https://sputnik-abkhazia.info/20260805/1064801331.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы Атурист-информациатә центр аатит. Атуризм аминистрра апроект амаҵзура ахаҭабзиара аизырҳара, атуристцәа... 05.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-05T18:00+0300
2026-08-05T18:00+0300
2026-08-05T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/05/1064801165_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_c9906f90ad535539922e2783220003b6.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы Атурист-информациатә центр аатит. Атуризм аминистрра апроект амаҵзура ахаҭабзиара аизырҳара, атуристцәа атәыла ианаҭаа инаркны иманшәалоу анавигациеи адырраҭареи рсистема рзаԥҵара иазырхоуп."Ҳусзуҩцәа ареспублика иамоу аихьӡарақәа ирылацәажәалоит, зегь реиҳа иԥшӡоу, зегь реиҳа аинтерес зҵоу аҭыԥқәа, уахьцаша, иарбан транспорт хку ухы иаурхәаша ртәы еиҭеиҳәоит", — ҳәа азгәеиҭеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа. Иара иҳәеит, Ацентр аҿы атуристцәа хәыда-ԥсада асим-картақәа шырзыршало.
Апассаџьыртә автомҩангарақәа рхылаԥшразы ареидқәа ирыцҵан Гагра араион аҿы. Аҳәынҭавтоинспекциеи аекономикатә цәгьоурақәа рҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәеи игәарҭоит амашьынарныҟәцаҩцәа русшәҟәқәа – алицензиақәа, аҳасабырбатә хсаалагақәа, амҩатә бӷьыцқәа ҳәа рҳәеит Аеканомика аминистрраҟны. "Автомашьынатә мҩангарақәа русхк аҟны азакәанԥҵара аҭахрақәа рықәныҟәара амҩангаҩцәа зегьы рзы ихымԥадатәиуп", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы. Ареспубликаҿы ареидқәа мҩаԥыслоит апассаџьырцәа ршәарҭадара аиҿкаареи амаҵзурақәа рхаҭабзиара аизырҳареи рзы.
Пицунда Ақалақь амш аҽны аиармарка мҩаԥысит. Апавильонқәа ақалақьтә стадион аҿы идыргылеит. Раалыҵ ӡырыргеит атәыла еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи аҭыԥантәи аарыхыҩцәеи анапҟазацәеи. Аҭааҩцәа иаархәар рылшоит акыц иалху аалыҵқәа, амҿы иалху акҿыҩрамаҭәахәқәа, асахьақәа, ашәҭқәа, арыжәтәқәа, асезонтә шәырқәа, анапылаҟаҵаратә хәмаргақәа, аҵәы иахаҵаны иӡу ацә акәаци ахаа-мыхаақәеи ргьама рбар рылшоит. Ахәылбыҽха иазԥхьагәаҭоуп аԥсуа шәаҳәаҩцәеи, акәашаратә коллективқәеи злахәу аныҳәатә концерт. Аныҳәа салиут дула ихыркәшахоит.
Акарпыжәи ашьынкеи рҽаҩра аҭира иацу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит аԥыза-министр Владимир Делбеи Очамчыра араион ақыҭанхамҩаарыхыҩцәеи ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара. Аарыхыҩцәа ирҳәеит аҵыхәтәантәи хәшықәса рыҩнуҵҟа акарпыжә Аԥсныҟа аагара ԥшьынтә ишеиҵахаз. 2021 шықәсазы ареспубликахь иаларгалеит 1 674 тонна акарпыжә, 2025 шықәсазы — 396 тонн. Уи иаҳәоит ахатәы аарыхра амҽхак шацлаз, араионқәа рдыррақәа рыла, ҵыԥх Аԥсны еизыргеит 9 нызқь тонна инареиҳаны акарпыжә. Убри аан, аҽаҩра аҟалара аҿҳәара еиҭазгаз, 30% инареиҳаны илазырҟәыз ааԥынтәи аамҭа хьшәашәа иахҟьаны, аҳәаанырцәынтәи аимпорт сынтәа иазҳаит, уи иартәеит 642 тонна.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы Атурист-информациатә центр аатит. Атуризм аминистрра апроект амаҵзура ахаҭабзиара аизырҳара, атуристцәа атәыла ианаҭаа инаркны иманшәалоу анавигациеи адырраҭареи рсистема рзаԥҵара иазырхоуп."Ҳусзуҩцәа ареспублика иамоу аихьӡарақәа ирылацәажәалоит, зегь реиҳа иԥшӡоу, зегь реиҳа аинтерес зҵоу аҭыԥқәа, уахьцаша, иарбан транспорт хку ухы иаурхәаша ртәы еиҭеиҳәоит", — ҳәа азгәеиҭеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа. Иара иҳәеит, Ацентр аҿы атуристцәа хәыда-ԥсада асим-картақәа шырзыршало. Апассаџьыртә автомҩангарақәа рхылаԥшразы ареидқәа ирыцҵан Гагра араион аҿы. Аҳәынҭавтоинспекциеи аекономикатә цәгьоурақәа рҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәеи игәарҭоит амашьынарныҟәцаҩцәа русшәҟәқәа – алицензиақәа, аҳасабырбатә хсаалагақәа, амҩатә бӷьыцқәа ҳәа рҳәеит Аеканомика аминистрраҟны. "Автомашьынатә мҩангарақәа русхк аҟны азакәанԥҵара аҭахрақәа рықәныҟәара амҩангаҩцәа зегьы рзы ихымԥадатәиуп", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы. Ареспубликаҿы ареидқәа мҩаԥыслоит апассаџьырцәа ршәарҭадара аиҿкаареи амаҵзурақәа рхаҭабзиара аизырҳареи рзы. Пицунда Ақалақь амш аҽны аиармарка мҩаԥысит. Апавильонқәа ақалақьтә стадион аҿы идыргылеит. Раалыҵ ӡырыргеит атәыла еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи аҭыԥантәи аарыхыҩцәеи анапҟазацәеи. Аҭааҩцәа иаархәар рылшоит акыц иалху аалыҵқәа, амҿы иалху акҿыҩрамаҭәахәқәа, асахьақәа, ашәҭқәа, арыжәтәқәа, асезонтә шәырқәа, анапылаҟаҵаратә хәмаргақәа, аҵәы иахаҵаны иӡу ацә акәаци ахаа-мыхаақәеи ргьама рбар рылшоит. Ахәылбыҽха иазԥхьагәаҭоуп аԥсуа шәаҳәаҩцәеи, акәашаратә коллективқәеи злахәу аныҳәатә концерт. Аныҳәа салиут дула ихыркәшахоит. Акарпыжәи ашьынкеи рҽаҩра аҭира иацу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит аԥыза-министр Владимир Делбеи Очамчыра араион ақыҭанхамҩаарыхыҩцәеи ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара. Аарыхыҩцәа ирҳәеит аҵыхәтәантәи хәшықәса рыҩнуҵҟа акарпыжә Аԥсныҟа аагара ԥшьынтә ишеиҵахаз. 2021 шықәсазы ареспубликахь иаларгалеит 1 674 тонна акарпыжә, 2025 шықәсазы — 396 тонн. Уи иаҳәоит ахатәы аарыхра амҽхак шацлаз, араионқәа рдыррақәа рыла, ҵыԥх Аԥсны еизыргеит 9 нызқь тонна инареиҳаны акарпыжә. Убри аан, аҽаҩра аҟалара аҿҳәара еиҭазгаз, 30% инареиҳаны илазырҟәыз ааԥынтәи аамҭа хьшәашәа иахҟьаны, аҳәаанырцәынтәи аимпорт сынтәа иазҳаит, уи иартәеит 642 тонна.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/05/1064801165_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_cff1afdc1859b3a3ecf3c83d85b92324.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио