Мексика адгьылҵысра ҟалеит

CC0 / / Сейсмограф в работе
Сейсмограф в работе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Оахака амчрақәа иазгәарҭеит аԥсыҭбарақәа ыҟам аха аматериалтә ԥхасҭа рацәоуп ҳәа.

АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik. 7,2 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра аҭыԥ аман Мексикатәи аштат Оахака аҟны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости США агеологиатә маҵзурақәа рдыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны (USGS).

Адгьылҵысра ахыҵхырҭа аиланхарҭа ҭыԥ Пинотепа де Дон Луис инацәхыкны 37 километра рҟны иҟан. Иара адгьыл аҵан алаҟәра 24,7 километра иҟан.

Землетрясение в Мексике - Sputnik Аҧсны
Мексикатәи адгьылҵысраан иҭахеит 286-ҩык

Цунами адгьылҵысра ашьҭахь ишәарҭан иҟам ҳәа аанацҳауеит ацунами азы агәҽанҵаратә Центр (PTWC).

Оахака амчрақәа иазгәарҭеит аԥсыҭбарақәа ыҟам аха аматериалтә ԥхасҭа рацәоуп ҳәа.

Адгьыл шыҵысыз рнырит агәыларатә регионқәа рыҿгьы. РИА Новости акорреспондент ишааицҳауа ала зықьҩыла ауаа рыҩнқәа ирдәылҵит Мехико ақалақь аҿы.

2017 шықәса цәыббра 7 — 19 рзы Мексика аҭыԥ рыман адгьылҵысра дуқәа ҩба. Усҟан иҭахеит шәҩыла ауаа.

Атәыла Ахада Енрике Пениа Ньето арыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа рыхәԥса 48 миллиард песо (2,5 миллиард долларов) рҟынӡа ишьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0