АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Зых иақәиҭу ақәԥаразы аԥснытәи аспортсмен Асланбек Гәарамиа 79 кьыла зыкапан наӡо рыбжьара ахьтәы медал ианашьахеит ҳәа ҳзааицҳаит аспортсмен иазыҟаҵаҩ Ҭимур Џьопуа.
Аԥсуа спортсмен Гьаргь Адлеиба (иазыҟаҵаҩ Ҭимур Џьопуа) 61 кьыла зкапануаз рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, аразны медалгьы ианашьахеит.
"Гьаргь хә-еисарак мҩаԥигеит. Афинал аҿы даҵахеит, аҩбатәи аҭыԥ иоуит. Ишьахәны дықәгылан Даҭо Лазба иазыҟаиҵоз Асҭамыр Гәынбагьы", — иҳәеит Џьопуа.
Атурнир лыԥшааратә турнирын.
"Ачемпионат аҩаӡара ҳаракын. Актәи аҭыԥ аанызкылаз Адунеи ачемпионат ахь днеиуеит, аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз – Европа ачемпионат ахь. Аԥсуа спортсменцәа уажәшьҭа Урыстәыла акоманда иалахәны иқәгылоит", — иҳәеит иара.
Европа ачемпионат мҩаԥысуеит Рим, Адунеи ачемпионат – Словакиа.