Қапба: Бебиа ишәҟәы еиднакылеит асахьаркыратә ажәала иаԥҵоу аҩымҭақәа

© SputnikАлитературатә критик Руслан Қапба
Алитературатә критик Руслан Қапба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа аиуразы иқәыргылоу аусумҭақәа рыхцәажәара апроцесс хацыркуп. Апремиа аиуразы иқәыргылоуп х-усумҭак. Аконкурс иалаху аҩымҭақәа ирхыԥхьаӡалоуп апоет Платон Бебиеи ииҩыз ашәҟәы "Уа мшыбзиа, амш бзиа". Алитературатә критик Руслан Қапба ашәҟәы иагәылоу аҩымҭақәа дрыхцәажәеит.

АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа аиуразы аконкурс иалаху апоет Платон Бебиа ишәҟәы "Уа мшыбзиа, амш бзиа" аҟны еидкылоуп ахәыҷқәа рзы асахьаркыратә ажәала иаԥҵоу аҩымҭақәа, абри атәы иҳәеит алитературатә критик Руслан Қапба.

Апремиа аиуразы акомиссиа ахантәаҩы Валентин Коӷониа. - Sputnik Аҧсны
Коӷониа: Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа аиуразы аусумҭақәа рыхцәажәара хацыркуп

"Платон Бебиа иҵабаргны абаҩхатәра злоу поетуп, прозаикуп, публициступ. Ԥхьаҩык иаҳасабала араторуп. Ҳаԥсуа литератураҿы иҟан, иҟоуп иахьагьы абаҩхатәра змоу арҿиара ус гәык- ԥсыкала иаҿу. Амилаҭ литература ахьаа зхьаау, змилаҭтә литература аӡыргара иашьҭоу. Убас иҟоу дырхаҭарнакуп Платон Бебиа. Нацәықәкыла ашәҟәы "Уа мшыбзиа, амш бзиа" атәы ҳҳәозар, иану аҩымҭақәа ахәыҷқәа ирызкуп. Иара машәыршақә иҟамлаӡеит Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа аиуразы изықәдыргылаз. Араҟа еизакуп ҩынҩажәа шықәса раахыс автор иаԥиҵаз ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа, ажәабжь кьаҿқәа, аҳәамҭақәа. Аиԥш зеиԥшу ахәыҷқәа ирызку аԥсуа литератураҿы шәҟәык уԥылаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Қапба.

Қапба иажәақәа рыла, ари ашәҟәы аҿы иҭаҟәаҭаҿараны иҟоу ҩымҭак уԥылаӡом, иара убас Платон Бебиа иааидкыланы иҩымҭақәа зегьы рыҟны.

Апремиа аиуразы аконкурс иалаху апоет Платон Бебиа ишәҟәы "Уа мшыбзиа, амш бзиа" акритик Руслан Қапба дшахцәажәо шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.

Ҳаԥсуа сахьаркыратә литература аҟны иналукааша апоет, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа еиҿкаан уи имш иира аҽны хәажәкыра 11, 2016 шықәса рзы


Ажәабжьқәа зегьы
0