Алхас Ферзба иконцерт мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукСольный концерт Алхаса Ферзба
Сольный концерт Алхаса Ферзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 4 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит Алхас Ферзба иконцерт.

АҞӘА, 5 апр – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Сергеи Рахманинов иромансқәа 17 афортопиано азы ҩ-рҿиамҭаки нарыгӡеит ашәаҳәаҩ Алхас Ферзбеи Аҟәаәти амузыкатә ҵараиурҭа арҵаҩы Асҭанда Џьыкырԥҳаи.

Пресс-конференция о сольном концерте Алхаса Ферзба - Sputnik Аҧсны
Алхас Ферзба иконцерт мҩаԥгахоит Аҳәынҭқарратә филармониаҿы

Аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениаԥҳа Алхас Ферзба дихцәажәо илҳәеит иара Москватәи академиатә филармониеи Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториеи дшырсолисту.

"Абасала еицырдыруа ашәаҳәаҩ иԥсадгьыл аҿы уаанӡа асолотә концерт мҩаԥимгацызт. Иара убри аан иара иреиӷьу аконцерттә плошьчадкақәа рҟны дықәгылоит. Иахьатәи идебиут, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа асолист иҳасаб ала, агәышьҭыхра ҳнамҭарц алшом. Алхас дицықәгылоит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа арҵаҩы Асҭанда Џьыкырԥҳа", — лҳәеит лара.

Апрограмма иалоуп Сергеи Рахманинов иромансқәа 17 афортопиано азы ҩ-рҿиамҭаки.

"Сынтәи иҵуеит акомпозитор диижьҭеи 145-шықәса. Сергеи Рахманинов аурыс композиторҵәҟьа ҳәа дыршьоит. Иара иаку амузыка астиль аԥҵаҩцәа дреиуоуп. Рахманинов иромансқәа зегьы иҩит 1917 шықәса рзы Урыстәылантәи данықәҵуазынӡа. Иааидкыланы иара иҩит 80 романс", — ҳәа еиҭалҳәоит Џьениаԥҳа.

Урҭ рҟынтәи 17 романс аԥсуа сцена иқәҩит. Апрограмма аанартит ароманс "О, нет, молю, не уходи" (ажә. Мережковски).

Аҩбатәи ароманс "В молчании ночи темной" (ажә. Фет) ашьҭахь асценахь ашәҭқәа рыманы ихало иалагеит.

Алхас Ферзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ферзба раԥхьатәи исолатә концерт азы: сгәы иҭаскыижьҭеи акырҵуан

"Иахьаҟара ашәҭшьыҵәрақәа рацәаны асценахь ихаргало сымбацызт. Иагьџьасшьеит, иагьсгәаԥхеит. Рахманинов ароманс ссирқәа иҩуан. Алхас Ферзба ишынеигӡазгьы акыр исгәаԥхеит. Зегь раасҭа исгәаԥхаз ахәаԥшцәа роуп, анапеинҟьарақәа роуп, ҵҩа змамыз ашәҭшьыҵәрақәа роуп" — иҳәеит Константин Ҭыжәба.

Аԥсуа шәаҳәаҩы инеигӡеит аромансқәа "Давно в любви отрады мало", "Не верь мне, друг", "Я опять одинок", "Дитя, как цветок ты прекрасна", "Проходит все", "Вчера мы встретились", "Весенние воды" уҳәа ирацәаны.

Аконцерт ахыркәшамҭазы Алхас Ферызба инеигӡеит Сергеи Рахманинов иопера "Алеко" аҟынтәи Алеко икаватина.

Аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениаԥҳа ашәаҳәаҩ изеиӷьалшьеит апрограмма ҿыцқәеи иԥсадгьыл лассы-лассы иаҭаареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0