Кацәба: ахәыҷы асахьаҭыхраҿы имазароуп ахақәиҭра

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" аиҳабы Витали Кацәба
Ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны Аинар аиҳабы Витали Кацәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 5 инаркны 9 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуа II Урыстәылазегьтәи аконкурстә пленер "Политра мира", Sputnik арадиоҿы далацәажәеит ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" аиҳабы Витали Кацәба.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

- Аԥснытәи ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинари" Урыстәыла ақалақь Липецк иҟоу Суриков ихьӡ зху асахьаркыратә школи шәҽеимаданы имҩаԥыжәгоит апленер. Ишԥамҩаԥысуеи иара, II Урыстәылазегьтәи апленер иаҿҳарԥшуазар излеиԥшымхои?

Апленертә усумҭақәа рконкурс Ҭагалан Аԥсны 2016 мҩаԥысуеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Апленертә усумҭақәа рконкурс "Ҭагалан Аԥсны 2016" мҩаԥысуеит Гагра

— Хә-шықәса ҵуеит аиҭанаиааира ҳамоуижьтеи Суриков ихьӡ зху Липецктәи асахьаҭыхратә школи ҳареи. Уа 600-ҩык инареиӡаны аҵара рҵоит. Есышықәса иаауеит, Аԥсны аҭыԥ ԥшӡақәа рҿы аус руеит, асахьақәа ҭырхуеит. Нас ҳцәыргақәҵатә зал аҿы русумҭақәа ахәаԥшцәа иддырбоит. 

Убас иҟалеит хә-шықәса раԥхьа ианааи ҳаргьы ҳхы рылаҳархәит. Мчыбжьыкгьы аамҭа ҳамаӡамызт, убри иҭагӡаны аус еицаҳуит, ацәыргақәҵагьы еицыҟаҳҵеит. Убри нахыс аамҭа азԥаҳҵәон ааԥынразы.

- Избан ааԥын залышәхуаз?  

— Ааԥын азы аԥсабара шәҭуеит. Маитәи аԥсшьара мшқәа рхы иархәаны иаауеит. Уи аамҭа рыҽҭагӡаны аус руеит. Ҵыԥх иалахәын 70-ҩык инареиҳаны Урыстәыла ақалақьқәа рҟынтәи ахәыҷқәа. Ҳара ҳҵараируҭа, ҳастудиа астудентцәагьы зегьы алархәны аус ҳуит ҵыԥх хәажәкырамзазы. Аконкурс алҵшәақәагьы цәгьамкәа иҟан. Аԥыжәара згаз аганахь инымхеит, аҳамҭақәа рыҭан, убас иманшәаланы имҩаԥысит. Сынтәагьы "Аинар" ахыбраҿы раԥхьакәны аартра мҩаԥысит. Ҳастудиақәа рҿы асахьаҭыхра иаҿуп ҳхәыҷқәагьы Урыстәылантәи иааз ахәыҷқәагьы. 

- Апленер аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭыхрақәа абамҩаԥыжәго? 

Арт-пленер ахыркәшаратә цәыргақәҵа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Арт-пленер ахыркәшаратә цәыргақәҵа мҩаԥысит

— Уаҵәы аботаникатә баҳчаҿы иҭыхлоит. Программала аӡиа Риҵа ҳамоуп, Афон ҿыц ахь ҳцоит.  Маи 9 рзы ацәыргақәҵа мҩаԥаҳгоит, иааҳартуеит асааҭ 12 рзы "Аинар" ахыбраҿы. Амза нҵәаанӡа ацәыргақәҵа аус аулоит. Изҭаху зегьы неины иахәаԥшыр рылшоит ахәыҷқәа русумҭақәа. 

- Ҩынтәуп апленер мҩаԥысуеижьтеи, аха излаздыруа сынтәоуп аконкурс аҳасабала ианымҩаԥыжәго? 

— Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳаиқәшәон, аус еицаауан, апленер ҳҽалаҳархәуан ҳаргьы. Аха сынтәа аицлабра аҟазшьа аҭаны имҩаԥаҳгарц хаӡбеит. 

- Хә-шықәса ҵуеит шәеиҭанеиааиуеижьтеи Суриков ихьӡ зху асахьаркыратә школи шәареи. Абри аиҿцаара иҟоу ҳхәыҷқәа рзыҳәан рсахьаҭыхратә техника аиӷьтәра аганахьала анырра анаҭоума? 

