ГАГРА, цәыббра 1 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион Ахадара рымчала, Аколоннада аҿаԥхьа ишьақәыргылоу архитектуратә ӡыршә аусура иалагеит. Араҟа мызкы иалагӡаны аспециалистцәа имҩаԥыргон аиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
"Аӡыршә аҩнуҵҟеи адәахьи ҿыц икыдҷаблоуп ахаҳә ҟьаԥс, иалагылоу аӡыршә асимвол аҳәыҳә зықәгылоу ашьаҟа шәуп. Ишьақәыргылоуп аӡхагаларҭа. Иԥсахуп акоммуникациатә цәаҳәақәа", — иҳәеит, арҭ аусурақәа рымҩаԥгара знапы ианыз, ақалақь анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Аслан Аиба.
Аӡыршә еиҳарак убла хнакуеит уахынла, избанзар, иалагылоу еиуеиԥшым аԥшшәқәа змоу алашарбагақәа алашьцараҟны иаԥырҵоит угәы иҭымҵәо аԥшӡара.
Аколоннада, ӡынгьы ԥхынгьы аҭааҩцәа амоуп.
Иахьазы ари ашҭа ҭдырҭәаауеит аԥсшьаҩцәа. Улаԥш рықәымшәар залшом, аӡыршә аҿаԥхьа зфотосахьақәа ҭызхарц агәарам ишықәгылоугьы.
Хымԥада, аӡыршә уажәшьҭа лассы-лассы ирыцқьалатәуп. Убри аҟынтә, уи амаҵ азнаулоит анхарҭатә усбарҭа.