Аҵәахырҭатә банк аамҭалатәи анапхгараҭара азухоит

© Sputnik Томас ТхайцукНациональный банк РА
Национальный банк РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҵәахырҭатә банк аҿы аамҭалатәи анапхгараҭара ззыҟаҵоу атәы.

АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аамҭалатәи анапхгараҭара азухоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа - Sputnik Аҧсны
Бараҭелиа: атәанчахәы раԥхьатәи амш азы зегьы рыҭара уадаҩуп

"Аамҭалатәи анапхгараҭара еиднакылоит Аԥсны Абанк амаҵзурауаа, апрофессионалцәа. Дара акредиттә еиҿкаарахь инашьҭхоит азакәан иазыԥхьагәанаҭо аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан. Урҭ рахь иаҵанакуеит ашәарақәа рыҿҳәара аанкылара, акапитал ашәага-зага алаҟәра. Ажәакала иуҳәозар, аамҭалатәи анапхгараҭара, ари акризис аԥырҟәҟәаара алзыршо, абанк аҭагылазаашьа еиӷьызтәуа напхгаратә командоуп", — иҳәеит иара.

Абҵара 13, 2017 шықәса азы Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҿы иалагалоуп аамҭалатәи анапхгараҭара. Абанк анапхгаҩы Бганба инапынҵақәа мызкы аҩныҵҟа иԥкхоит, мызкы ашьҭахь зынӡаск иаанкылахоит иҳәеит Бараҭелиа.

Беслан Бараҭелиа ишиҳәаз ала иахәҭаны ишьоу ахықәкқәа рзы аамҭалатәи анапхгараҭара имҩаԥнагараны иҟоуп иакымкәа ауснагӡатә ҷыдақәа.

"Абанк шьаҭанкыла афинанстә ҭагылазаашьа ҭҵаатәуп, аныхрақәа ркьаҿтәуп, ауалқәа рырхынҳәразы азакәан иазыԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа зегьы ахархәара рыҭатәуп", — иҳәеит Бараҭелиа.

Амилаҭтә банк ахантәаҩы иажәақәа рыла Аҵәахырҭатә банк аҿы аамҭалатәи анапхгараҭара алагалоуп ҿҳәарас ҳәа фымз аҭаны, аха абанк ахылаԥшра арҭалоит афинанстә шьақәгылара шьаҭанкыла иԥсаххаанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0