Адиетолог: авитаминқәа хылаԥшрада рыдкылара аԥырхага унаҭоит

CC0 / Pixabay / Белые таблетки в бутыльке
Белые таблетки в бутыльке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааԥынтәи авитаминози ауаҩытәыҩса ицәа-ижьы аҟны авитаминқәа рмыцхәреи ртәы далацәажәеит радио Sputnik Аԥсны аефир аҟны аҳақьым-диетолог Аелита Шьакаиаԥҳа.

АҞӘА, мшаԥы 2– Sputnik. Авитаминқәа хылаԥшрада рыдкылара аԥырхага унаҭоит лҳәеит адиетолог Аелита Шьакаиаԥҳа. Лара лажәақәа рыла апрактика иунарбоит авитаминтә комплексқәа рыдкылара бзиа ишырбо дара зҭахны иҟам ауаа.

Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
Скорик: аимҳәа алаҵа хра аманы ахы аанарԥшит

"Иҟалап уи аӡыргара, аларҵәара ирыдҳәалазар. Еиуеиԥшым аалыҵ аҭраҿгьы лассы-лассы иубоит аилазаара авитаминқәа 30-40 процент алоуп ҳәа. Гиповитаминоз ма авитаминоз шәымамзар, арахь шәара авитаминтә комплексқәа шәыдышәкылозар, ибзиоу ахь шәкылнагом. Убри азы хымԥада аҳақьым иҿцәажәатәуп", — лҳәеит Шьакаиаԥҳа.

Адиетолог иазгәалҭеит авитаминоз адиагноз аҳақьым шиакәу иқәзыргылаша.

"Лассы-лассы ааԥсара, ацәакра уҳәа реиԥш иҟақәоу авитаминоз иадырҳәалоит. Зны-зынла урҭ зыхҟьо авитаминоз акәӡам. Ус шакәу ашьақәыргыларазы ашьа рыҭатәуп. Ашьа иунарбоит авитаминқәа рхыԥхьаӡара. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы еиуеиԥшым авитамин нормақәа ыҟоуп. Аиҳарак авитаминқәа зҭаху ахәыҷқәа, абыргцәа, зцәа зтәым аҳәса роуп", — лҳәоит аҳақьым.

Авитаминқәа рдефицит ахарҭәааразы ашәыри ауҭраҭыхи уфатә иалазароуп лҳәоит адиетолог. Лажәақәа рыла лара илҭаалоит апациентцәа, авитаминоз акәымкәа агиповитаминоз змоу (иарбанызаалак витамин хкык азымхара аныҟоу).

"Ауаҩ ифатә еиуеиԥшымзароуп. Аиҳаракгьы ахәыҷқәа. Урҭ ишыхәыҷқәоу иаршьцылатәуп ирхаҳауа афатә абзиабара. Ачипсқәеи асухарқәеи анаашәхәо урҭ рцынхәрас ашәыри ауҭраҭыхи рзаахәалатәуп. Ихәыҷнаҵы агьама ркыр, идухаргьы ирфалоит", — лҳәеит адиетолог.

Ааԥынразы ауаа еиҳарак ахьҭаларақәа ихҭаркуеит, уи аан аҳақьымцәа уи авитаминоз иахдырҟьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0