https://sputnik-abkhazia.info/20261027/1066588245.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Жьҭаара 27 рзы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ахатәы бызшәа амш азгәарҭоит. Бадра Гәынба аԥсуа бызшәа амш иазкны ааԥхьара ҟаиҵеит.Атәыла ахада иазгәаиҭеит аԥсуа бызшәа... 27.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-27T13:01+0300
2026-10-27T13:01+0300
2026-10-27T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/1b/1066588079_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f62265372d51603f90749a4ea78cc5ce.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Жьҭаара 27 рзы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ахатәы бызшәа амш азгәарҭоит. Бадра Гәынба аԥсуа бызшәа амш иазкны ааԥхьара ҟаиҵеит.Атәыла ахада иазгәаиҭеит аԥсуа бызшәа ҳмилаҭтә хаҿра асимвол хадақәа ишыруаку, ҳажәлар рҭоурыхтә ҭынха иузаҟәымҭхо ишадҳәалоу.Аҳәынҭқарра ахада иаликааит абызшәа арҿиара знапы алаку аҵарауаа, афилологцәа, ашәҟәыҩҩцәа, арҵаҩцәа ирыду аҭакԥхықәра. Иҳәеит иахьа иҳамоу аҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхара адагьы, ишхадоу иманшәалоу арҵаратә аметодика ҿыцқәа раԥҵара.
Ухатәы бызшәа узымдыркәа атәым бызшәа аҵара, аҳәара аԥеиԥш нагӡа амаӡам, аԥсуа бызшәа здыруа аҳәара дацәыԥхашьар ҟалаӡом ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада, аҵарауаа злархәны имҩаԥигаз аилацәажәара аҟны. Бадара Гәынба иазгәаиҭеит, иахьатәи аамҭаз аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа ишыруаку ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи. Иҳәеит ари азҵаара ԥыжәара зҭатәу акәны ишыҟоу. "Иарбан аамҭазаалакгьы аҳәынҭқарра иалшо ҟанаҵон аԥсуа бызшәа арҿиара аус ацхрааразы. Уи ԥхьаҟагьы адгылара хымԥада иаиуеит, иазынархоу апроектқәагьы рылша еиҳахоит", — иҳәеит атәыла ахада.
Апарламент адепутатцәа автотранспорт аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы азакәан рыдыркылеит.Иара иҳәаақәнаҵоит "еиҳа еишьаршәалоу" аҳәынҭномерқәа ҳәа изышьҭоу рыҭара аԥҟарақәа рышьақәыргылара, автотранспорттә хархәагақәа рдыррақәа рбаза актуализациа азура, ашәҟәы иҭагалам, атехникатә гәаҭара, ма аиҭашәҟәҭаҩра иахымсыц амашьынақәа рхархәара алмыршара.Азакәан иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит, атранспорт зтәу ахьынхо аҭыԥ аҿы, мамзаргьы аамҭала рыҟазаара аҭыԥ аҿы ашәҟәы рҭагалара, иара убасгьы 90 мшы инареиҳаны аамҭалатәи алагалара арежим ала иалагалоу амашьынақәа ашәҟәы рҭагалара ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аԥсны атәылауаҩ апсихотроптә маҭәашьар ареспубликахь иалеигалеит ҳәа иганахь ала агәызҩара ыҟоуп ҳәа аанацҳаит Апрокуратура хада.Амаҭәашьар "прегабалин" закәаншьаҭада аахәареи, амазаареи, Аԥсныҟа алагалареи рзы ашьаус хацыркуп Даниил Логәуа иганахь ала. Жьҭаара 7 рзы, агәызҩара ззыҟоу иаанкылараан идырбалеит 21.253 грамм амаҭәашьар.Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Атранспорттә прокуратура.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 222 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан, Калугатәи, Орловтәи, Тулатәи, Воронежтәи, уҳәа аобластқәа 11 рҿы.Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Амшын еиқәа аӡымҽхак аҿы.
Жьҭаара 27 рзы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ахатәы бызшәа амш азгәарҭоит. Бадра Гәынба аԥсуа бызшәа амш иазкны ааԥхьара ҟаиҵеит.Атәыла ахада иазгәаиҭеит аԥсуа бызшәа ҳмилаҭтә хаҿра асимвол хадақәа ишыруаку, ҳажәлар рҭоурыхтә ҭынха иузаҟәымҭхо ишадҳәалоу.Аҳәынҭқарра ахада иаликааит абызшәа арҿиара знапы алаку аҵарауаа, афилологцәа, ашәҟәыҩҩцәа, арҵаҩцәа ирыду аҭакԥхықәра. Иҳәеит иахьа иҳамоу аҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхара адагьы, ишхадоу иманшәалоу арҵаратә аметодика ҿыцқәа раԥҵара.Ухатәы бызшәа узымдыркәа атәым бызшәа аҵара, аҳәара аԥеиԥш нагӡа амаӡам, аԥсуа бызшәа здыруа аҳәара дацәыԥхашьар ҟалаӡом ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада, аҵарауаа злархәны имҩаԥигаз аилацәажәара аҟны. Бадара Гәынба иазгәаиҭеит, иахьатәи аамҭаз аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа ишыруаку ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи. Иҳәеит ари азҵаара ԥыжәара зҭатәу акәны ишыҟоу. "Иарбан аамҭазаалакгьы аҳәынҭқарра иалшо ҟанаҵон аԥсуа бызшәа арҿиара аус ацхрааразы. Уи ԥхьаҟагьы адгылара хымԥада иаиуеит, иазынархоу апроектқәагьы рылша еиҳахоит", — иҳәеит атәыла ахада.Апарламент адепутатцәа автотранспорт аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы азакәан рыдыркылеит.Иара иҳәаақәнаҵоит "еиҳа еишьаршәалоу" аҳәынҭномерқәа ҳәа изышьҭоу рыҭара аԥҟарақәа рышьақәыргылара, автотранспорттә хархәагақәа рдыррақәа рбаза актуализациа азура, ашәҟәы иҭагалам, атехникатә гәаҭара, ма аиҭашәҟәҭаҩра иахымсыц амашьынақәа рхархәара алмыршара.Азакәан иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит, атранспорт зтәу ахьынхо аҭыԥ аҿы, мамзаргьы аамҭала рыҟазаара аҭыԥ аҿы ашәҟәы рҭагалара, иара убасгьы 90 мшы инареиҳаны аамҭалатәи алагалара арежим ала иалагалоу амашьынақәа ашәҟәы рҭагалара ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".Аԥсны атәылауаҩ апсихотроптә маҭәашьар ареспубликахь иалеигалеит ҳәа иганахь ала агәызҩара ыҟоуп ҳәа аанацҳаит Апрокуратура хада.Амаҭәашьар "прегабалин" закәаншьаҭада аахәареи, амазаареи, Аԥсныҟа алагалареи рзы ашьаус хацыркуп Даниил Логәуа иганахь ала. Жьҭаара 7 рзы, агәызҩара ззыҟоу иаанкылараан идырбалеит 21.253 грамм амаҭәашьар.Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Атранспорттә прокуратура.Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 222 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан, Калугатәи, Орловтәи, Тулатәи, Воронежтәи, уҳәа аобластқәа 11 рҿы.Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Амшын еиқәа аӡымҽхак аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/1b/1066588079_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ae58fe7f55b6b59a08c21abf91907690.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио