Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны Вишерневаа рмемориалтә ӷәы кыдҵоуп

© Sputnik Открытие мемориальной доски в память Дмитрия и Ольги Вишерневых
Открытие мемориальной доски в память Дмитрия и Ольги Вишерневых - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ, авице-консул Дмитри Вишернев дшьын Аҟәа ақаалқь аҟны 2013 шықәса цәыббра 9 рзы.

АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2013 шықәса цәыббра 9 рзы зыԥсҭазаара иалхыз Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ, авице-консул Дмитри Вишерневи иԥшәмаԥҳәыс Ольга Вишерневи рмемориалтә ӷәы кыдҵоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны 2018 шықәса, жәабран 8 рзы.

© Sputnik Открытие мемориальной доски в память Дмитрия и Ольги Вишерневых
Открытие мемориальной доски в память Дмитрия и Ольги Вишерневых  - Sputnik Аҧсны
Открытие мемориальной доски в память Дмитрия и Ольги Вишерневых

 

Жәабран 10 рзы Урыстәыла иазгәарҭоит адипломатиатә усзуҩ Имш. Москва абарҭ амшқәа рзы иргәаладыршәоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы зыԥсадгьыл аҿаԥхьа зуалԥшьа анагӡараан, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан аума, арепрессиақәа ианраамҭаз аума, аҭынч ԥсҭазаараан аума зыԥсҭазаарақәа ҿахҵәаз", — иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семен Григорьев.

Аԥсны Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа аусура аамҭа рацәак шымцацгьы аҭыԥ амоуп угәы узырхьша ахҭы иҳәеит иара.

"2013 шықәса цәыббра 9 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ, авице-консул Дмитри Вишерневи иара иԥшәмаԥҳәыс Ольга Вишерневи рыԥсҭазаара иалхын. Ҳара ҳзы уи даара ихьаа бааԥсхеит. Иахьа урҭ ргәалашәара анаӡаӡатәразы ҿыц иргылоу Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы икыдҵахоит амемориалтә ӷәы", — иҳәеит Григорьев.

Ацҳааржәҳәаҩ ҭабуп ҳәа реиҳәеит ареспублика амчратә еилазаарақәа ацәгьоура ахьаадырԥшыз азы.

"Ацәгьоуҩы Иусуп Лакаев Қырҭтәылаҟа аҳәаа дахысны иҽиҵәахит. Уаҟа иара аҽа цәгьарак ахьиуз иахҟьаны уажәы дҭакуп. Иара Урыстәылатәи Афедерациахь иҭаразы аицәажәарақәа мҩаԥысуеит", — иҳәеит иара.

© Sputnik Открытие мемориальной доски в память Дмитрия и Ольги Вишерневых
Открытие мемориальной доски в память Дмитрия и Ольги Вишерневых  - Sputnik Аҧсны
Открытие мемориальной доски в память Дмитрия и Ольги Вишерневых

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа иазиԥхьаӡоит Вишерневаа рышьра аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рыҵшәаароуп иизырхаз ҳәа.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ, авице-консул Дмитри Вишернев дшьын Аҟәа ақаалқь аҟны 2013 шықәса цәыббра 9 рзы. Иара иԥшәмаԥҳәыс Ольга Вишернева, илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны лыԥсҭазаара далҵит Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы цәыббра 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0