https://sputnik-abkhazia.info/20261119/1067065765.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аилахәыра Аԥсны алогистикатә лшарақәа рырҭбаара иацхраауеит. Атәыла абаӷәазатәи аихамҩатәи инфраструктуреи атранзиттә лшареи рырҿиара иалацәажәеит... 19.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-19T18:01+0300
2026-11-19T18:01+0300
2026-11-19T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/13/1067065599_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_463789d33fbcb7fd2724a181e69fba24.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аилахәыра Аԥсны алогистикатә лшарақәа рырҭбаара иацхраауеит. Атәыла абаӷәазатәи аихамҩатәи инфраструктуреи атранзиттә лшареи рырҿиара иалацәажәеит атәыла ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Аԥсны аҵакырадгьыл ишалсуаз акрызҵазкуа ахәаахәҭратә маршрутқәа, уи инамаданы атранспорттә инфраструктура аҿиара акомплекстә знеишьа аҭахны ишыҟоу. Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩнуҵҟа ари аусхк аҟны иҟаз апроблемақәа атәыла абаӷәазатә нхамҩеи иааидкыланы аекономикеи рыҿиара ааныркылон. Урҭ рыӡбаразы иҷыдоу аилахәыра адыԥхьалахоит ҳәа ациҵеит иара.
Аҟәа, Аԥсуа зиндырратә мчыбжьы мҩаԥыслоит абҵара 21 рҟынӡа. Аусмҩаԥгатә Аконституциатә ӡбарҭа 10 шықәса ахыҵра иазкуп, уахь иаҵанакуеит жәларбжьаратәи аконференциа, афорсаит-сессиақәа, актуалтә темақәа жәпакы рзы алекциақәа рциклқәа. "Ҳара ҳтәыла ҳазгәдууп, ҳзиндырратә еилазаара ҳазгәдууп, иаҳҭахуп адунеи иаҳарбарц ҳазҿу, зых иақәиҭу, ихьыԥшым, ишәҭыкакаҷуа атәылаҿы ҳшынхо, иара убри аамҭазы аҳәынҭқарра аргыларазы иреиӷьу апрактикақәеи иреиӷьу аԥышәеи рыдкылара ҳазыхиоуп", — азгәалҭеит Аԥсны АӠ ахантәаҩы Диана Ԥлиаԥҳа.
Аԥснытәи аҩыҟаҵаҩцәа Красноиарск аҵаратә курс иахысит. 16-ҩык анаплак дуқәеи, ахатәы ҩыҟаҵарҭақәеи, аресторантә бизнеси рхаҭарнакцәа азанааҭтә дырра аизырҳара апрограмма "PROВИНО: ГЛАВНОЕ" иалахәын. Акурс абҵара 20 рҟынӡа, Сибратәи афедералтә университет агастрономиа Аинститут аҿы имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апрограмма аҳәаақәҵаҩ Азамаҭ Багаҭелиа. Алахәылацәа иҭырҵаауеит аҩыҟаҵара аҭоурых, агьамабара аҷыдарақәа, ахәԥсеиҿкаара, аагаҩцәа аус рыцура, аҩыхкқәа рсиа ашьақәыргылара. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны азыӡырҩцәа 40 инареиҳаны аҩқәа ргьама рбеит, рхаҭабзиареи, рыԥшшәи, рыфҩи, ргьамеи рыхәшьаразы аметодқәа рнапаҿы иааргеит.
Амаининг-хархәагақәа рремонтҟаҵарҭа рыԥшааит Аҟәа. Шаԥсыӷааа рымҩаҿы игылоу аҩны №15 аҩнуҵҟа закәаншьаҭадатәи аусура мҩаԥигон аҭыԥантәи ауаҩԥсы Ҭемыр Воликов ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. Аҟазарҭа агәаҭараан амилициаа афымцаҳа амадара иазырхиаз аппаратқәа 16 ылырхит, даҽа ԥшь-хархәагак рремонт иаҿын. Иара убасгьы иаарԥшуп амаругахәҭақәа.Амаругақәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахь инашьҭуп.
