Апроект "Ани амаалықьи" аусура иацҵоуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаАпроект "Ани амаалықьи" аусура иацҵоуп.
Апроект Ани амаалықьи аусура иацҵоуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҽыц ахшара зауа аԥсуа ҭаацәарақәа ирызку апроект "Ани амаалықьи" аусура иацҵоуп.

АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнаго, ҿыц ахшара зауа аԥсуа ҭаацәарақәа ирызку апроект "Ани амаалықьи" аусура иацҵоуп. Уи хацыркын ҳазҭоу ашықәс, нанҳәамзазы. Убри аамҭа иалагӡаны ан лыхшара иааӡараҿы лхы иалырхәаша амаҭәахәқәа еидызкыло ашәырақәа рызшан имаҷҩымкәа. Иахьа, уи ахыԥхьаӡара 1000 рҟынӡа инаӡеит.  

Ашьыжь, аҳамҭа аиуразы афонд аусбарҭахь иааз, ҿыц ахшара дзауз Рафида Амҷыԥҳа, иахьа илзыԥшын дызқәымгәыӷуаз аџьашьахә. Избанзар, заа афонд ахаҭарнакцәа изларыӡбахьаз ала, азықьтәи ахәыҷы изы ирхиан ашәыра инаҷыданы, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи, ашәҭ шьыҵәрақәеи. Жәамш зхыҵуа Леон Џьынџьал иан Рафида, уи лнапаҿы илиркит афонд ахада Сенер Гогәуа.

"Афонд ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәҭаацәараҿы аҵеи иира. Ҳара иаҳбарҭоуп аҳамҭақәа заҳҭо аҭаацәарақәа шаҟа гәахәарыла ирыдыркыло. Уи ҳара ҳгәы шьҭнахуеит, хымԥада. Аԥхьаҟагьы уи иацаҳҵоит. Ҳ-Аԥсынра аҵеира еизҳалааит. Шәара шәысаби агәабзиареи агәамчи имазааит, шәилагәырӷьааит!", — иҳәеит Сенер, Леон хәыҷы иан длыдныҳәалауа. 

Рафида лакәзар, иахьатәи ахҭыс дшаршанхаз лӡомызт.

"Сара даара сеигәырӷьеит, насгьы сагьақәгәыӷуамызт афонд аҿы ас еиԥш аныҳәатә хҭыс сақәшәоит ҳәа. Аҳамҭақәа зышәҭахьо рахьтә азықьтәи ахыԥхьаӡара ҳара ҳҭаацәара ракәхеит. Леон хәыҷ иааӡараҿы схы иасырхәаша амаҭәахәқәа маҷымкәа исышәҭеит. Леон деизҳар, уи изеиҭасҳәап, иаргьы даԥсахааит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит", — лҳәеит Рафида. 

 Агәырӷьаратә еиԥылара ахыркәшамҭаз, гәаларшәагас афотосахьақәа еицҭыхын. 

Ажәабжьқәа зегьы
0