Инџьгьиа: Кавказ ажәларқәа хатәгәаԥхарала рыдгьылқәа нырмыжьит

© Sputnik Томас ТхайцукДень памяти жертв Кавказской войны.
День памяти жертв Кавказской войны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҭоурых амузеи адиректор Џьамбул Инџьгьиа XIX ашәышықәса анҵәамҭаз ахырҵәара иалаӡыз Кавказ ажәларқәа ргәалашәара амш аҽны арадио Sputnik аинтервиу аиҭеит.

АҞӘА, лаҵарамза 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Кавказ ажәларқәа XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы рыдгьылқәа хатәгәаԥхарала иныжьны иқәымҵит, иҳәеит Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҭоурых амузеи адиректор, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа.

"Зегь раԥхьа иргыланы араҟа иҟоуп аполитикатә мзыз XIX ашәышықәса 70-80 ашықәсқәа рзы иҭыҵуаз акьыԥхьрақәа рҿы ишадырбоз амҳаџьырра ауп ҳәа. Уи иаанагоз, Кавказ ажәларқәа мсылманцәоуп, убри азы хатәгәаԥхарала рыдгьыл ааныжьны хаџьара ицеит ҳәа ауп, аха ари аиаша иацәыхароуп", — азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Уи излеиҳәо ала, ажәа амҳаџьырра ахырҵәара иазкны ахархәара иашам.

Инджгия Джамбул - Sputnik Аҧсны
Арадио
Инџьгьиа: ажәа амҳаџьырра ихырҵәоу ргәы днархьуеит, иагьиашоуп дара

"Ҳара амҳаџьырра ҳҳәоит, аха ҳара уи анҳҳәо ахҵәара иақәшәаз ҳџьын џьуаа ргәы иалсуеит, иагьиашоуп дара. Иара амҳаџьырра ажәа аҵакы ҳалацәажәозар – хаџьара ицаз ҳәа ауп иаанаго. Аԥсуаа, мамзаргьы Кавказ ашьхарыуаа жәларқәа мсылманцәан, убри азыҳәан хаџьара ицазшәа ауп ишалҵуа", — иҳәеит Инџьгьиа.

Ари аҭоурыхтә хҭыс иақәшәаз ауаа рзы ихырҵәаз ҳәа ауп ишҳәатәу азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

"Избанзар, рхатә гәаԥхарала рхәышҭаарақәа, рабацәа рџьынџь ныжьны имцаӡеит. Арҭ ауаа арыцҳара иахҟьаны ауп рыԥсадгьыл ааныжьны изцаз", — иҳәеит уи.

 Џьамбул Инџьгиа иажәақәа рыла, аҭоурых имарианы азнеира ҟалаӡом, иацтәи амш азхьаԥшра аҭахуп алкаақәа ҟаҵалатәуп уаҵәтәи амш азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0