Sputnik
Аԥснытәи аԥгаԥсатә еилахәыра "Гарант страхованиеи" урыстәылатәи аԥгаԥсатә еилахәыра "Всероссийская страховая компаниеи" аиқәышаҳаҭра рнапы еицаҵарҩит. Урыстәылатәи аилахәыра азинтәи афинанстәи цхыраара ҳнаҭоит иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз аилахәыра "Гарант страхование" адиректор хада Ахра Қьецба.
Ари азҵаара аӡбра аҭахуижьҭеи акрааҵуеит Аԥсны. Атуриндустриа аусзуҩцәа ирымоу азҵаарақәа ирыхҟьаны уи макьаназы иӡбам.
"Хымԥадатәи аԥгаԥса алаагалоит анаҳҳәа атуриндустриа азҵаара рацәа рызцәырҵит. Зегьы еилыркаауеит аԥгаԥса алагалара шахәҭоу, атурист изы ишхымԥадатәиу. Ацивилизациатә тәылақәа зегьы усеиԥш аусурахь ииасхьеит", — лҳәеит Аԥсны атуризм азы Аидгыла аиҳабы Анна Калиагина.
"Гарант страхование" адиректор хада иажәақәа рыла ԥхынҷкәын 19 рзы Аҟәа имҩаԥысыз астол гьыжь аҟны ирылыцәажәан аимак-аиҿак зцу азҵаарақәа.
"Аԥгаԥса хәарҭоуп атурист амашәыр дақәшәар, ахәышәтәырҭа дҭашәар, иавтотранспорт ааха аиур", — иҳәеит иара.
Адунеитә практика иаҳнарбоит атуристцәа рзы аԥгаԥса алагалара хра аманы ишыҟоу.
"Адунеи зегь аҟны абри аҩыза апрактика ахархәара амоуп. Ауаҩы тәылак аҟынтәи аҽа тәылак дзалалом аԥгаԥса имамкәа. Усеиԥш иҟоу азакәан ҳара ҳҟынгьы аус ауроуп. Аԥгаԥса змоу ауаҩы иарбанызаалак атәылаҿ илшоит амедицинатә цхыраара аиура. Амедицинатә цхыраара ҟазҵо аҳақьымцәагьы аԥгаԥсаҟынтәи 5-10% роуеит", — иҳәеит Қьецба.
Аԥгаԥса ахышәа-ҵышәа атурист атәылаҿ иҟазаара иадҳәалоуп. Мышкы 50 мааҭ, мчыбжьык 250 мааҭ артәоит иҳәеит Қьецба.
Иҟоуп ауаа аԥгаԥса атуристцәа атәылахь аара иаршәоит ҳәа изыԥхьаӡо. Аха Аԥсны атуризм азы Аидгыла уи азы лгәаанагара аҽакуп.
"Ҳара ҳахь иаауа аиҳарак Урыстәылатәи атуристцәа роуп. Урҭ атәылақәа жәпакы ирҭаахьеит, ирбахьеит зехьынџьара аԥгаԥса ахархәара шамоу, ишхәарҭоу", — лҳәеит Калиагина.
Аусура ҭышәынтәаларц азы атурист ирдыртәуп аԥгаԥса аиура ахьахәҭоу Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу аилахәырақәа рҿы шакәу.
Макьаназы Аԥсны, атуризм аусхк аҿы аԥгаԥса алагалара еилацәажәаратә ҟазшьоуп иамоу.