Амҩа ҿыц: аҳҭнықалақь аҿы акаҭран ықәырҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукНовый асфальт в селе Нижняя Яштуха
Новый асфальт в селе Нижняя Яштуха - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адыгаа рымҩаҟны акаҭран ақәҵара иаҿуп Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраарала.

АҞӘА, жәабран 21– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь Адыгаа рымҩаҿы акаҭран ақәҵара хацыркуп иҳәеит Sputnik Аԥсны акорреспондент дзыҿцәажәоз Аҳәынҭеилакы "Аԥсныавтомҩа" адиректор хада Борис Ачба.

Акаҭран ақәҵара иалаган Аладатәи Иашҭхәантә, уажәы Аҟәа ақалақь Адыгаа рымҩахь илбааит.

"Амҩа аура 3100 метра ыҟоуп. Аусурақәа ирылаган 2017 шықәса рзы. Аԥхьа аӡымҩангагақәа шьҭаҵан, аӡцарҭақәа шьақәыргылан, уажәы амҩа ахҩарахьы ҳаиасит. Акаҭран ашьҭаҵара ҳалагеит жәабран 17 рзы", — ҳәа еиҭеиҳәоит Аҳәынҭеилакы "Аԥсныавтомҩа" адиректор хада Борис Ачба.

Иахьазы акаҭран ықәҵоуп 1500 метра иахьаҵанакуа, урҭ рҟынтәи 1300 метра ақыҭа Аладатәи Иашҭхәа иатәуп иҳәеит иара.

"Акаҭран ахәԥса иартәоит 20 миллион мааҭ, аӡцарҭақәа рыхәԥса иартәоит 9 миллион мааҭ. Акаҭран ақәҵара иалаган Аладатәи Иашҭхәантә, уажәы Аҟәа ақаалқь Адыгаа рымҩахь илбааит", — иҳәеит Борис Ачба.

Ишьақәыргылоу аграфик ала акаҭран ақәҵара хыркәшахароуп 2018 шықәса жьҭаарамзазы.

"Ҳара жьҭаарамза ҳазыԥшуам. Аԥаразоужьра шаамҩаԥгахалак ҳус иацаҳҵоит. Сгәы иаанагоит аусурақәа хымз рыла рхыркәшара алыршахоит ҳәа", — иазгәеиҭеит Ачба.

Амҩа акәзар, акыр еилаԥыххаан, аиҭашьақәыргылара аҭахыижьҭеи акрааҵуан.

"Адыгаа рымҩаҿы ишьҭаҳҵо акаҭран аҭбаара 6, 10, 11 метра инаӡоит аҿыгҳара 7 сантиметрак ыҟоуп, иашҭхәа иахьаҵанакуа амҩа 4 метрак инацны иҭбаахоит", — иҳәеит Борис Ачба.

Аусурақәа рбаланстә хәыԥса 30 миллион мааҭ инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0