Абаџь зымшәо рзы амнистиа

CC0 / / Лампочка
Лампочка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афымцалашаразы аԥара зымшәо рганахь ала амнистиа аҟаҵара иалацәажәеит ҳҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымбеи "Амшынеиқәафымцамч" ахада Аслан Басариеи реиԥылараан, убри инамаданы уи азҵааразы лгәаанагара ҳацеиҩылшеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik 

Еиуеиԥшым аныҳәатә рыцхәқәа рзы аҳәынҭқарра ахадацәа абахҭа иҭаку рзы амнистиа рыларҳәалоит. Уажәы ҳҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба инеиԥынкыланы, алашара ахархәаразы абаџь зымшәо рзы амнистиа ҟаиҵарц иӡбеит.

Амшынеиқәафымцамч адиректор хада Аслан Басариа - Sputnik Аҧсны
Басариа: афымцамч ахархәара еизҳаит, аԥарашәара шьҭаханы иҟоуп

Ишдыру еиԥш, алашара, аӡы, агәамсам ақәгара уҳәа, еиуиеԥшым аганқәа рыла аҳәынҭқарра иалагалатәу ахшәаатәы аибашьра ааилагазар мап ацәызкуа ауааԥсыра ыҟоуп. Аамҭа-аамҭала атәыла ахадацәа ҳаԥсахуеит, амчарахь иааиуеит "азакәан аус аҳаруеит" зҳәо аполитикцәа, аха абри азҵаатәы акыршықәса раԥхьа ишықәгылац иқәгылоуп.

Иаҳхысыз аӡын ӷьеҩын, зны-зынла афымца анаадырцәалак ажәлар агәынамӡаар аадырԥшуан, урҭ рыбжьара иҟоуп знымзар зны алашара ахә зымшәацгьы. Абас ҳааиуеит иахьа уажәраанӡа. Уажәы атәыла ахада "Амшынеиқәафымцамч" ахада Аслан Басариа даниацәажәоз иҳәеит, ауал зымшәо алашара ахархәаҩцәа аминистиа раҿа ианиҵарц шиҭаху.

Ицәырҵуеит азҵаатәқәа — иҟанаҵазеи аҳәынҭқарара алашара ахә зымшәо рахьырхәразы, избан аминистиа ада ԥсыхәа амамакәа изыҟалаз? Абарҭқәа рыдагьы, иарбан категориоу изҵазкуа аԥҟарақәа ирхыԥаны акыр шықәса алашара ахә зымшәо? Иабаҟоу урҭ "алшара змам ахымхәацәа" рсиа?

Егрытәи ГЕС - Sputnik Аҧсны
Мебониа: ҩышықәса рышьҭахь Аԥсны фымцалашарада иаанхар алшоит

Алашара ахә ашәаразы аҭыԥ аҿы ҳаннеиуа игәаҳамҭарц залшом, уа инеиуа рыбжьара ишмаҷҩым атәанчаҩцәа, акыр зықәра неихьоу асоветтә система иааӡаз аурыс милаҭ иаиуо абыргцәа. Ажәакала, алашара ахә ахызшәаауа зегь реиҳа ибеиоу ракәхарым. Ҳарҭ аԥсуаа ҳабзазара ҳалацәажәозар, ауадаҩрақәа шҳамоугьы, зегь акоуп ҳҵаул чарақәа, ҳаиныхрақәа, ҳаԥсхә дуқәа уҳәа егьырахь акгьы иагҳархом, абри алашареи акоммуналтә баџьқәеи рҿы ҳааӷархоит ҳамҳәозар.

Асоциалтә даҟьақәа рҿы амнистиа рзымбатәбарахеит ианаамҭо инырхуа алашаразы аԥара зшәо ауаа. Инеиԥынкыланы абаџь зшәоз ирыззыргьежьуада иршәоз аԥара, азакәан иахыԥо амнистиа рыдыргалозар?! Сгәанала, абас еиԥш иҟоу "агәыҭбаара" ҳтәыла ахада иҟынтәи ицәырҵуеит алашара ахә алхра знапы иану аструктурақәа русура ахьылҵшәадоу азы.

Алашра ахә зымшәо амнистиа роур, уаанӡа изшәозгьы иумшәар шауа днарбоит, амнистиа иаҵанкызгьы ишырдыруеиԥш иршәалаӡом. Хаҭала сара ари зыҩуа, амнистиа иснарбоит, гаӡарыла абарҭ ашықәсқәа зегь, алашареи, аӡи, акоммуналтә баџьқәеи шысшәоз. Иумшәар амнистиа узааиуазаап. Иабаздыруаз асоветтә система иааӡаз ауаҩы ас уныҟәар шауаз…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0