Аҭоурых ашьҭа: Аполлон Думаа игәалашәарақәа

© Sputnik / Валерий Шустов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДолгожители из абхазского села Джгерда
Долгожители из абхазского села Джгерда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳажәлар ирхыргахьоу аҭоурыхтә хҭысқәа, иахьа уажәраанӡа имырӡӡакәа иааргоит, еизҳауа абиԥарақәа ирымардоит. Убас еиԥш, ирацәоуп, Очамчыра араион абыргцәа рхеилак аиҳабы, хатәгәаԥхарала ажәытә жәабжьқәа ҭызҵаауа, урҭ рахьтә имаҷымкәа урҭ ирхаану, насгьы ақьаад ахь ииазго Аполлон Думаа иидыруа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ишырҳәо еиԥш, ажәлар рҳәамҭақәа иҭамбаӡо ӡыхьуп. Ҳажәлар ирхыргахьоу аҭоурыхтә хҭысқәа, иахьа уажәраанӡа имырӡӡакәа иааргоит, еизҳауа абиԥарақәа ирымардоит. Убас еиԥш, ирацәоуп, Очамчыра араион абыргцәа рхеилак аиҳабы, хатәгәаԥхарала ажәытә жәабжьқәа ҭызҵаауа, урҭ рахьтә имаҷымкәа урҭ ирхаану, насгьы ақьаад ахь ииазго Аполлон Думаа иидыруа. Иара инапы иҵижьхьоу ашәҟәқәа рҟны аԥхьаҩцәа ирыдигалоит 1930-тәи ашықәсқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа аҭоурых иарҿиаз ахҭысқәа, аҿар рымҩақәҵараҿы алкаақәа. Ажәлар рыламыси рҟәышреи идырҿиаз, иааидкыланы рыԥсҭазаара мҩақәызҵо акакәны дахәаԥшуеит Аԥсуара.

Апполон Думаа - Sputnik Аҧсны
Аполлон Думаа: аԥсуа ишьҭа еснагь аԥсуа дгьыл иануп

Аполлон Думаа иаҳзеиҭеиҳәеит, 1905шықәсқәа рзы, Иосиф Виссарион-иԥа Сталини, иҩыза Андреи Рухаӡеи, аӷба рҳәны, Ҭхьына, Зорбақь Ӡаԥшь-иԥа иҿы рхы шамардоз. Изҭааз аԥшәмацәа брагьцәақәак раҳасабла рхы ддырбеит. Ҭхьынаа раҳ изныҟәымго дыҟазма, мышқәак иҟанаҵы ҳмилаҭ аетикет ишаҵанакуаз ала иныҟәыргеит.

"Зорбақь иԥшәмаԥҳәыс Катиа Инал-иԥа, ирзеиҭалҳәеит Аԥсны аҳ Ҳамыҭбеи Чачба рыҩны дшыҟаз, нас дшырбаандаҩыртәыз. Ахҭыс ираҳаз ргәы еиҭнарԥазар акәхап, Ҭхьынантәи Арасаӡыхьҟа аишьцәа Қапаа рахь ицеит, Қап Еқәыԥ иԥа Сиԥана иакәын имҩаԥызгоз", — ажәабжьҳәара дналагеит Аполлон Думаа.

Изларҳәо ала, Қапаа анхацәа нагақәа ззырҳәоз ракәын, зыуаҩреи зчеиџьыкеи ҳаракыз уаан. Еқәыԥ хәҩык аԥацәеи фҩык аԥҳацәеи иман. Қапаа рҿы мышқәак иҟан Сиԥана иааигаз ақәылаҩцәа. Нас, шьхала мацарала, Еқәыԥ иԥа агәыбжьанытәи, Ӡаӡ Агрбеи, хаҵаки, Сталин Егры аӡы дырганы дрышьҭит.

"Анкьа Арасаӡыхь инхоз абыргцәа Ҭемыр Амҷбеи, Машьышь Шамбеи изларҳәоз ала, Андреи Рухаӡе Арасаӡыхь даангылеит. Заб иҩны ашә аазыртуаз, хаҵа имцацкәа иҟаз Ламиаԥҳак, дылхадыртәеит. Ҩыџьа аԥҳацәа рхылҵит. Аиҳабы Батул Багаҭелиа иԥшәма лакәын. Рыԥҳа аиҵбы Делбак диман", — игәалаиршәоит Думаа.

Усҟантәи аамҭазы, Ӡаԥшьааи, Қапааи рыҷкәынцәа ари ауаҩ гьангьаш иаразнак иҭыԥ дықәрымҵоз, аԥхьаҟа ҳауаажәлар раӷьырак нирҵәараны дшыҟаз рдыруазтгьы.

"Зорбақь Ӡаԥшь-иԥа иҷкәынцәа қәыԥшцәа: Таташь, Грышьа, Володиа, 1930-тәи шықәсқәа ралагамҭазы, харада ахара рыдҵаны иҭаркит. Ран Катиа Иналԥҳа, аԥхьаӡа даныбрагьуаз дыздызкылаз, ашәҟәы изылҩыз дагьахамыӡгылеит. Иахьҭакыз ианыршь, ахҩык аишьцәа рыбаҩгьы лырымҭеит", — ахҭыс џьбарақәа дырзааҭгылоит Аполлон Думаа.

Аполлон Думаа, иара убас иазгәеиҭоит, аҳ Заганбеи Мсоусҭ- иԥа Маршьан хазына дыкны дышҭаркыз, Урыстәылаҟа дшахыргаз. Иԥшәма Гәыџ Ӡаԥшьԥҳа уигьы дҭаркит. Фышықәса лыхганы абахҭа данҭыҵ, лхаҵа Заганбеи жәашықәса зықәҵаны иахгаз дыԥсит. Лхаҵа иԥсыбаҩ аагара дахьцаз аԥсы длырымҭеит.

"Анышә дахьамардаз лыԥшаан, цәгьаԥсышьала, ламыс змаз ԥҳәыск дыԥшааны, аԥара лылҭеит анышәынҭра дахылаԥшларц, лара лыԥсы лыманы лхәыҷқәа рахь лыҩныҟа дгьежьит. Лабхәында, Абжьыуаа раԥхьа игылаз Дырмит Маршьан, уигьы Баҭым дҭакын, уантәиНхыҵ-Кавказҟа дахыргеит", — ҳәа азгәеиҭоит ажәабжьҳәаҩ.

Абас рзиуит Сталин ацәгьара уны раԥхьа дызҭааз, дныҟәызгаз, насгьы аихьӡара амҩа бзиахь дықәызҵаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0