Оҭар Хәынҵариа ихьӡ ахырҵеит Пицундатәи амузыкатә школ

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаОҭар Хәынҵариа ихьӡ ахырҵеит Пицундатәи амузыкатә школ
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ ахырҵеит Пицундатәи амузыкатә школ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа ихьӡ ахырҵеит Пицундатәи амузыкатә школ.

ГАГРА, абҵарамза 30 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ԥхынҷкәын 1 азы, Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Гьаргь-иԥа Хәынҵариа иԥсы ҭазтгьы ихыҵуан 60 шықәса.

Ансамбль  Апхьарца - Sputnik Аҧсны
Акомпозитор Оҭар Хәынҵариа игәалашәаратә хәылԥазы Аҟәа имҩаԥгахоит

Гагра араион акультура аусзуҩцәа иаадырԥшыз агәаҳәарала, араионтә Еизара адепутатцәа ахәбатәи ааԥхьара ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны, Оҭар Гьаргь-иԥа ииубилеи аламҭалаз, ихьӡ ахырҵеит 20 шықәса инарзынаԥшуа аус ахьиуаз, Гагра акультура аҩны аҟны икабинеҭ, иара убас Пицундатәи амузыкатә школ.

Оҭар Хәынҵариа ирҿиамҭақәа ахьиуаз акабинеҭ аҿаԥхьа икыдуп, уи зырҵабыргуа агәалашәаратә ҭӡы.

Аҟазара знапы алаку абиԥара ҿыц роуп, уи официалла аартра заҭәашьазгьы.

Акомпозитор иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәса алагамҭаз, аха иахьа уажәраанӡа, икабинеҭ аҟны, есшьыжьы иҩызцәа итрадицианы ишрымаз еиԥш акаҳуа ршны инеиуеит, ажәа ҟәандала дыргәаладыршәоит.

"Оҭар Гьаргь-иԥа, Гаграа ҳамацара ҳакәым, Аԥсны зегьы дрыԥхеит. Иара иеиԥш иҟоу ауаҩы шәышықәса рахьтә знык диуеит. Гагра араион акультура аусзуҩцәа иҳалшо зегь ҟаҳҵоит Аԥсны Жәлар рартист  ихьӡ амырӡразы, иҭынхаз архив ду аиқәырхареи ԥхьаҟа агареи рзы", — лҳәеит Томас Кокосқьыр ихьӡ зху Гагратәи акультура аҩны аҳабы Венера Чагәаа.

Оҭар Гьаргь-иԥа икабинеҭ аартызаауеит аԥсуа музыкатә инструментқәа бзиа избои, аҟазара иазҿлымҳауи иара аинтерес змоуи рзы. Акабинеҭ аҟны ауаҩы илаԥш ақәшәоит, амилаҭтә инструментқәа: абыкь, асаркьал, аҩыжь, аҩымаа, ахымаа, аҟаԥ-ҟаԥ, аҟьаԥ-ҟьаԥ, аԥхьарца, амырзакан уҳәа.

Оҭар Хәынҵариа дыздтәылаз астол аҟны, иџьабоит, аамҭала абжьы ссир зхиҵаз аҿарпын. Акультура аусзуҩцәа агәыӷра рымоуп, Оҭар Гьаргь-иԥа Хәынҵариа иеиԥш аԥсуареи аҟазареи ирызгәудуу мышкызны дырзааины, акомпозитор ду иус иациҵап ҳәа.

Гагратәи акультура аҩнаҟны, Оҭар Хәынҵариа еиҿкааны иман ахәыҷтәы театр "Мамзышьха", аопера "Нан", амиузикл "Иааирума", аестрадатә ансамбль "Бырфын".

Еиуеиԥшым ажанрқәа рыла, 15 диск ҭижьхьан.

Оҭар Гьаргь-иԥа Хәынҵариа иазирхиахьан, макьана акьыԥхь зымбац жәлар ринструментқәа ирызку, нотала еиқәыршәоу ашәҟәы.

Анаҩс, агәалашәаратә усмҩаԥгатә иацҵан Пицунда. Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Гьаргь-иԥа Хәынҵариа ихьӡ ахырҵеит амузыкатә школ.

Араҟа иаартын аҭӡы. Анаҩс имҩаԥган аконцерт. Амузыкатә школ ааӡамҭацәа инарыгӡеит акомпозитор ду музыкала еиқәиршәаз ашәақәа.

"Оҭар Гьаргь-иԥа иааԥсара мыӡроуп. Аҟазара знапы алаку зегьы, ирааӡо абиԥара ҿыц иӡбахә рарҳәароуп. Азанааҭ азҟаза иаҳасабала ицназго иԥшаара уадаҩуп, иара уҩас ҟазшьала. Ҳара ахаан даҳхашҭуам арҵаҩ ду, ауаҩы лаша", — лҳәеит Пицундатәи амузыкатә школ аиҳабы Роза Ажьиба.

Ажәабжьқәа зегьы
0