— Хымԥада, уи алҵшәа амоур ҟалаӡом. Маҷк Аԥсны анҭыҵ ацара ҳцәыуадаҩуп, еиҳагьы иуадаҩуп аҭакԥхықәра ганы, ахәыҷқәа уманы хара ацара. Аӡәымкәа-ҩыџьамкәа 20-30-ҩык уманы амҩа ақәлара гәаӷьыуацәоуп. Ҩбагьы – афинанстә ҭагылазаашьа иахҟьаны иуадаҩгәышьоуп, амузеиқәа ҳазбаӡом. 2-3 цәыргақәҵа мҩаԥызгахьеит Липецк. Ахәыҷқәа ҳазгом, аха избоит уа ишымҩаԥысуа асахьаҭыхшьа, раҳаракыра ахьынӡаҟоу. Уи ҳара ҳхәыҷқәа ирбар, хымԥада, даара ихәарҭа дуӡӡоуп. Аӡәи-аӡәи еиҿырҵаауа рацәоуп. Дара рызнеишьа рышкола хазуп, ҳа ҳтәы хазуп, аха аки-аки еицыланы алҵшәа аиуеит. 

Уажәы "Аинар" аҿы еилатәаны иахьҭыхуа аӡәы иҭихуа егьы хымԥада дахәаԥшуеит, уи аҩыза иара иҟаиҵаӡом, аха ихәаша акы игоит. Абас еицхыраауеит. Урыстәылатәи ахәыҷқәагьы арантәи иргоит ирыхәаша. Ахақәиҭра роуеит. Ацәыргақәҵаҿы ианцәыраҳгалак аҭаацәагьы оумашәа ирбоит. Аусумҭа аԥырҵеит, аха ахәаԥшҩы иҟынӡа азнагашьа уигьы культура дуӡӡоуп ҳәа сахәаԥшуеит. Уигьы ишахәҭоу аҳаракыра аҭаны ианрызнаугалак, акапангьы аҽакала иҟалоит. Агәра згоит апленер алҵшәа бзиа шаиуа. 

- Асахьаҭыхҩцәа қәыԥшцәа иарбан хақәиҭроу ироуа апленер аҿы аусура иабзоураны?

Арт-пленер ахыркәшаратә цәыргақәҵа мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Арт-пленер ахыркәшаратә цәыргақәҵа мҩаԥысит

— Зегьы раԥхьаӡа иргыланы ихы агәра игароуп, дымшәо-дмырҳауа. Сара ианакәзаалакгьы сҵаҩцәа, астудентцәа санрацәажәо ирасҳәоит, ушәаԥырҳаԥуа иҟауҵо иарбанзаалак акгьы алҵуам ҳәа. Ибжьысыр хьаас ишәымкын, ақьаади ашәыгақәеи рацәоуп, убри есымша ирасҳәоит. Иумбац ианакәзаалак уацәшәоит. Егьырҭ еиҳа еиӷьны иҭырхуеит, сара сыԥсыҽуп ҳәа агәаанагара аниоу ахәыҷы, уи иԥырхагамзар, изеиӷьӡам. Убри агәаанагара дацәцарц азы, иара иқәлацәа шҭыхуа ибар, дышреицәам ибар аҽакала иус дазнеиуеит. Ҳара ҳхәыҷқәа аӡәгьы еицәаӡам, ԥсабарала ирылоуп аҟазара. Арҵаҩцәа раҳасабала игәаҭан ирылоу абаҩхатәра игәаҭаны, иазырҳаны ԥхьаҟа шьаҿа-шьаҿа иҳаздәықәҵар, ихадоу хықәкуп ҳа ҳзы. 

- Ацәыргақәҵаҿы иҟало аусумҭақәа руак ахәаԥшҩы игәаԥхаз ааихәартә алшара иоуама? 

— Уи аҩызагьы ҳақәшәахьеит, ишәасҳәоит. Ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" 15-шықәса анахыҵ ацәыргақәҵаҿы аусумҭақәа рацәаны иргәаԥхеит. Иаархәар рҭаххеит. Мап ацәаҳамкӡеит. Амала, аԥарала акәымкәа, убас еиԥш иҳаӡбеит, асахьаҭыхгатә маҭәарқәа рыла аиҭныԥсахрала. Убас иагьыҟаҳҵеит. Уи цәгьаӡам, азин шәымоуп ус "аахәара". 

- Ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" ацәыргақәҵа ҳәа кыр шәгәы иҭоума апленер ада? 

— Маи нҵәаанӡа апленер аҿы иҭырхуа асахьақәа цәыргақәҵахоит. Цәыббрамзазы аҵара иацырҵоит ахәыҷқәа. Есышықәса аҵаратә шықәса ахыркәшамҭаз имҩаԥаҳгоит аихшьаалатә цәыргақәҵа рашәарамза 1 азы. Аха сынтәа заанаҵы иҳаӡбеит ари конкурс-апленер ацәыргақәҵа иалаҳҵарц ахәыҷқәа русумҭақәагьы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0