Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп

© Фото : группа в Facebook "Памяти павших за Родину"Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год.
Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵеи дахьиз аҩнаҭа еснагь агәырӷьара ацуп. Аҭаацәа изызҳауа рыхшара еснагь ргәыӷра рыдырҳәалоит, "ҳабиԥара иацырҵап"- ҳәа. Аха, иҟоуп агәыӷрақәа анҿыцәаауа, Аԥсадгьыл ахьчара анаҭахха, дызнылаз имҩа дныҳәа ныԥхьаны днықәырҟоит. Хымԥада, уи иацуп агәаӷьра, ачҳара, аҟәыӷара.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Нхыҵ Кавказтәи Ареспубликақәа зегьы рҟынтә еиԥш, Ҟабарда-Балкариантәи хатә гәаԥхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара, еизҳауа абиԥарақәа еимырдалап, еибырҳәалап, аҭоурых ианырҵалап. Ҳаибашьцәа ргәалашәара, рфырхаҵара аиҭаҳәара, ҳара ҳзы иԥшьоу усуп.

"Агәымшәаразы амедал" занашьоу Заур Семионов, Ҟабарда-Балкариантәи хатә гәаԥхарала иҩызцәа дрыцны Аԥсны деибашьуан. Иара игәалаиршәоит Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны данаа, анаҩс дызнысыз аибашьратә мҩа.

"Сара аибашьра иалагаанӡагьы Аԥсныҟа саахьан, усҟан еилукааратәы иҟан аҭагылазаашьа шҽеимыз, аибашьра иалагар шыҟалоз. Кавказтәи ажәларқәа рконфедерациа ахьӡала уа ҳаҟан уаа ҩажәаҩык. Ҳгәыԥ иалахәыз рахьтә ԥыҭҩык Аԥсны иаанхеит, уа ишыҟаз ауп аибашьрагьы шрыхьӡаз. Ҳара Ҟабарда-Балкариаҟа ҳхынҳәит, ҩымз ааҵуанеиԥш ауп ишҳаҳаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит ҳәа", — игәалаиршәоит аибашьра аветеран.

Имариамызт ус ашьха каҵәарақәа ирхысны, шьапыла мацара Аԥсныҟа аара. Еиҳа ианыуадаҩыз, аха еиҳа ианаҭахыз аамҭазы. Уи рылдыршеит Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа.

"Ҳара иахәҭаны, иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡеит иаразнак Аԥсныҟа ҳцарц, гәыла-ԥсыла, шьала-дала иаҳзааигәоу ҳашьцәа ҳажәҩахыр рымаҳдарц. Аиашьа, аиашьа ила ибӷа ӷәӷәоуп еснагь. Ҳара шәарҭарак ҳҭагылар, шәаргьы убасҵәҟьа шәхы мҩаԥыжәгон. Ҳара ҳмеидгылар ҟалоума?", — дҳацәажәон Заур Семионов.

Адам Богус-Леон иорден занашьоу, Адыгатәылантәи Аԥсны хатәгәаԥхарала деибашьуан. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәарақәа

Аԥснызы, аԥсуаа рзы згәы былуа хатә гәаԥхарала еибашьуаз ҳаибашьцәа еснагь иарӷьажәҩаны иҳавагылоуп, ацәгьара аҟнеиԥш, абзиара аҟынгьы.

"Сара исҭахуп Аԥсны еизҳазыӷьарц. Уаҳа аибашьра Анцәа ишәзаимгааит, аҳәыҷқәа аҭынч ԥсҭазаара рԥеиԥшзааит, иазхазааит шәтәыла иахҭнагахьоу агәаҟрақәа. Еизҳауа абиԥарақәа ахааназы ирхамшҭааит рыжәлар знысыз аҭоурыхтә мҩа. Агәра ганы сыҟоуп уи ахә шыршьо, рхәыҷқәеи рмаҭацәеи рҟынӡа иахәҭоу ажәала ишнаро", — ҳәа азгәеиҭеит аибашьра аветеран Заур Семионов.

Агәымшәараз амедал занашьаз аҟабарда еибашьҩа Задим Тарчоков, иҩызцәа зегь реиԥш еиԥхьхәыцрак ҟамҵакәа, агәыԥ "Ҟабарда" далахәны Гәмысҭатәи афронт аҟны деибашьуан, аха рыцҳарас иҟалаз аӷа ихымца дзацәымцеит.

Задим Тарчоков иаб Билиал, игәаҵа иҭаԥсоз илаӷырӡқәа мчыла иҵәахуа дҳацәажәон.

"Ус лахьынҵас иман, иԥсҭазаара кьаҿын. Анцәа дсиҭан, Анцәа дсымихит. Сара хәҩык аҷкәынцәа сыман, хҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Сԥацәа иԥсыз руаӡәк хәҩык ахшара иҭынхеит. Дара рыла сыԥсы ҭагәышьоуп. Аибашьраҿ иҭахаз сԥа уаҩ диҭнымхеит, ихьӡ зҳәо иаанхаз иара ифотосахьа заҵәык ауп", — ҳәа ацәажәара дналагеит Билиал Тарчоков.

80 шықәса ирҭысхьоу Билиал Тарчоков, агәырҩа дшаӡрыжәхьоугьы, игәы камыжькәа дҳацәажәон, иазгәеиҭеит Аԥсадгьыл ахьчара ахаҵа ишиуалԥшьоу.

День памяти жертв Кавказской войны. - Sputnik Аҧсны
Инџьгьиа: Кавказ ажәларқәа хатәгәаԥхарала рыдгьылқәа нырмыжьит

"Агәаҟра ӷәӷәа шәхыжәгеит аԥсуаа. Сара сеиԥш шаҟаҩы рԥацәа зықьҩыла аибашьраҿы иҭахазеи? Ҳара агәаҟра иаӡрыжәхьоу жәларуп, ҳара ҳдоуҳам ӷәӷәоуп. Иҟаҳҵарызеи, аԥсуаа харак рыдӡамкәа аӷацәа рықәлеит, Аԥсадгьл хьчатәын. Зегьы аԥсҭазаара рҭахуп, аха алахьынҵа ҳәа акы ыҟами? Досу илахь ишану дақәшәоит, уҽанурнаалароуп. Адунеи аҿы еибашьра ҟамлааит, аҭаацәа рыхшара рцәымӡааит. Зыԥсы ҭаны иаанхаз аибашьцәа пату рықәышәҵала, абааԥсы! Анцәа иџьшьаны Аиааира амоуп Аԥсны, инагӡахааит!", — дныҳәон зыблақәа аччара зцәыӡхьоу абырг.

"Иҭабуп ҳахьышәхамшҭуа, ҳаҷкәынцәа ахьышәгәалашәо, ирылшоз ала рашьцәа ирывагылеит", — зҳәаз, аибашьраҿы зыхшара ҭахаз аҭаацәа ражәақәа ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит. Рҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0