Џьоџьуа: аҿар аррамаҵзура аинтерес рымоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРоланд Джоджуа
Роланд Джоджуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 23 рзы Урыстәыла иазгәарҭо Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш аҽны Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак далацәажәеит ареспубликаҿы аррамаҵзура аҿар шазыҟоу.

АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik. Жәабран 23 рзы Урыстәыла иазгәарҭо Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш аҽны Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Аԥсны Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Роланд Џьоџьуа далацәажәеит ареспубликаҿы аррамаҵзура аҿар шазыҟоу. Иара иажәақәа рыла иахьатәи аҿар иргәаԥханы арра ицоит, аррамаҵзурагьы аинтерес рымоуп.

Репетиция парада Победы на набережной Махаджиров - Sputnik Аҧсны
Цәыббра 30 рзы имҩаԥысраны иҟоу апарад иалахәхоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аруаа

"Гәамчла, гәабзиарала аҿар еиҳа азыҟаҵара рымазар ҳҭахын, аха иахьазы аспорт аҽазыҟаҵара ацынхәрас аҩны итәаны ҳаамҭазтәи агаджетқәа анрымпыҵырмыжьуа аамҭазы акгьы узҳәом. Урҭ зегьы аҿар ргәабзиара ҵыршәаауеит", — иҳәеит апресс-маҵзура аиҳабы.

Џьоџьуа иажәақәа рыла аҿыцнаԥхьара зауз аҿар рзы еиҳа иуадаҩны иҟоу адисциплина ақәныҟәареи изышьцылахьо ахымҩаԥгашьа аиҭакреи роуп.

"Ауадаҩрақәа ахьуԥыло аԥхьа-аԥхьа ауп: аррахь инарыԥхьаз шьаҭанкыла уаанӡатәи рыԥсҭазаара аиҭакра анрықәшәо. Арра иҟам ихы дақәиҭуп, ҳәаақәак иҽрыцҭеигӡаӡом. Усеиԥш иашьцылахьо изышьцылахьо ацәхьаҵра рҭахым. Арра уаҩ дааӡоит, даӡрыжәуеит. Дарбанызаалак иуалԥшьоуп ижәлари иԥсадгьыли рҿаԥхьа иуалԥшьа анагӡара", — иҳәеит иара.

Џьоџьуа иажәақәа рыла аррамаҵзурауаа ара иҟанаҵы рнапахьы иааргоит еиуеиԥшым азанааҭқәа.

"Арратә техника арныҟәцаҩцәа ироуеит алшара аграждантә ԥсҭазаараҿы иарбанызаалак амашьынарныҟәцаҩыс аусуразы. Аимадара ар рҟны иҟоу аспицифика ԥхьаҟатәи аԥсҭазаараҿгьы ахарххәара аиур алшоит", — иҳәоит Џьоџьуа.

Атәылахьчара аминистрра иахықәкы хаданы иҟоу аԥсадгьыл ахьчаҩ иааӡароуп, иазыҟаҵароуп, иахәҭаны ианыҟала ихгьы иҩызцәагьы рыхьчара илшартә иахәҭо ирҵароуп.

Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азгәарҭоит жәабран 23 рзы. Убри азы Урыстәыла Ахада Борис Ельцин 1995 шықәса хәажәкыра 13 рзы инапы аҵеиҩит Афедералтә закәан.

Ажәабжьқәа зегьы
0