https://sputnik-abkhazia.info/20261002/1066097420.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит. Нанҳәа 15 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра... 02.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-02T13:01+0300
2026-10-02T13:01+0300
2026-10-02T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/02/1066097254_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_ee387cda13c2203c847029288869f310.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит. Нанҳәа 15 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны Ԥоҭынтә Гаграҟа мшынла идәықәлеит аӷацәа рдесант. Асааҭ 13:00 рзеиԥш дара Цандрыԥшь иӡхыҵит. Аԥсуа хацәа гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара рырҭарц рҽазыршәеит рнапаҿы иҟаз бџьарқәак рыла, аха рымчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Аӷацәа Гагра рнапахьы иааргеит. Аибашьра ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.Гагра араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан.
Бадра Гәынба аррамаҵурахьы анаԥхьаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит.2026 шықәса жьҭаарамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31 рҟынӡа арратә маҵзурахьы инарыԥхьоит 18-27 шықәса зхыҵуа, арезерв иаҵанамкуа атәылауаа.Зыррамаҵзура аҿҳәара нҵәаз аррамаҵзурауаа рхы иақәиҭыртәуеит.
Оренбург ауааԥсыра Аԥсны ишьыз Амина Бикбова аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргеит.Ацеремониа мҩаԥысит Сулеимани иџьаамаҿы ҳәа аанацҳауеит ТАСС.Уаанӡа, 2021 шықәсазы иара ахара идҵан урыстәылауаҩ лцәа ԥиҽит, дирҳәит, лгәабзиара ааха ӷәӷәа аиҭеит ҳәа, уи азы 9 шықәса иқәҵан.Уажәы Абыхәба 12 шықәса рҟынӡа абахҭа дҭаркыр алшоит.
Гал ӡыда иаанхоит жьҭаара 3 шьыжьынӡа. Речхә ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Абри атәы аанацҳауеит Гал араион ахадара ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа.
Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва агастрольқәа мҩаԥнагоит жьҭаара 7-11 рзы.Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны х-қәгыларак мҩаԥгахоит:Жьҭаара 8 асааҭ 16:00 — Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа асахьаҭыхратә Академиаҿы хаҭалатәи ицәыргақәҵа аартра аҽалархәра.Жьҭаара 9 асааҭ 19: 00 — Москватәи аконсерваториа Рахманинов изал аҿы аконцерт ду Нодар Ҷанба авиолончель азы Исоната адунеитә премиера,Жьҭаара 10 асааҭ 16:00 — ВДНХ апавильон "Ҟазахсҭан" азал "Атриум" аҿы аконцерт ду.Агастрольқәа Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала имҩаԥгахоит.
Урыстәылатәи аспортсмен, еилаԥсоу аиқәԥаразы ԥшьынтә адунеи ачемпион, аиқәԥаратә самбо азы жәынтә Урыстәыла ачемпион Фиодор Емелианенко Аԥсны самбо азы жәларбжьаратәи атурнир ааиртуеит.Аицлабрақәа хацыркхоит жьҭаара 4 рзы. Емелианенко алахәылацәа абжьгарақәа риҭоит.Ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы аспортсменцәа ҿарацәа рԥылара мҩаԥгахоит. Ақәԥаҩ аспорт аҿы дызнысыз имҩа далацәажәоит, азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит, инапынҵа -сессиа мҩаԥигоит.
Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит. Нанҳәа 15 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны Ԥоҭынтә Гаграҟа мшынла идәықәлеит аӷацәа рдесант. Асааҭ 13:00 рзеиԥш дара Цандрыԥшь иӡхыҵит. Аԥсуа хацәа гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара рырҭарц рҽазыршәеит рнапаҿы иҟаз бџьарқәак рыла, аха рымчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Аӷацәа Гагра рнапахьы иааргеит. Аибашьра ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.Гагра араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан.Бадра Гәынба аррамаҵурахьы анаԥхьаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит.2026 шықәса жьҭаарамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31 рҟынӡа арратә маҵзурахьы инарыԥхьоит 18-27 шықәса зхыҵуа, арезерв иаҵанамкуа атәылауаа.Зыррамаҵзура аҿҳәара нҵәаз аррамаҵзурауаа рхы иақәиҭыртәуеит.Оренбург ауааԥсыра Аԥсны ишьыз Амина Бикбова аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргеит.Ацеремониа мҩаԥысит Сулеимани иџьаамаҿы ҳәа аанацҳауеит ТАСС.Уаанӡа, 2021 шықәсазы иара ахара идҵан урыстәылауаҩ лцәа ԥиҽит, дирҳәит, лгәабзиара ааха ӷәӷәа аиҭеит ҳәа, уи азы 9 шықәса иқәҵан.Уажәы Абыхәба 12 шықәса рҟынӡа абахҭа дҭаркыр алшоит.Гал ӡыда иаанхоит жьҭаара 3 шьыжьынӡа. Речхә ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Абри атәы аанацҳауеит Гал араион ахадара ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа.Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва агастрольқәа мҩаԥнагоит жьҭаара 7-11 рзы.Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны х-қәгыларак мҩаԥгахоит:Жьҭаара 8 асааҭ 16:00 — Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа асахьаҭыхратә Академиаҿы хаҭалатәи ицәыргақәҵа аартра аҽалархәра.Жьҭаара 9 асааҭ 19: 00 — Москватәи аконсерваториа Рахманинов изал аҿы аконцерт ду Нодар Ҷанба авиолончель азы Исоната адунеитә премиера,Жьҭаара 10 асааҭ 16:00 — ВДНХ апавильон "Ҟазахсҭан" азал "Атриум" аҿы аконцерт ду.Агастрольқәа Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала имҩаԥгахоит. Урыстәылатәи аспортсмен, еилаԥсоу аиқәԥаразы ԥшьынтә адунеи ачемпион, аиқәԥаратә самбо азы жәынтә Урыстәыла ачемпион Фиодор Емелианенко Аԥсны самбо азы жәларбжьаратәи атурнир ааиртуеит.Аицлабрақәа хацыркхоит жьҭаара 4 рзы. Емелианенко алахәылацәа абжьгарақәа риҭоит.Ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҿы аспортсменцәа ҿарацәа рԥылара мҩаԥгахоит. Ақәԥаҩ аспорт аҿы дызнысыз имҩа далацәажәоит, азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит, инапынҵа -сессиа мҩаԥигоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/02/1066097254_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_eac1465403501aa83e3945c60bfb63ac.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио