Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" Санкт-Петербургтәи аиндаҭлараҿ аиааира агеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Каданс"
Ансамбль Каданс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы конкурс-фестиваль "Будущее планеты" мҩаԥысуан Санкт-Петербург, хәажәкыра 26 - 31 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 3– Sputnik. Авокал-инструменталтә ансамбль "Каданс" Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы конкурс-фестиваль "Будущее планеты" аҟны аиааира агеит иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз ансамбль "Каданс" анапхгаҩы Алик Алавердиан.

© Фото : личный архив"Каданс" призер фестиваля "Азбука Искусств"
Каданс призер фестиваля Азбука Искусств - Sputnik Аҧсны
"Каданс" призер фестиваля "Азбука Искусств"

Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы конкурс-фестиваль "Будущее планеты" мҩаԥысуан Санкт-Петербург, хәажәкыра 26 — 31 рзы.

"Ҵыԥх, абҵарамзазы Пушкино имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы қәҿиарала ҳақәгылара ашьҭахь ҩба-хԥа мчыбжьы ааҵуаны ари афестиваль ахь ааԥхьара ҳауит. Ҳаргьы уи гәахәарыла иҳадаҳкылеит" — иҳәеит иара.

"Каданс" Санкт-Петербург ансамбльк аҳасаб ала ақәгылара адагьы иара алахәылацәа ԥшьҩык еиуеиԥшым ашықәс-категориақәа рҿы иқәгылеит.

"Актәи аԥхьахә алауреат ҳәа ажиури далыркааит Ариана Мамацева, (15 — 17 шықәса зхыҵуаз рыбжьара). Камилла Кәарацхьелиаԥҳа лакәзар ахԥатәи аԥхьахә далауреатхеит (18 — 20 шықәса зхыҵуа рыбжьара). Сариа Черқьезиаԥҳа актәи аԥхьахә адипломант ҳәа лыхьӡ рҳәеит (12 — 14 шықәса зхыҵуаз рыбжьара). Арина Жукова ахԥатәи аԥхьахә далауреатхеит (10 — 12 шықәса зхыҵуаз рыбжьара)", — иҳәеит ансамбль анапхгаҩы.

"Каданс" ансамбльқәа рыбжьара иреиӷьу ҳәа иалыркааит. Алик Алавердиан иҳәеит аиндаҭлара аҩаӡара ҳарак шамаз.

"Апрограмм ҭбаа еиҿкаан. Хәажәкыра 30 рзы ҳара афестиваль аԥхьахә хада Гран-при ҳаураны иҟан, аха иҟаз ҭагылазаашьақәак ирыхҟьаны ҳара аҩныҟа ҳаар акәхеит, иаҳтәхашаз Гран-при Ҟазахстан ианашьахеит", – иҳәеит Алавердиан.

Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы конкурс-фестиваль "Будущее планеты" мҩаԥысуан Санкт-Петербург, хәажәкыра 26 — 31 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0