Скорик: аимҳәа алаҵа хра аманы ахы аанарԥшит

© Foto / Александр Кондратюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедицинский работник делает укол
Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо далацәажәеит аимҳәачымазара аганахь ала Аԥсны аҭагылазаашьа шыҟоу атәы.

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik. 2017 шықәса ҭагалан ареспубликаҿы имҩаԥысит аимҳәазы алаҵа аҟаҵара. Алаҵа хра аманы ахы аанарԥшит лҳәеит Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо.

Щазина Хурхумал - Sputnik Аҧсны
Аҳақьым: алаҵа авирустә гәаҵәкра ԥнарҟәҟәаауеит

"2017 шықәса ҭагалан ареспубликаҿы имҩаԥысит алаҵаҟаҵара, Агәабзиарахьчара аминистрра анапхгарала. Арахь иааган 15 000 рҟынӡа вакцина. Ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи алаҵа рзыҟаҵан. Убри иахҟьаны ҳара ҳҿы аепидемиатә цәаҳәа иахысмызт. Иҟан алаҵа мап ацәызкызгьы, аха урҭ рхыԥхьаӡара маҷын", — лҳәеит лара.

Скорик иазгәалҭеит аимҳәеиԥш ишыҟоу егьырҭ авирустә чмазарақәагьы.

"Ҳара авирустә инфекциақәа зегьы еимҳәоуп ҳәа рзаҳҳәоит. Аха аимҳәа – еимҳәоуп, авирустә чмазара – вирустә чмазароуп", — лҳәоит Скорик.

Аимҳәа ашьҭахь 7-14 мшы рыҩныҵҟа аинфекциа ахы цәырнагоит.

"Зегь рахь ааԥхьара ҟасҵоит ҳаԥхьаҟа, ҭагалан азыимҩаԥаагараны ҳаҟоу алаҵаҟаҵара акциа шәхы алашәырхәырц. Заанаҵы ахыхьчара еснагь еиӷьуп аҽыхәышәтәра аасҭа. Уажәазы ҳара ҳахь еимҳәа чымазара хкык аара иаҿуп ҳәа сызҳәом, ааԥынразы ауаа риммунитет шылаҟәугьы. Убри азы бжьагарак аҳасаб ала ишәыдызгалоит еиуеиԥшым аргәыцқәа ирылхны аиҵарԥхьақәа, акомпотқәа шәыжәларц. Еиҳаракгьы авитамин С злоу аргәыцқәа (ашьхарпаҿ, ажьынҵәры, аҷыҷҳәаса, аҷархан) роуп ихәарҭоу", — ҳәа еиҭалҳәоит аҳақьым.

Лара иара убасгьы иазгәалҭоит аамҭа иақәшәо аҽеилаҳәара шахәҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0