Урыстәылатәи аилахәыра Аԥсны алогистикатә лшарақәа рырҭбаара иацхраауеит. Атәыла абаӷәазатәи аихамҩатәи инфраструктуреи атранзиттә лшареи рырҿиара иалацәажәеит атәыла ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Аԥсны аҵакырадгьыл ишалсуаз акрызҵазкуа ахәаахәҭратә маршрутқәа, уи инамаданы атранспорттә инфраструктура аҿиара акомплекстә знеишьа аҭахны ишыҟоу. Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩнуҵҟа ари аусхк аҟны иҟаз апроблемақәа атәыла абаӷәазатә нхамҩеи иааидкыланы аекономикеи рыҿиара ааныркылон. Урҭ рыӡбаразы иҷыдоу аилахәыра адыԥхьалахоит ҳәа ациҵеит иара.Аҟәа, Аԥсуа зиндырратә мчыбжьы мҩаԥыслоит абҵара 21 рҟынӡа. Аусмҩаԥгатә Аконституциатә ӡбарҭа 10 шықәса ахыҵра иазкуп, уахь иаҵанакуеит жәларбжьаратәи аконференциа, афорсаит-сессиақәа, актуалтә темақәа жәпакы рзы алекциақәа рциклқәа. "Ҳара ҳтәыла ҳазгәдууп, ҳзиндырратә еилазаара ҳазгәдууп, иаҳҭахуп адунеи иаҳарбарц ҳазҿу, зых иақәиҭу, ихьыԥшым, ишәҭыкакаҷуа атәылаҿы ҳшынхо, иара убри аамҭазы аҳәынҭқарра аргыларазы иреиӷьу апрактикақәеи иреиӷьу аԥышәеи рыдкылара ҳазыхиоуп", — азгәалҭеит Аԥсны АӠ ахантәаҩы Диана Ԥлиаԥҳа. Аԥснытәи аҩыҟаҵаҩцәа Красноиарск аҵаратә курс иахысит. 16-ҩык анаплак дуқәеи, ахатәы ҩыҟаҵарҭақәеи, аресторантә бизнеси рхаҭарнакцәа азанааҭтә дырра аизырҳара апрограмма "PROВИНО: ГЛАВНОЕ" иалахәын. Акурс абҵара 20 рҟынӡа, Сибратәи афедералтә университет агастрономиа Аинститут аҿы имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апрограмма аҳәаақәҵаҩ Азамаҭ Багаҭелиа. Алахәылацәа иҭырҵаауеит аҩыҟаҵара аҭоурых, агьамабара аҷыдарақәа, ахәԥсеиҿкаара, аагаҩцәа аус рыцура, аҩыхкқәа рсиа ашьақәыргылара. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны азыӡырҩцәа 40 инареиҳаны аҩқәа ргьама рбеит, рхаҭабзиареи, рыԥшшәи, рыфҩи, ргьамеи рыхәшьаразы аметодқәа рнапаҿы иааргеит. Амаининг-хархәагақәа рремонтҟаҵарҭа рыԥшааит Аҟәа. Шаԥсыӷааа рымҩаҿы игылоу аҩны №15 аҩнуҵҟа закәаншьаҭадатәи аусура мҩаԥигон аҭыԥантәи ауаҩԥсы Ҭемыр Воликов ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. Аҟазарҭа агәаҭараан амилициаа афымцаҳа амадара иазырхиаз аппаратқәа 16 ылырхит, даҽа ԥшь-хархәагак рремонт иаҿын. Иара убасгьы иаарԥшуп амаругахәҭақәа.Амаругақәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахь инашьҭуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/13/1067065599_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_acd55c7a4434f2730e954be0291db944.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио