Милена Тачулиаԥҳа лзы ҷыдалатәи амастер-класс

© SputnikПрима-балерина Любовь Андреева встретилась с участниками проекта "Ты супер! Танцы"
Прима-балерина Любовь Андреева встретилась с участниками проекта Ты супер! Танцы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik апроект "Ты супер! Танцы" алахәылацәа рзы ашықәс ҿыцазтәи аҳамҭа азнархиеит – Санкт-Петербург мчыбжьык аҟазаара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Борис Еифман ибалет Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә академиатә театр априма-балерина Лиубовь Андреева апроект "Ты супер! Танцы" алахәылацәа дырԥылеит.

Финал шоу Ты супер!Танцы - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ты супер! Танцы": иацы, иахьа, уаҵәы

"Сара сгәысҽанымкәан ауп Лиубовь Андреевеи лыԥшәма Денис Климуки ҩ-сааҭктәи амастер-класс амҩаԥгарахь сышнарыԥхьаз. Иухамышҭыша хҭысуп. Дара сықәгыларақәа зегьы ишрыхәаԥшуаз сарҳәеит. Даара агәахәара ду снаҭеит", — лҳәеит Милена Тачулиаԥҳа.

Аҟазауаа ахәыҷқәа иддырбон акәашара аҷыдарақәа. Апроект алахәылацәа ракәзар, артистцәа рҿаԥхьа рмилаҭтә кәашарақәа икәашеит.

"Дара исдырбеит еиуеиԥшым акәашаратә комбинациақәа. Нас, сара схаҭа инасыгӡеит апроект аҟынтәи сномерқәа: "Драмы больше нет", "Дерево", — лҳәеит Тачулиаԥҳа.

Еицырдыруа абалерина иара убасгьы акәашаҩцәа қәыԥшцәа ирзеиҭалҳәеит ақәгылара аламҭалаз аҽеиқәкышьа амаӡақәа, агәыхыҭхыҭра аиааишьа.

"Ахәыҷқәа зегьы оумашәа иҟазауаауп. Рықәгыларақәа санрыхәаԥшуа аџьшьара сааннажьуам. Икәашалароуп. Уи шамахамзар зегьы ирылшоит", — лҳәеит Лиубовь Андреева.

Выступление Милены Тачулия во втором туре шоу Ты супер!Танцы - Sputnik Аҧсны
Милена Тачулиаԥҳа "Ты супер! Танцы" афиналбжахь днеит

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik апроект "Ты супер! Танцы" алахәылацәа рзы ашықәс ҿыцазтәи аҳамҭа азнархиеит – Санкт-Петербург мчыбжьык аҟазаара.

Иара убасгьы амаҵзура аконкурсантцәа 18 шықәса рхыҵаанӡа есымзатәи астепендиа рзашәалоит, ианаамҭахо урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараҿы ирыцхраалоит.

Sputnik (sputniknews.com) – Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатә хабқәа амоуп.

Sputnik асаитқәа аус руеит 30 рҟынӡа бызшәа рыла. Ажәабжьтә лентақәа ракәзар, англыз, араб, акитаи, аиспан бызшәақәа рыла уахи-ҽни иҭыҵуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0