Асахьаҭыхыҩ Витали Қацәба 65 шықәса ихыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукПерсональная выставка Елена Квеквескири в доме творчества "Айнар"
Персональная выставка Елена Квеквескири в доме творчества Айнар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ Витали Қацәба иира амш азы Sputnik Аԥсны арадио аҟны ирҿиаратә мҩа иаҵоу амаӡақәа ааиртит.

АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асахьаҭыхыҩ, ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" аиҳабы Витали Қацәба диижьҭеи 65 шықәса ҵит.

"Ҳара ҳхаан аҵара анаҳҵоз ашколқәа рҟны асахьаҭыхра уи аҟара аҵакы змоу акакәны иахәаԥшуамызт, уи аганахь ала ашколқәа иахьагьы ирыгоу ыҟазар ҟалап. Ашкол аҿы зегь реиԥш саргьы ак сҵәаӷәақәон, ак ҭысхқәон, са стәала бзиа избошәа сыҟан, аха уи арҵаҩцәа ирыцәӡашәа", — иҳәеит Витали Қацәба.

Ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны Аинар аиҳабы Витали Кацәба - Sputnik Аҧсны
Кацәба: ахәыҷы асахьаҭыхраҿы имазароуп ахақәиҭра

Егьырҭ ашколтә маҭәарқәа аматематика, химиа реиԥш иҟоу Витали Қацәба изы иуадаҩыз маҭәарқәан.

"Убри аҟынтәи асахьаҭыхра иаҳа сгәы иаҭахны сазнеиуан, аха рыцҳарас иҟалаз наҟ-наҟ аԥхьаҟа иаҭаху акоуп ҳа иҟаӡамызт арҵаҩцәа, зны-зынла уи азы аахақәа ансоуазгьы ыҟан", — дыччо игәалаиршәоит ишколтә аамҭа асахьаҭыхыҩ.

Ашкол даналга Витали Қацәба Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа дҭалеит.

"Уи ашьҭахь Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа сҭалеит, сагьалгеит 1984 шықәсазы, убрантәи нас аԥсуа театр ахь ақьаад сыцҵаны саашьҭын, иара уа сагьалагеит аусура. Аԥхьа асахьаҭыхыҩ иаҳасаб ала, анаҩс асахьаҭыхыҩ ҳәа", — иҳәеит уи.

Ихатәы рҿиара дахцәажәо Витали Қацәба ԥсуаҵас ишаԥу еиԥш, уи ахә ҳаракны ишьаӡом, иҟасҵас даара имаҷуп ҳәа ауп ишиҳәо.

"Раԥхьаӡа аԥсуа театр аҿы аусура саналага, Валери Михаил-иԥа Ақаҩба Москвантәи дхынҳәит, убас иҟалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду (1941-1945 шш.) 45 шықәса ахыҵра Бондарев иҩы мҭа "Аҿықә" иалхны аспектакль ақәыргылара раԥхьатәи сусумҭа ҳәа исыдыргалаз уи ауп", — ациҵеит иара.

Витали Қацәба исахьаҭыхымҭақәа ахатәы галереиақәа Италиа, Германиа, Канада, Швеицариа, Урыстәыла уҳәа аҳәынҭқаррақәа рҟны ирымоуп. Витали Қацәба Аԥсны иреиӷьу асахьаҭыхыҩ ҳәа ихьыӡ рҳәахьеит – 2006 – 2013 шықәсқәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0