Приморсктәи аԥжәара ахҟьа-ԥҟьақәа рҭыԥ ақәҵара иаҿуп

© SputnikВид на дома в селе Приморское в районе взрыва. Кадры с беспилотника
Вид на дома в селе Приморское в районе взрыва. Кадры с беспилотника - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит Приморск ақыҭаҿ Атәылахьчара аминистрра аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҿ аҭыԥ змаз ахҭыс инамаданы.

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Миллион квадрат ԥшьыркца рҟынӡа аҵакыра рыцқьоуп Приморск ақыҭаҿ Атәылахьчара аминистрра аџьаԥҳанышьҭаҵарҭаҿ аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь ҳәа адырра ҟалҵеит Аԥсны Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡыԥҳа.

"Аԥсны иҟоу Halo Trust апрограмматә менеџьер Исмет Заде аилацәажәара алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит иԥжәар зылшо амаҭәарқәа рҟынтәи аҵакырадгьыл арыцқьара шымҩаԥысуа. Иахьазы Halo Trust ацхыраарала миллион квадрат ԥшьыркца рҟынӡа аҵакыра рыцқьоуп", — ҳәа еиҭалҳәоит Аҩӡыԥҳа.

Ахада ипресс-маҵзураҿы ишырҳәо ала Рауль Ҳаџьымба Аԥыза-министр инапы ианиҵеит ареспублика абиуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра-цҵа мҩаԥигарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0