00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Атәыла ахада Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу: адепутат ихҳәаа
13:19
4 мин
Аиҿцәажәара
Очамчыра зҭагылазаашьа уадаҩу ашколқәа: аҵараҟәша аиҳабы ицәажәара
13:23
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аԥсны араса аарыхразы алшарақәеи иахьатәи аҭагылазаашьеи: анаплакҩы, аарыхҩы иҿцәажәара
13:45
5 мин
Аиҿцәажәара
Акультура аминистрра агастрольтә план: аспециалист ицәажәара
13:50
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Такие обстоятельства
Интервью Бадры Гунба АТ: об основных тезисах с общественным деятелем
14:18
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Кому цветы не в радость? О сезонной аллергии и борьбе с ней в интервью с врачом
On air
14:44
3 мин
Актуальный комментарий
Цены на отдых в Абхазии 2026: интервью с экспертом
14:46
7 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Руслан Габлиа Аҟәа икыду аҩырақәа ирызкны: аԥхьа игылазар ауп аԥсшәа

© Sputnik Томас ТхайцукРуслан Габлиа Аҟәа икыду аҩырақәа дырзааҭгылеит
Руслан Габлиа Аҟәа икыду аҩырақәа дырзааҭгылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа аҳҭнықалақь аҟны еиуеиԥшым ахыбрақәа ирну аҩырақәеи аӡыргарақәеи азакәан иахьынӡақәшәо атәы еиҭеиҳәеит.

АҞӘА, лаҵарамза 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь аҟны икыду аҩырақәа, аӡыргарақәа аҳәынҭқарратә бызшәеи, аӡыргаразы азакәани еилазго рацәоуп, иҳәеит Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа.

"Аконституциаҿы иануп аԥсуа бызшәа ахархәара аҭатәуп ҳәа. Уи ашьҭахь ауаҩы ихы иаирхәар ҟалоит аурыс бызшәагьы. Дарбанзаалак ауаҩы иара ибызшәа, ихныҟәгашьа, иара иҭаацәа бзиа ианимба, пату анақәимҵа, егьырҭ амилаҭқәа ҳбызшәа пату ақәҵа ҳәа ҳазиаҳәаӡом", — азгәеиҭеит уи.

Аҟәа асахьаҭыхҩы хада иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҟны агха зманы, мамзаргьы аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан еилазго икыду аҩырақәа даара ирацәоуп.

"Иҟоуп ақалақь аҟны аӡыргара азакәан. Уи инақәыршәаны, аԥсышәалагьы урысшәалагьы иану аҩырақәа нбанла еиҟаразар ҟалоит, аха аԥхьа игылазар ауп аԥсшәа. Хыхьынтә ҵаҟа ицозар аҩыра, хыхь аԥсышәала ианызар ауп, нас егьырҭ абызшәақәа, арымарахьтә арыӷьарахь ианызар, раԥхьа аԥсшәа цозар ауп", — иҳәеит Габлиа.

Иарбан усзаалакгьы аԥсшәа аԥхьа иргыламзар, ақалақь аԥсуа хаҿра ацәыӡуеит, азгәеиҭеит Руслан Габлиа.

"Ауаҩы мчыла, дыршәаны аԥсышәала ианиҵартә иузыҟаҵаӡом. Азакәан еилазго рзы ахараԥса арбоуп, аха уи даара имаҷуп", — иҳәеит уи.

Аӡыргаразы азакәан еилазго рахьырхәра ҟалоит ииашамкәа иану аҩырақәа ркыдхра ала, азгәеиҭеит Габлиа. 

"Исҳәар сҭахуп сара аус зуеижьҭеи ииашамкәа икыду аҩырақәа зыԥсахыз даара ирацәаҩуп, аха иуҳәо змаҳауагьы ыҟоуп", — иҳәеит Габлиа.

Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа Sputnik иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Имаҷым аҳҭнықалақь аҟны аорфографиатә гхақәа зманы икыду аҩырақәа, аиҳарак Аԥсны анҭыҵ иҿаҵаны иаарго аҩырақәа рҟны, иҳәоит Руслан Габлиа. Ақалақь ахада инапынҵала, Аҟәа икыду аҩырақәа аԥсышәала ицәажәо, Аԥсны ушыҟоу удырратәы иҟазар ауп, уи аус адааулоит, иҳәеит Габлиа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0