Басариа: абонентцәа ируалԥшьоуп афымцамч ҭазыҩуа ашәага-зага

© Sputnik Бадрак АвидзбаГодовой отчет "Черноморэнерго"
Годовой отчет Черноморэнерго - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа аусбарҭа 2017 шықәсазтәи русура еихишьаалеит.

АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абонентцәа зегьы ируалԥшьоуп афымцамч ҭазыҩуа ашәага-зага иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа аусбарҭа 2017 шықәсазтәи русура еихшьаало.

Инал Лазба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лазба: афымца ахархәаразы аԥара аизгара ауадаҩрақәа ацуп

"Абри ашьҭахь ҳусзуҩцәа неиԥхьароуп апломба аархаразы. Закәанла абасеиԥш аус шьақәыргылатәуп, аха ирацәаҩуп азакәан еилазго. Иҟоуп ҳара ишҳадымгьы аԥхьаӡага мыруга аахәаны ианықәҳаргыло", — иҳәеит Басариа.

Иара убри аан АУН "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа иқәдыргыло аԥхьаӡага ианыло ахәԥса зегьы иршәоит ҳәа узҳәом.

Иҟоуп аҭыԥ аҿы акәымкәа зеихшьаалақәа убо аԥхьаӡагақәа. Аха урҭ рыхәԥса 4 нызқь инаркны 10-12 нызқь рҟынӡа инаӡоит.

Арҭ рҩызцәа аԥхьаӡагақәа ахьықәгыло изтәу афымцамч ахәԥса имшәозар афымцамч аанукылар алшоит. Убри азы араҟа аԥареизгара аҩаӡара 83 — 87% инаӡоит иҳәеит Басариа.

"Аха абриаҟара зыхәԥса ҳараку ашәага-загақәа злааҳхәо аԥара абаҳаԥшаари", — иҳәоит иара.

Иахьа АУН "Амшынеиқәафымцамч" абонентцәа рбазаҿы иқәгылоуп 104 000-ҩык абонентцәа, урҭ рҟынтәи 10 000-ҩык ирзықәыргылоуп ашәага-зага ҿыцқәа.

Аслан Басариа иара убасгьы иҳәеит афымцамч ахәԥса аекономикатә шьаҭа шамам, ишыларҟәу.

"Зегьы еилыркаауеит атәылауааи аҳәынҭқарреи еивагыланы абри аус аҭыԥ иқәрымҵар шамуа", — иҳәеит иара.

Афымцамч ахархәаҩцәа 2017 шықәсазтәи руал иартәоит 281 миллион мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0