, дара рыԥсадгьыл аҿы иит, иааӡеит, ара аус рулоит", - иҳәоит Сонер Гогәуа.
Сонер Гогәуа дҭаацәароуп, ԥшьҩык ахшаара драбуп. Ижәлар акала дызрыцхраауа дыҟазар, уи зыбзоуроу иԥсадгьыл ауп, иара дааӡеит, даднакылеит ҳәа иԥхьаӡоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0