Ачба: апрокурорцәа рраионқәа рҟны изакәаным аргыларақәа рзы аҭакԥхықәра рыдлоит

© Sputnik Бадрак АвидзбаКоллегия Генпрокуратуры Абхазии по проделанной работе за 2017 год
Коллегия Генпрокуратуры Абхазии по проделанной работе за 2017 год - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны апрокуратура Хада аколлегиа мҩаԥысит аԥшьаша, хәажәкыра 15 рзы. Аколлегиа азкын 2017 шықәсазтәи русура аихшьаалақәа.

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аколлегиаҟны Аԥсны апрокурор Хада Зураб Ачба иҳәеит араионқәа рпрокурорцәа аҭакԥхықәра рыдҵахоит рнапаҵаҟа иҟоу араионқәа рҟны изакәаным аргыларақәа рганахь ала ҳәа.

"Имҩаԥааго аусурақәа азхоны иҟам азеиԥш хылаԥшра аганахь ала. Арахь иаҵанакуеит азакәаншьаҭа амамкәа имҩаԥырго аргыларақәа, адгьылтә ҭыԥқәа рыҭара", — иҳәеит иара.

Ачба иажәақәа рыла атәыла Ахада изакәаным аргыларақәа анаҳирбо ҳара ҳзы иԥхашьаразароуп ҳәа.

"Атәыла Ахада "аекскурсиақәа" ҳзымҩаԥиго уажәшьҭарнахыс иҟамлароуп. Уи ҳара ҳзы иԥхашьарахароуп. Изакәанымкәа аргыларақәа шымҩаԥысуа араион ахадараҿ аума, аусбарҭақәа роума, апрокурор иоума ирыздырам. Атәыла Ахада уахь ҳнапы ҳанкны ҳнаганы иаҳирбалароума. Гагра, Гәдоуҭа уҳәа егьырҭ араионқәа рпрокурорцәа ишәасҳәоит ԥхьаҟазы араионқәа рхадацәа инарываргыланы аҭакԥхықәра шшәыдло", — иҳәеит иара.

Зураб Ачба иазгәеиҭеит аилагарақәа ианаамҭо азхьаԥшра шрыҭалатәу.

"Ҳара ҳнеиуеит ауаа аҩны абжеиҳарак андыргыла ашьҭахь, мамзаргьы иргыланы ианалга ашьҭахь. Иҟашәҵаз азакәан шьаҭа амам ҳәа арҳҳәоит. Уаанӡа ҳабаҟаз. Зегьы сшәыҳәоит шәнапы иану аус ишахәҭоу еиԥш инашәыгӡаларц", — иҳәеит Ачба.

Рауль Ҳаџьымба 2017 шықәса мшаԥымзазы Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аҵакыраҿы ззин ыҟамкәа изҿыз аргыларақәа дырҭааны ибеит. Уи ашьҭахь иара имҩаԥигеит анҭыҵтәи аилацәажәара, адҵагьы ҟаиҵеит изакәанымкәа идыргылаз ахыбрақәа зегьы шьаҭанкыла иқәыргаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0