Ԥсҳәы ақыҭа

© Sputnik / Владимир БегуновПсху
Псху - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирацәоуп ақыҭа иадҳәалоу аҭоурыхтә хҭысқәа. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит араҟа аҭоурых иаҿахәҳәаганы иуԥыло абаҟақәа. Амҳаџьырра аамҭа, егьырҭ аԥсуа қыҭақәа зегьы реиԥш, Ԥсҳәы ақыҭа иахькьысит. Арантә атәым тәылаҟа ихырҵәан имаҷымкәа Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

1864 шықәса рзы, Бзыԥ азааигәара инхоз Ԥсҳәаа, агаҿаҟа илбааит Ҭырқәтәылаҟа иӡхыҵырц. Урҭ рахьтә иҟоуп амшын нырцәҟа иагаз аҩхааҿгьы иаанхаз, аха иҟоуп шьҭахьҟа иԥхьаҵқәазгьы. Урҭ Ҟәбина аҳаблаҿы рҭыӡҭыԥ ылырхыр акәхеит.

Ашьха каҵәарақәеи ахыҵырҭақәеи урхысны Ԥсҳәыҟа игоу амҩа унанылар, иаауыкәыршаны иҟоу иџьашьатәу аԥсабара акыр убла хнамкырц залшом. Иара шьҭоуп Бзыԥ аӡиас ахыҵхырҭа азааигәара, 760 метра аҳаракыраҿы. Аҿҟьарақәа абнара рхылиаахьеит, ашьхеибаркырақәа ракәзар, аҭаҳарақәа ирҿыкәыршоуп. Арантә илбаауа аӡиасқәа маҷым. Урҭ ирылукаауеит аӡиас Аӷәраԥсҭа.

Ԥсҳәыҟа ухазгало амашьына дуқәа знысуа амҩеи, аҳаиртә мҩеи роуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы ижәытәӡатәиу аԥсуа қыҭаҿы еиҳараҩык инхо ауаа милаҭла иаурысқәоуп. Ирацәоуп Ԥсҳәы ақыҭа иаҵаҵәаху аҭоурыхтә хҭысқәа. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аибашьрақәа, ахҵәарақәа, абылра…

"Кавказтәи аибашьра еилгеит 1864 шықәса рзы. Убри ашықәсаны, арантә ихырҵәан абазақәа. Урҭ Ҭырқәтәылаҟа, мамзаргьы Нхыҵ-Кавказҟа ацара рыдгалан. Еиҳараҩык хырҵәан Ҭырқәтәылаҟа, 300-ҩык рҟынӡа Ҟарачы-Черқьессҟа. Урҭ араҟа анхара азин рымамаызт иара Асовет мчра аамҭазгьы, абазақәа арахь игьежьыр руамызт. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аԥхьа ахынҳәра азин рыман. Зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, ихынҳәқәаз ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭоит Ԥсҳәы ақыҭа инхо аҭоурыхдырҩы Владимир Поступаев.

Ирҳәоит, ажәытәӡа Ԥсҳәы инхоз аԥсуаа, акыр ахаҵареи аибашьреи злаз уаан ҳәа. Урҭ ирыман изымҵаныҳәоз аԥшьа ҭыԥқәа: Инал-Ҟәыбеи, Ԥсҳәы-Ныхеи.

"Инал ҳәа зыӡбахә рҳәо дԥызан, амшын агаҿақәа рҟны инхоз драбашьуан. Иара ара дҭахеит, ашьха акәзар-Инал инышәынҭра ҳәа иашьҭоуп. Хымԥада, иара уа анышә дагьамадоуп. Уи ашьхаҿы аҭоурых иаҿахәҳәагоу акыр аԥшаарақәа ыҟоуп. Иахьа уажәгьы, ари атыԥ ԥшьа иамҵаныҳәоит", — иҳәеит Поступаев.

Псҳәы ақыҭа агәаҿы абнара иагәыҵаҵәахны иамоуп абаашқәа рышьҭақәа. Абааш ахьыҟаз аҩны гылан, уаҟа дынхон Аҳ. Ахәаахәҭцәа рҟны иара ахәыҷқәа аахәаны рҭаацәа ирызирхынҳәуан. Ԥсҳәы абнаршәырақәа рҟны иԥшаау абаҟақәеи, адольменқәеи шаҳаҭра руеит акыр нызқь шықәса уажәаԥхьа ара ишынхоз Квказаа рхылҵшьҭрақәа. Иара убас иҟоуп еиқәхаз аԥсыжырҭақәа, аихалых маҭәахәқәа.

Аҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор Аслан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аслан Аҩӡба: Ԥсҳәы аҭарцәра Кавказ ахақәиҭтәраз акраҵанакуа иҟалеит

Абжьаратәи ашәышықәсқәа рзы Ԥсҳәаа абнақәа ирылсны рааигәа-сигәа иҟаз ргәылацәа ирықәлон. Аԥсны Урыстәыла ианадла анаҩсгьы, дара рхыԥхьаӡара амаҷра иахәамԥшкәа, аҳратәра иаҿагылан. Еиҳа иуадаҩыз аамҭа ианҭагылаз урҭ ирыцхраауан аубыхқәа, аибгаа, иара убас ашьхарыуа жәларқәа. 1864ш. рзы Ԥсҳәаа рымч анымха, раӷацәа рганахь ала амацәаз иҭакхеит. Убри алагьы иааныркылар акәхеит имҩаԥыргоз аҿагыларақәа. Ақыҭауаа зегьы Ҭырқәтәылаҟа иахган. Анаҩс, иҭацәыз аҭыԥқәа рҿы индырхо иалагеит абырзенқәа. Уи ашьҭахь, аҭырқәа-аурыс еибашьра анынҵәа, Урыстәылантә ақыҭахь иаарго иалагеит аурысқәа. Адунеизегьтәи актәи аибашьра анцоз аамҭазы Ԥсҳәы индырхон аберқәа.

Васили Шишин, Ԥсҳәы ақыҭан диит. Имаҷым ианду лҟынтә иидыруа игәалашәо ажәабжьқәа.

"Санду еиҭалҳәо саҳахьан, 1921 ш. рзы дара арахь нхара ианааз араҟа абӷьы зҿамыз аџьҵла ду гылан ҳәа. Уи аҵла 500 шықәса раҟара ахыҵуан. Усҟан ари акаҵәараҿы абнара ыҟаӡамызт, ақыҭақәа рацәан. Уи ус шакәу зырҵабыргуа иаанханы иҟоу рацәоуп, иаҳҳәозар ауардынмҩа ашьҭақәа. 1900-тәи ашықәсқәа рзы ауп раԥхьаӡа акәны арахь Урыстәылантәи еиҳарак нхара аара ианалага. Сара саншьҭра Белоруссиантәи иаақәаз роуп. Сабшьҭра Нхыҵ-Кавказынтә. Сан ара диит. Ҳара аԥшьбатәи абиԥароуп Ԥсҳәы инхақәо", — ажәабжь еиҭеиҳәон Шишин.

Васили Шишин, иара убас еиҭеиҳәеит даҽа хҭыскгьы.

Ԥсҳәы ақыҭан Иоаан аӡӡаахҩы иуахәама. - Sputnik Аҧсны
Ԥсҳәы ауахәама дыргылеит

"1940-50-тәи ашықәсқәа рзы маӡала ауаа ахыргон. Уи аамҭазы сара арра сыҟан. Сан лҽылҵәахын џьаргьы дымцаӡеит. Имцакәа иаанхеит 20 ҭӡы раҟара. Ашколқәа, адәқьанқәа, ақыҭа аусбарҭа, ахәышәтәырҭақәа зегьы адыркит, акагьы аус ауамызт. Ақыҭауаа рҭыԥқәа аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рымамызт. Ҩышықәса хышықәса рнаҩс мчылатәи ахҵәара аанкылан. Анаҩс ҩаԥхьа ахынҳәра иалагеит. Абазақәа арахь имаакәа, реиҳараҩык Очамчыратәи араион ахь ицеит. Аурысқәа Охәреиҟа рхы дырхеит. Аханатә аахыс, Ԥсҳәы инхоз ирхылҵшьҭроу акырӡа имаҷуп. Убри аҟынтә ақьабз, аҵас бзиақәа еиқәхаз маҷуп. Ҳара ара анхара ҳашьцылеит", — иҳәеит Васили.

Ԥсҳәы ақыҭа ахьӡ ахьынтәаауа азы еиуеиԥшым агәаанагарақәа ыҟоуп. "Адыга бызшәала Ԥсҳәы–Аӡ ду аанагоит. Ажәытәӡа Ԥсҳәы аӡҭач ду ыҟан. Изларҳәо ала, аӡиас Риҵа аасҭа еиҳан. Иара адгьылҵысра анаҩс ауп ианыҟала", — иҳәоит аҭоурыхдырҩы Владимир Поступаев.

"Ақыҭа Ԥсҳәы ахьӡ — ажәла Ԥсҳәы аҟынтә иаауеит. Усҟан даара ирацәан ас еиԥш иҟаз ажәла", — ҳәа азгәеиҭоит Васили Шишин.

Ирацәоуп Ԥсҳәы ашьхеибаркыра иамоу акаҵәарақәа, ахыҵырҭақәа. Урҭ зегьы дара рхатәы хьӡқәа рымоуп. Имаҷым макьана иҭҵаам иаартым Ԥсҳәы иадҳәалоу аҭоурых.

Ажәабжьқәа зегьы
0